Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа "Саянский марш" иалахәхоит

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКонкурс "Морской десант" в Приморском крае
Конкурс Морской десант в Приморском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2021
Анапаҵаҩра
АрМИ-2021 аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп 15 тәыла рҿы 34 конкурса еицлабра рымҩаԥгара. Аицлабрақәа ирылахәхоит 95 тәыла. "Саянский марш" актәи аицлабра мҩаԥысуеит мшаԥы 14 - 17 рзы Красноиарсктәи атәылаҿацә аҿы, аҽазыҟаҵарҭа "Ергаки" аҟны.

АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа апрактикатә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит аицлабра "Саянский марш" иалахәхарц азы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Аԥснытәи аррамаҵзурауаа раԥхьаӡа акәны ирылахәхоит арҭ аицлабрақәа. Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа Аԥснытәи акоманда алахәылацәеи анапхаҩцәеи ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит.

Аицлабра алахәылацәа маха-шьахала азыҟаҵара бзиа рымазароуп, ахысразы ахәшьара ҳаракқәа рзықәгылазароуп, иара убасгьы – ашьхашәҩатә зыҟаҵара апрограмма иахысхьазароуп.

Аицлабра апрограмма 11 етап рыла ишьақәыргылоуп. Дара ирзыԥшуп асыԥса иагаз еиқәырхара, ашьхаҿҟьара ашәҩақәа рыла албаара, аԥшыхәра амҩаԥгара, ашәҩа ианықәныҟәо ахысра амҩаԥгара.

2020 шықәсазы аминистрра акоманда рылахәын аицлабрақәа: "Атанктә биатлон", "Абџьарҟаҵаҩ ҟаза", "Адәынтәи ахәыҟаҵарҭа". Иалахәын амилаҭтә культурақәа рфестиваль "Ҳәаа змам аиҩызара".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0