00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Такие обстоятельства
Выборы в Госдуму РФ: мнение общественного деятеля Абхазии
14:04
26 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Выборы в Государственную Думу РФ: пресс-конференция в Sputnik Абхазия
14:33
4 мин
14:34
4 мин
14:38
4 мин
Выборы в Государственную Думу РФ: пресс-конференция в Sputnik Абхазия
14:42
6 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
On air
18:16
4 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа Аԥсны реиҿкаара: аполитолог лыхҳәаа
18:21
8 мин
Аиҿцәажәара
Алхрақәа Аԥсни Урыстәылеи реимадараҿы ҭыԥс иааннакылоузеи: аполитолог игәаанагара
18:29
16 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
On air
18:53
2 мин
Выборы в Государственную Думу РФ: пресс-конференция в Sputnik Абхазия
Глава Совбеза Абхазии о ситуации на избирательных участках
18:55
9 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҩ-ҽык шеиԥхныҩлаз: Тҟәарчал аԥшәмараз аисара

CC0 / / Лошади
Лошади - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2021
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал ақалақь аҿы иҟаз агид иқәҿиеит – аҽқәа аҭыԥ аҟны аԥшәмара шеимаркуаз ҭихыртә алшара иоуит.

АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Аекскурсиамҩаԥгаҩ Виачеслав Веисер игәиҽанӡамкәа Тҟәарчал ақалақь агәҭа аҽқәа еивасны ишыҩуаз ҭихит.

"Ақалақь салсны санцоз сгәысҽанӡамкәа аҽқәа рацәаны збеит. Еиԥхныҩлон. Ҳәарада иҭысхит", - ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аролик автор.

Веисер Instagram аҿтәи ипост аҵаҟа еиуеиԥшым агәаанагарақәа рыҩуан – избан аҽқәа руак егьи изацҳауаз ҳәа.

"Инстинктуп. Аҽан абналара аҭахын", - ҳәа лыҩуеит аинтернетхархәаҩ Елена. "Рыҩбагь ҽабақәоуп. Ицҳауаз араион иаԥшәмоуп", - иҩуеит Џьамбул Чхапелиа. Уи диқәшаҳаҭуп "Ааԥын, абзиабара иаамҭоуп, уи азоуп аԥшәма егьы аҽы зканацо" ҳәа зыҩуа Лиубаниа.

Иҟан аҭыхымҭа аԥшӡара адагьы ақалақь аԥшӡара еиҳа ихнахыз. "Тҟәарчал - ацивилизациа маҷ... Иҷыдоу ақалақь...", - иҩуеит alkrat78.

Тҟәарчал 1942 шықәсазы ареспублика аиндустриалтә центр аҳасаб ала ишьаҭаркын. Ара арацәа ыҵырхуан. 1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан амацәаз иҭакын 413 уахи-ҽни. Ӷьашьа змам ахәрақәа азыннажьит аибашьра аамҭа.

Амшын аԥшаҳәа иаԥным Аԥсны қалақь заҵәуп Тҟәарчал. Ақалақь ашьхара ирҭалаҳан иркуп. Иахьазы Тҟәарчал аинтерес шьҭыркаауа иалагеит Аԥсны асасцәа, аҿиара иалагеит аҭыԥантәи атуризм.

Ажәабжьқәа зегьы
0