Аԥсны атәылауаа хәажәкырамзазы 65 миллион мааҭ атәанчахәы рмоуит

© Sputnik / Тарас Литвиненко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби афинансқәа рминистр Владимир Делбеи Аиҳабыра русура, абиуџьет анагӡашьа, иара аныхраҿы аԥыжәара зҭатәу, COVID-19 ауааԥсыра рацәыхьчаразы ауснагӡатәқәа уҳәа ирылацәажәеит.

АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра ртәанчахәшәаразы ауал 65 миллион мааҭ аанханы иҟоуп, хәажәкырамзазы ишәам ҳәа иҳәеит афинансқәа рминистр Владимир Делба Александр Анқәаб аҭагылазаашьа изеиҭаҳәо.

"65 миллион мааҭ хәажәкырамзазы ишәамкәа иҟоуп. Ауал ашәаразы иҳалшо аҟаҵара ҳаҿуп. Актәи аԥшьбаразы цхыраагӡа-цҵак аҳасаб ала ареспубликатә биуџьет аҟынтәи Атәанчахәытә фонд иазынашьҭуп 105 миллион мааҭ, иазыԥхьагәаҭаз 137 миллион рҟынтәи", - иҳәеит Делба.

Убри аан иара иазгәеиҭеит атәыла ахатә хашәала мшаԥы 12 азтәи аҭагылазаашьала 1,2 миллиард мааҭ шыҟоу. Абас ала ииасыз ашықәс абри аамҭатә рбага иаҿырԥшны аизҳара 21 % ыҟоуп.

Руслан Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2018
Арадио
Аџьба: атәанчахәы ацҵаразы аус зуа зегьы аарԥштәуп

Владимир Делба атәылаҿ афинанстә ҭагылазаашьа ҭышәынтәаланы дахәаԥшуеит.

"Уаанӡеиԥш абиуџьет аныхраан аԥыжәара заҳҭо агәабзиарахьчара аусхк ауп. Ашықәс актәи аԥшьбаразы COVID-19 иаҿагыланы ақәԥаразы ауснагӡатәқәа хаз рԥаразоужьра хацыркын. Апрограмма иазыԥхьагәанаҭоит – 50 миллион мааҭ. Иара убасгьы аус руеит агәабзиарахьчара аусхк иазырхо егьырҭ апрограммақәагьы. Аԥаразоужьра ахышәаҵышәа 90% инаӡоит", - иҳәеит Делба.

Аԥсны зынӡа 47 000-ҩык атәанчахәы роуеит, урҭ рҟынтәи 30 000-ҩык – урыстәылатәи атәанчахәы роуеит.

Атәанчахәытә фонд аҟынтәи ацхыраагӡатә шәарақәа роуеит 17 000-ҩык. Урҭ рҟынтәи 8 000-ҩык рықәрала аԥсуа тәанчахәы роуеит. Абанкоматқәа рыла аԥараиурахь ихынҳәит 17 000-ҩык ААФ аԥара зауа.

Ажәабжьқәа зегьы
0