Урыстәылатәи аԥшыхәцәа Аҩада Уаԥстәыла аҽазыҟаҵарақәа ирхысуеит

Урыстәылатәи арратә мчрақәа рҿы ирылагеит аӡынтә ҽазыҟаҵарақәа ишырхысыз азы агәаҭарақәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 14 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аԥшыхәыҩцәа Аҩадатәи Уаԥстәыла – Аланиа аполигон Дариал аҿы ашьхатә зыҟаҵара ҷыда иахысраны иҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аԥышәа змоу аинструкторцәа аԥшыхәратә гәыԥқәа ирыланы ашьхатә маршрутқәа ирнысуеит 2700 метра рҟынӡа аҳаракыраҿы. Иара убасгьы иуадаҩу ашьха-цаҟьаратә ҭыԥқәа ирҿысуеит.

Мызкы аҩныҵҟа аԥшыхәцәа арратә топографиа, ахысратә, атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵара рзы азшьақәа арҭоит, ашьха Араухох ақәцәахь ихалоит.

Ашьхараҿы аусдҵа ҷыдақәа анымҩаԥырго аамҭазы аруаа рхы иадырхәоит аштаттә техникатә хархәагақәа, еиҭарго аԥшыхәратә комплекс, аимадареи акомандаҟаҵареи рхархәага "Стрелец" рҩызцәа налаҵаны. Аруаҩ ишьханыҟәаратә екипировка 30 кьыла рҟынӡа ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: