Аслан Бжьаниа Урыстәыла аделегациа идикылеит

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла афымцамч аминистрреи рхаҭарнакцәа рделегациа Аԥсны иааны иҟоуп Аинвестициатә программала асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аобиектқәа рыргылара шцо рбаразы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа мшаԥы 15 рзы идикылеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров зхадараҿы дыҟоу аделегациа ҳәа аанацҳаит ахада ипресс-маҵзура.

Урыстәылатәи аделегациа Гагра Аинвестпрограммала идыргыло аобиектқәа гәарҭеит

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла афымцамч аминистрреи рхаҭарнакцәа рделегациа Аԥсныҟа иааит мшаԥы 15 рзы Аинвестициатә программала асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аобиектқәа рыргылара шцо рбаразы. Аусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны аинспекциа рызун Гагра араион аобиектқәа.

Урыстәылатәи аделегациа аԥсшәа раҳәо ахада агәыӷра ааирԥшит Аԥсни Урыстәылеи рекономикатә усбарҭақәа русеицура ԥхьаҟагьы қәҿиарала имҩаԥыслап ҳәа.

Анаҩс имҩаԥысит инарҭбаау аилатәара: Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аҳазалхратә маҵзура ахантәаҩы Оҭар Хьециа алархәны.

Аилацәажәараҿы ирзааҭгылан 2020-2022 шықәсазтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвистициатә программа иазыԥхьагәанаҭо ауснагӡатәқәа.

Гагра ацрыҵрыцқьарҭеи астанциа маҷи: аурыс делегациа аинспекциа иацнаҵеит

Аԥыза-министр Кристина Озган 2020-2022 шықәсазтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестициатә программа ауснагӡатәқәа дрылацәажәеит. Аслан Бжьаниа дазааҭгылеит Роспотребнадзор Урыстәыла алаларазы иҟанаҵаз аԥҟарақәа реиҭакра азҵаара.

"Ари Аԥсны азҵаара рацәа цәырнагеит. Аиҳаракгьы атуристтә сезон аламҭалаз. Атуризм – ареспублика аекономикатә хырхарҭақәа ираԥхьагылоуп. Ҳгәыӷуеит ҳара ҳахь иаауа атуристцәа арҭ аиҭакрақәа рԥырхагахарым ҳәа. Абри азҵаараҿы адгылара ҳауп ҳәа сыԥшуп", - иҳәеит ахада.

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров иҳәеит азҵаара ҵоураны иӡбахап ҳәа агәра шиго.

Аиԥылараҿы ирылацәажәан аԥсуа-аурыс усеицура егьырҭ азҵаарақәагьы.