Аԥсны Атәанчахәытә фонд аҿы ашәарақәа зеиԥҟьо атәы рҳәеит

Аԥсны Атәанчахәытә фонд Аԥсны атәылауаа рҿаԥхьа руал 55 миллион мааҭ ыҟоуп. Аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара алшоны иҟоуп 2021 шықәса ахԥатәи аԥшьбаразы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Аԥсуа тәанчахәқәа ршәара апандемиа аамҭа иахҟьеит, избанзар 2020 шықәсазы Атәанчахәытә фонд 130 миллион мааҭ амоуӡеит. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.

Аԥсны атәылауаа хәажәкырамзазы 65 миллион мааҭ атәанчахәы рмоуит

2020 шықәсазы акоммерциатә еиҿкаарақәа ашәахтәқәа рықәырхит апандемиа инадҳәаланы. Ари афонд ахь аԥаранашьҭра анырра анаҭеит.

Ахантәаҩы иажәақәа рыла Атәанчахәытә фонд ахь аԥара назмышьҭуаз акоммерциатә еиҿкаарақәа рымацара ракәым, аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәагьы рыдҵақәа нарыгӡомызт.

Убас ауал ду ақәны иҟоуп АУН "Амшынеиқәафымцамч", иҳәеит Гәылариа.

"Аха дара ишьақәырӷәӷәоу аграфик ҳзаарышьҭит, ирҳәеит ЕгрыГЕС аусура ишалагалак Атәанчахәытә фонд ахь ахыԥхьаӡаларақәа ишрылаго", - иҳәеит Гәылариа.

Иахьазы реиҳа ауал ду зықәны иҟоу еиҿкаароуп АУН "Амшынеиқәафымцамч".

Ашәарақәа еиҵахоит иара убасгьы ареспубликаҿы аԥсуа тәанчахәы зауа рхыԥхьаӡара иацло иахьалагаз ҳәа иҳәоит Гәылариа.

2020 шықәса алагамҭаз ари ахыԥхьаӡара 6656-ҩык инаӡозар, шықәса анҵәамҭазы 8592-ҩык ҟалеит.

Иахьа Атәанчахәытә фонд аамҭа-аамҭала ашәарақәа мҩаԥнагоит. Аԥхьа иззыршәо категорианы иҟоу Аԥсны жәлар реибашьра аинвалидцәа роуп.

"56 миллион мааҭ ауал ҳақәуп. Ари хәажәкырамза иатәуп. Аха иара есыҽны еиҵахоит. Раион-раионла аԥарақәа ҳшәоит. Аибашьра иадҳәало акатегориақәа рҿаԥхьа Аҟәа, Аҟәа араион, Очамчыратәии Тҟәарчалтәии араионқәа рҟны ҳуал ҳшәеит, иаанханы иҟоуп Гагреи Гәылрыԥшьи араионқәа", - иҳәеит афонд ахантәаҩы.

Гәылариа иажәақәа рыла Афонд ахь аԥаралагалара адинамика аныԥшуа иалагеит. Аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара алшоны иҟоуп 2021 шықәса ахԥатәи аԥшьбаразы ҳәа иҳәоит иара.