"Аихаткач", "ауарц", "абгаԥча": ҩышьала еиԥшу, аха ҵакыла еиқәымшәо ажәақәа

Абызшәа иалоу, ҩышьала еиԥшу, аха ҵакыла ихазы-хазу ажәақәак ирызку анҵамҭа Sputnik иазлырхиеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik

Абызшәа ауаа реилибакааразы, реигәныҩразы зда ԥсыхәа ыҟам мыругоуп. Аҵарауаҩ нага Шьалуа Иналиԥа абызшәа иазкны абас иҩуан: "Атәы здыруа инапаҿы иалымшо иҟоузеи ҳхатәы бызшәа. Мыц зымҳәо абџьар еибагоуп уи, иҩыза бзиоуп, ҵҩа змам ахшыҩ еизыркәкәаны иара иалоуп".

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуа бызшәа алексика даараӡа ибеиуоуп. Ажәацыԥхьаӡа иамоуп ахатәы ҵакы. Иаагап раԥхьаӡа схаҿы иааиз ажәақәа "аиааира", "абна". "Аиааира" – иаанагоит уск аҿы аԥыжәара агара. Ажәа "абна" акәзар, ианарбоит ижәпаны еилагылоу аҵлақәеи урҭ рҭыԥи.

Ажәақәа "гәышьа", "амарџьа", "аҟаҭ", "акаамеҭ" ирызкны цәаҳәақәак

Аԥсуа бызшәа еинҭәылоуп ҩышьала зынӡа еиԥшу, аха ҵакыла еиқәымшо ажәақәа - аомонимқәа рыла. Ҳарзааҭгылап иаразнак иугәаламшәар алшо, аха аинтерес зҵоу иомонимқәоуп ззуҳәаша ажәақәа:

Аҟар – ауаҩы ихахәда даҽакалагьы "аҟар" ҳәа хьӡыс иамоуп. Соуп ҳәа зыҽҭҳәаны, зхашәа хы зымбо, амаҵура зхы иархәаны иаазҭахыз ҟазҵоз, ашьҭахьы згәызҽанӡамкәа данамырх, иҟәатаӡа иааҟалаз изырҳәоит: "Иҟар хҽны дыҟоуп", иагьнацырҵон уи иашьашәалоу даҽа жәаԥҟак: "Уажәраанӡа ичны иҟаз иуакаӡа, иаанхеит ахәша рхьыршьызшәа иҟәатаӡа". Аҟар – аҩны аҩнуҵҟа арԥшӡаразы асаркьа, мамзаргьы абҩа, аиха реиԥш иҟоу аихажәла бзиақәа ирылырхуа ашәҭҭрагьы (урысшәала "цветочник") аҟар ҳәа иашьҭоуп.

Ауарц – арацәа андырцәо ма аиха анеиладырҭәо, ианыржьиуа иацрышәшәаны иаанхо аҳашҳаи (урыс бызшәала "известь") аҵабли еилаҵаны иҟарҵо аиларшьшьы аргыларақәа рҿы рхы иадырхәо "ауарц" ахьӡуп (урысшәала "шлак"). Ауарц – ашәҭ хкуп. Кавказтәи ашьхақәа рҟны асы шьҭыҵны, ааԥынра шааилак, азҳара иалагоит. Зыԥшшәахәы ссиру, ахаа цәа зыҟәну ари ашәҭ "ауарц", "ауарца" ахьӡыртәит (аурысшәахь еиҭаугозар "касатик").

"Ауарцеи", "асақь", "аҟаса": аҵакырацәа зныԥшуа аԥсыуа ажәақәак

Абгаԥча – ашәарыцара иазҟазоу агыгшәыгқәа рыкразы иҟарҵо лаԥшхырԥагоуп. Агыгшәыг царҭас-аарҭас иалкааны иамоу амҩахәасҭаҿы ирҵауланы анышә ржуеит, ажра агыгшәыг иамбарц, ԥацхьла, бӷьыла, гәамсамла ихырҩоит. Агыгшәыг шааиуа ианаақәгылалак, иазнымкылакәа иҭаҳауеит, ҭыҵшьагьы аиуам. Агыгшәыгқәа рыкразы ицхыраагӡаз убри ажра "абгаԥча" ҳәа ахьӡхалеит (урысшәала "западня"). Абгаԥча – ҳәа иара убас иашьҭоуп аӡыржәтә зыцәмаҷу ақыҭауаа (аиҳарак аҿаҩара, аҳаракыра ҭыԥқәа ирықәынхо) рыҩнқәа рзааигәара, еиҳа иахьырзыманшәалоу аӡы ҭатәалартә анышә ахыржуа аҭыԥ. Убра ақәеи аҩари еилаланы еизо аӡы рхы иадырхәоит амаҭәа-ҩыҭәа ӡәӡәагаси арахә рӡыжәгаси.

Адахь – акыр азқьышықәсақәа раԥхьа ицәырҵыз, иахьагьы мшаҽны аиԥш аԥсуаа ирымоу асасдкылара аҵас иадҳәалоу ажәоуп. Аԥсуаа ҳҟны зеиԥш дыҟам асас данырҭаалак - "Асас дахь" даҳҭан рҳәоит. Ахаҭа ажәа ачерқьез бызшәаҟынтә иаланагалеит, иаанагоит "аԥшӡа", "абзиа", "ассир". Асас дахь, даҽакала иуҳәозар, "почетный гость". Зыӡбахә ҳамоу ажәа анаҩстәи аҵакы ахҳәаауп агәамбзиара. Ауаҩы иқәрахь даннеилак, идақәа ашьа рҭысра уадаҩхоит. Уи игәабзиара ҵнашәаауеит, иблахаҵ гьежьуа, имч каԥсо дҟалар алшоит. Абас еиԥш иҟоу ачымазара – адахь/адахьаа ҳәа иашьҭоуп (урысшәала "давление").

Аџахә – ҟазшьала уаҩы еиԥшым, зхала ада ҽаӡәы дызмаабуа, есқьынагьы ихы ҵарҟәыланы, иџьымшь ибларҭақәа ирҭажьны, хаабызшәак зҿымшәо, ҭынхак ихьаа змам, уаҩы идымҳәыло изырҳәауеит "дџахәӡоуп дыҟоуп". Ари ажәа иамоуп маҷк даҽа хырхарҭакгьы, аџахә – уи ацәгьеи абзиеи ззеиԥшу, уаҩы изышьҭымхуа агәала змоу еиԥш иблақәа ҵарҟәыланы, ақьиара изыҟауҵаргьы жәа хьшәашәала иуацәажәо иааҭкааны изырҳәауеит: "Лахьы мырџахә – лахьышәашә" (урысшәала "угрюмый").

"Раӡын даҷшәа деихаԥсоуп": аԥсуа ԥҳәызба лҭеиҭыԥш иахҳәаау ажәақәа

Аихаткач – аԥсабара кьыс амамкәа, икаххаа, икашьшьы ишыҟоу, амш ааилахәаны, абыржәымзар-абыржәы ақәаршҩы ауратәы ажәҩан аԥҭа еиқәаҵәақәа анхчыла – амш "еихаткач" ҳәа иашьҭоуп ("аихаткач" урысшәала "ненастье"). Аихаткач – ауаҩы хашәамба, зегьы ирыҵашьыцуа, зцәажәара ҵакык амаӡамкәа, бжьыҭгала аӷьӷьа ихга иааҟәымҵӡакәа инапҟьа-шьапҟьо ицәажәо ичҳаны изыӡырҩуа итәоу гәаныла: "Уеихаткачааит, иаауҳәашазеи, уаангыларауазеи шьҭа!" ҳәа изырҳәоит (урыс бызшәала "Заткнись же!").

Арқаца – ацәамаҭәа ҳаҭыр ақәҵаны, мацқьа-шьацқьа иныҟәганы изшәызҵо, еилфаҷа еилаҳәоу данырбалак: "Шәыԥшишь, заҟа ирқацаны деилаҳәоу!" - рҳәоит ("арқаца" урыс бызшәала "шик"). Арқаца/арқацара – аҩнымаҭәа ӡәӡәаны, иршәшәатәу зегьы ршәшәаны, асаба рылхны аԥҳәыс аҭыԥ ианықәылҵалак, "илыӡәӡәеит", "илырқацеит" рҳәоит.

Абас ала, ҩышьала еиԥшу аомонимқәа рдырреи, урҭ ииашаны рхархәареи ҳажәаҳәа арҿиоит, иарбеиоит.