Урыстәылатәи аделегациа Гагра Аинвестпрограммала идыргыло аобиектқәа гәарҭеит

© Sputnik / Асмат Цвижба Делегация представителей Минэкономразвития и Минэнерго России
Делегация представителей Минэкономразвития и Минэнерго России  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2021
Анапаҵаҩра
Уаанӡа, 2020 шықәса нанҳәамзазы Аԥсны даҭаахьан Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич Аинвестициатә программа 2017-2019 аобиектқәа рыргылара шцо ибаразы.

АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла афымцамч аминистрреи рхаҭарнакцәа рделегациа Аԥсны иааны иҟоуп Аинвестициатә программала аобиектқәа рыргылара шцо рбаразы.

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров зхадараҿы дыҟоу аделегациа зремонт хыркәшоу Гагратәи агәашьаркырахь (аколоннада - аред.) инеит.

Аобиект ашьаҭа рӷәӷәаны, ареставрациатә усурақәа адуланы ахархәарахь инашьҭуп.

Ахәҭакахьала аремонттә усурақәа мҩаԥгоуп Гагратәи аԥшаҳәаҿы. Иԥсахуп ашьаҟамҩатә плитка, акоммуникациақәа, адренажтә система, иазԥхьагәаҭоуп фымцалашарала аиқәыршәараз аусурақәа, апарк ариаҵәара. Иара убасгьы апарк аҩнуҵҟа атәарҭақәа ргылахоит, лашарала еиқәыршәахоит. УКС аиҳабы Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла, аремонттә усурақәа ахәҭакахьала иаанкылоуп, Аинвестпрограмма аԥарашәара алимити аилаӡара ахәԥсеи ахьеиқәымшәо азы, иахәҭаны иҟоуп апроект ариашарақәа ралагалара.

Назаров ариашарақәа ирзымԥшкәа аусурақәа ирыцҵатәуп иахьазы иҟоу аԥарақәа рхархәарала ҳәа иҳәеит.

Гагратәи агәашьаркыра аремонтгьы мҩаԥысуан Аинвестициатә программа аԥарақәа рыла. Уи иазоужьын 13 миллион мааҭ. Аусурақәа мҩаԥысуан 2018 шықәса раахыс.

Амшын иаҿықәу абаҳча: апринц Ольденбургтәи ипарк аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2021
Амшын иаҿықәу абаҳча: апринц Ольденбургтәи ипарк аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа

Аделегациа иара убасгьы иаҭааит асасааирҭа "Тотус".

2015 шықәсазы Аԥсны аекономика аминистрреи Москва аинвестициатә маҵзуреи раԥшьгамҭала урыстәылатәи абанкқәа хԥа аԥснытәи анаплакыҩцәа акредитқәа рыҭара иалагеит 10% ҳәа льготала.

Апрограмма алахәхаразы аиааира ргеит асасааирҭақәа хԥа, ашәырқашь аҟаҵаразы азауад, аҭубар-зауад, ачаӡырҭа, ашьаҳариазауад, анашеи апатырџьани раарыхырҭа агрокомплекс.

Гагратәи асасааирҭа "Тотус" кредит ҳасабла 275 миллион мааҭ аиуит. Аԥарахынҳәра мҩаԥысуан 2020 шықәсанӡа, нас пандемиа иахырҟьаны иаанкылан, иаанкылан апроцентқәагьы. Иахьазы апроценттә уал 6 миллион мааҭ инаӡоит.

Вице-президент Бадри Гунба провел заседание рабочей группы по экономике  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2021
Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы аинвестициақәа радԥхьалара азҵаара иалацәажәеит

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров иҳәеит асасааирҭа аремонт ахыркәшарахь инеит ҳәа. УКС аиҳабы Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла, апроект анагӡаразы даҽа 23 миллион мааҭ шазоужьыз.

Уаанӡа, 2020 шықәса нанҳәамзазы Аԥсны иаҭааит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич зхадараҿы дыҟаз аделегациа, Аинвестициатә программа 2017-2019 аобиектқәа рыргылара шцо абаразы. Аделегациа ыҟан Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа робиектқәа рҿы. Иара убасгьы Михаил Бабичи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи аицәажәара рыман.

Ажәабжьқәа зегьы
0