Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла афымцамч аминистрреи рхаҭарнакцәа рделегациа Аԥсны иааны иҟоуп Аинвестициатә программала асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аобиектқәа рыргылара шцо рбаразы.
"Шықәсқәак раԥхьа Аинвестпрограммала иазгәаҭан Гагра иҳамоу аколоннада аремонттә усурқәа амҩаԥгара. Урҭ ирылагараны иҟан 2017 шықәса рзы, ихдыркәшаран иҟан 2019 шықәса рзы, аха адунеи аҿы иҟалаз аҭагылазаашьа иахҟьаны аусурақәа анкылан, аҳәаа аартра ашьҭахь дара аусурақәа инарыцҵаны имҩаԥган, насгьы ихыркәшан 2020 шықәса анҵәамҭазы. Аремонттә усурақәа рзы 17 миллион аԥара азоушьҭын, иахьа аусурақәа хыркәшоуп, акомиссиа иҟаз аусурақәа шымҩаԥгаз иахәаԥшит, даара ргәы иахәеит. Аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа иаауа раԥхьа ирбо изыргәырӷьаша аколоннада акәны иҟалоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Барцыц.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәылатәи аделегациа Гагра Аинвестпрограммала идыргыло аобиектқәа гәарҭеит
Гагра ацрыҵрыцқьарҭеи астанциа маҷи: аурыс делегациа аинспекциа иацнаҵеит