АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Аекскурсиамҩаԥгаҩ Виачеслав Веисер игәиҽанӡамкәа Тҟәарчал ақалақь агәҭа аҽқәа еивасны ишыҩуаз ҭихит.
"Ақалақь салсны санцоз сгәысҽанӡамкәа аҽқәа рацәаны збеит. Еиԥхныҩлон. Ҳәарада иҭысхит", - ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аролик автор.
Веисер Instagram аҿтәи ипост аҵаҟа еиуеиԥшым агәаанагарақәа рыҩуан – избан аҽқәа руак егьи изацҳауаз ҳәа.
"Инстинктуп. Аҽан абналара аҭахын", - ҳәа лыҩуеит аинтернетхархәаҩ Елена. "Рыҩбагь ҽабақәоуп. Ицҳауаз араион иаԥшәмоуп", - иҩуеит Џьамбул Чхапелиа. Уи диқәшаҳаҭуп "Ааԥын, абзиабара иаамҭоуп, уи азоуп аԥшәма егьы аҽы зканацо" ҳәа зыҩуа Лиубаниа.
Иҟан аҭыхымҭа аԥшӡара адагьы ақалақь аԥшӡара еиҳа ихнахыз. "Тҟәарчал - ацивилизациа маҷ... Иҷыдоу ақалақь...", - иҩуеит alkrat78.
Тҟәарчал 1942 шықәсазы ареспублика аиндустриалтә центр аҳасаб ала ишьаҭаркын. Ара арацәа ыҵырхуан. 1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан амацәаз иҭакын 413 уахи-ҽни. Ӷьашьа змам ахәрақәа азыннажьит аибашьра аамҭа.
Амшын аԥшаҳәа иаԥным Аԥсны қалақь заҵәуп Тҟәарчал. Ақалақь ашьхара ирҭалаҳан иркуп. Иахьазы Тҟәарчал аинтерес шьҭыркаауа иалагеит Аԥсны асасцәа, аҿиара иалагеит аҭыԥантәи атуризм.