Гагра ацрыҵрыцқьарҭеи астанциа маҷи: аурыс делегациа аинспекциа иацнаҵеит

© Sputnik / Асмат Цвижба Делегация представителей Минэкономразвития и Минэнерго России
Делегация представителей Минэкономразвития и Минэнерго России - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла афымцамч аминистрреи рхаҭарнакцәа рделегациа Аԥсны иааны иҟоуп Аинвестициатә программала асцоиал-економикатә ҿиара ацхрааразы аобиектқәа рыргылара шцо рбаразы.

АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәылатәи аделегациа ацрыҵрыцқьаратә ргыламҭа ирҭааит Гагра. Аобиект аргылара иалагеит Аинвестпрограмма 2017-2019 аҳәаақәа ирҭагӡаны, иацҵоуп Аинвестпрограмма 2020-2022 ала.

Делегация представителей Минэкономразвития и Минэнерго России  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2021
Урыстәылатәи аделегациа Гагра Аинвестпрограммала идыргыло аобиектқәа гәарҭеит

Апроект иазԥхьагәанаҭоит аргылара ҩ-етапкны. Актәи аетап ахәԥса 582,91 миллион мааҭ итәоит. Уи инақәыршәаны иргылатәуп амеханикатә рыцқьагатә блок, аҟәарахьчаратә ргыламҭақәа, аҩнуҵҟатә нџьныртә ҳақәа, атрансформатортә станциамаҷ уҳәа егьырҭ ахархәагақәагьы. 2021 шықәсазтәи алимит иартәоит 372 миллион мааҭ.

Аҟазауаа ражәақәа рыла, ари аетап аан асметатә хәыԥса актуализациа аҭахуп, избанзар аусурақәа рфинанстә хәшьара мҩаԥган 2016 шықәсазы. Урыстәылатәи аҟазауаа асмета аексперттә хәшьара анымҩаԥыргалак ашьҭахь аусурақәа ирылагоит ҳәа лҳәеит аекономика аминистр Кристина Озган.

Ацрыҵрыцқьаратә ргыламҭа ашьҭахь аделегациа аҭааит аӡыҭгага №4 – уахыки-ҽнаки зымчхара 12 нызқь кубометра иҟоу.

Арахьынтәи ауп арыцқьаратә ргыламҭақәа рахь амагистралтә трубамҩангага ыиаргараны иахьыҟоу. Уи 11 километра аура амоуп. Апроект ахәԥса 240 миллион мааҭ ыҟоуп.

Аделегациа иара убасгьы инеит астанциа маҷ "Бзыԥ-220" ахь. Астанциа ареконструкциа азԥхьагәаҭоуп Аинвестпрограмма 2020-2022 аҳәаақәа ирҭагӡаны. Астанциа маҷ аҿы иқәыргылоуп атрансформатор ҿыц, зымчхара 125 мегаватт иҟоу, зыхәԥса 145 миллион мааҭ артәо. Уаанӡатәи атрансформатор амчхара 63 мегаватт иҟан. Хара имгакәа арахь иаагахоит даҽа трансформаторкгьы.

Астанциа маҷ азеиԥш реконструкциа ахәԥса 543,9 миллион мааҭ иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0