Наҟәаԥиа афымцалашара аԥара ахымшәааразы: аҭакԥхықәра зду ыҟазароуп

Афымцатә ҳақәа Аҟәатәи русбарҭа ԥасатәи аиҳабы Леонид Наҟәаԥиа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аенергетика иахьатәи аҭагылазаашьа, ауадаҩрақәа рыӡбаразы ихымԥадатәны ииԥхьаӡо атәы.
Sputnik
Наҟәаԥиа афымцалашара аԥара ахымшәааразы: аҭакԥхықәра зду ыҟазароуп

"…Афымца шаҟа нырхуа азы агәаҭага ықәыргылазар, абри аҭел аԥара анахыумшәаауа идмырцәои, убас еиԥш ианыҟалалак алашара аганахьалагьы, ауаҩы дцаны ишәоит. Иахьа азакәан ыҟам ахьархәра аганахьала. "Исымаӡам" аныиҳәалак, иузимхӡом аԥара…Иара алашара Егрынтәи шаҟа аауа здыруада?...", - иҳәеит Леонид Наҟәаԥиа.

Аиҿцәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил шәазыӡырҩыр.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: