"Раӡын даҷшәа деихаԥсоуп": аԥсуа ԥҳәызба лҭеиҭыԥш иахҳәаау ажәақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукМодели в национальных костюмах
Модели в национальных костюмах - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭыԥҳа лыԥшӡара, леиҿартәышьа, лхымҩаԥгашьа зыҿдырԥшуаз амаҭәарқәеи илзыркуаз ажәа лыԥшаахқәеи рзы лхатәы згәаҭарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ, аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Иарбан милаҭзаалак, жәаҳәарада ирыман жәытәаахыс иаауаз аԥҳәызба лҭеиҭыԥш, леиҿартәышьа иадҳәалоу аидеалқәа. Кавказ иқәынхо ажәларқәа ирызҿлымҳаз, рыҭҵаара зҽазызшәоз аурыс аруаҩ-ԥшыхәҩы Ф.Ф. Торнау ҭаацәарак аҿы ибла хызкыз ԥсыуа ԥҳәызбак лыԥшӡара иазкны абас иҩуан: "Никогда я не встречал подобной изумительной красоты, никогда не видел подобных глаз, лица, стана, я смешался, забыл, что мне надо делать, и только глядел на нее. Она покраснела, улыбнулась и скрылась в дверях тихо, плавно, подобно видению".

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа ҳҿы наџьнатә аҭыԥҳа пату лықәын, дҳаракны дыркын, лыԥшӡара иазҳәаны шеишықәсала ишьақәгылоз аԥсуа жәлар ридеал излаҳәо ала, дрылаҟазар акәын абас еиԥш иҟоу аҟазшьа ҟаимаҭқәа: лшьапқәа еинааланы, лӡара паны амацәаз икылуршәо, лыхәда аҵәцеиԥш еихачаԥа, лгәышԥы ҭыгацәамкәа, лыбӷа иашахәҵәаӡа, лнацәкьарақәа еизыхәхәаны, лыхцәы шьқьыруа лызқәа ирықәны. Абас еиԥш аҭыԥҳа аԥсабара илынаҭаз аҭеиҭыԥш ианаваргыланы илымазар акәын ахшыҩ цҳафыр, аҟәыӷара.

Ажәцәа иалхыз амаҭәақәа зларӡыхуаз агәыр - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ҭыԥҳацәа рӡара амацәаз икылуршәартә ипоуп: аӡараҭаршә аҭоурых

Хыхь еиқәыԥхьаӡаз аҟазшьақәа ирылаҟаз аҭыԥҳацәа ирхырымҳәаар залшомызт ашәеи ажәеи. Имаҷым аԥҳәызба лыԥшӡара атәы ҳазҳәо жәлар рашәақәа, даҽакала иаҳҳәозар, абзиабаратә ашәақәа. Урҭ ашәақәа рҟны шамахамзар иаахтны абзиабара иалацәажәомызт, уи ихадоу цәаҩатә ҷыдароуп ҳмилаҭ рзы. Бзиа еибабаз арԥызбеи аԥҳәызбеи хыхь-хыхьлоуп акәымзар, рыбзиабара атәы иаахтны ашәақәа рҿгьы иаадырԥшуамызт.

Аԥсуа жәлар рыбзазаратә поезиа иаҵанакуа абзиабаратә ашәақәа реиҳараӡак аԥҳәызба илҳәамҭаны ауп ишышьақәгылоу, мамзаргьы арԥызбеи аԥҳәызбеи еимданы ирҳәон. Аха иҟоуп арԥыс ихала ианынаигӡозгьы.

Абзиабаратә ашәақәа иахьаҭыԥыз, ианаҭыԥыз аԥхьарца ма ачамгәыр иацырҳәон.

Уажәазы хшыҩзышьҭра аҳҭап арԥызба иигәаԥхаз аԥҳәызба илхиҳәаауаз жәлар рыбзиабаратә ашәақәа рҿынтә ажәа лыԥшаахқәа:

Быхцәы ҟаԥшьы – гәы ҟаҵага,

Алмас еиԥшуп быблақәа,

Хрыжь-хрыжь ибҳәо бажәақәа

Ирыҵашьыцуеит бықәлацәа,

Арԥар шьахәқәа, ҽырбацәа,

Ббара иашьҭоуп иацәнымхауа,

Уахь инеиуеит еицырхәхәа.

Иаагоу жәлар рашәа ацыԥҵәахаҟны асимволтә ҵакы рымоуп лыхцәы, лыблақәа рыԥшшәы, аҭыԥҳа зегьы дрылукаартә дҟазҵо лҟәыӷара, лцәажәара.

Раӡын даҷшәа деихаршәуп.

Ӡахәа ҟамчшәа деихатаруеит.

Сҭамԥыл қаруаш абла лхоуп,

Деихатаруеит, деихышәашәоит.

Иаагаз аҿырԥштәы иҳәаақәнаҵоит еиҳарак лцәа-лжьы, леиҿартәышьа, зегьы рыла леинаалара.

Амсыр қьаадыш цәеи-жьи бықәуп,

Ашьауардын ахшыҩ бымоуп,

Аҵыс мҩас асахьа ҭыбхуеит,

Ашәуа ҟамчеиԥш беихатыруеит,

Раӡын даҷшәа беихаԥсоуп,

Ашьха каԥкаԥ абжьы бхоуп.

Ара аҭыԥҳа даҿырԥшуп: амсыр қьаадыш, ашьауардын, ашәуа ҟамчы, иара убас зегьы рыла деинааланы, ашьха каԥкаԥ абжьы хаа лхоуп.

Иазгәаҭатәуп, ишуԥыло аҭыԥҳа адәахьтәии лыҩнуҵҟатәии лыԥшӡара, лцәаҩатә ҟазшьақәа аазырԥшуа ажәа лыԥшаахқәа (ҳаамҭа иақәыршәаны иаҳҳәозар "акомплиментқәа"). Иаагозар, адәахьтәи лыԥшӡара, лҭеиҭыԥш адырбоит абас еиԥш иҟоу ажәақәа: "Лыхәда – ҵәыцоуп, лыхцәы сырмоуп", "Амаахыр еиԥшуп быблақәа", "Еихышәашәоит бӡара", "Злагәы ҭбаау, мыцхәы игәку", "Цәашьыда иԥхо, цәымзашәа илашо" уҳәа. Убас лыҩнуҵҟатәи лыԥшӡара, лгәаҭа, лҟыбаҩ азырбо иреиуоуп: "Ашьауардын ахшыҩ лымоуп", "Аҵыс мҩас асахьа ҭылхуеит", "Ашьха каԥкаԥ абжьы лхоуп".

Ишаҳбаз ала, аҭыԥҳа лыԥшӡара, леилаҳәашьа, лхымҩаԥгашьа еиуеиԥшым амаҭәар ԥшӡақәа ирҿырԥшуп: лцәа-лжьы - амсыр қьаадыш, лӡара – араӡын даҷ, аӡахәа ҟамчы, лыблақәа - Сҭамԥыл қаруаш, лыбжьы – ашьха каԥкаԥ уҳәа убас иҵегьы.

Иааидкыланы иуҳәозар, ас еиԥш иҟоу аҟазшьақәа ирылаҟоу аԥҳәызба ԥхьаҟа аӡәы иҩнаҭа зырлашаша, иҿырԥшыгахашаз ҭацаны лсахьа ҭыхуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0