Авертолиотқәа рекипажқәа аҳауаҟынтә амотохысцәа ирыцхраауеит

Аруаа ргәаҭараан аус рыдулахоит арратә база аруааи Аԥсны Арратә мчқәа рыруааи реинырра азҵаара.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Аԥшыхәра-жәыларатә вертолиотқәа Ка-52 "Аллигатор" Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә база аруаа рмотохысратә ҟәша рыцхыраара иазырхоуп аплантә тактикатә ҵара-ҽазыҟаҵарақәа раан ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Шәачатәи акваториаҿы антитеррористтә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит

Аокруг ВВСи ПВОи рырратә авиациа авертолиотқәа "аӷа" дҭадырхароуп аиҿагылара аԥхьатәи ацәаҳәаҟны. Дара рыхьчарала атанкныҟәцаҩцәеи амотохысцәеи инеиҵыху арҵара-еибашьратә усдҵақәа нарыгӡоит.

Зынӡа аҵара-ҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит 1,5 нызқьҩык рҟынӡа аруаа, 500 ак аибашьыгатәии иҷыдоуи атехника, атанкқәа Т-72Б3, акәылӡы зқәу атранспартиорқәа БТР-82АМ абрахь иналаҵаны.

Аплантә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы абжазы аполигонқәа: Гәдоуҭа, Ҵабал, Нагвалоу рҿы ашьхараҿи амшын аԥшаҳәаҿи.

Аладатәи арратә округ ар ргәаҭара иадыԥхьалоуп Амшынеиқәатә флоти Каспитәи афлоти. Аҽазыҟаҵарақәа рыхәшьара мҩаԥыргоит арратә усбарҭа анапхгаҩцәа рыла ишьақәгылоу акомиссиа.

Аладатәи арратә округ ар ргәаҭара азырхоуп разыҟаҵара аизырҳара, аруаа роперативтә хиара, аҵарақәеи аҽазыҟаҵарақәеи рформақәа реиӷьтәра алыршара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: