"Уажәы аус шцо ицалар, амаининг фермақәа ҳарцәошәа, аха ииашаҵәҟьаны уи ус акәымкәа, жәаҳәарада ЕгрыГЕС аныҟарҵалакгьы акгьы иҳахәаӡом, избанзар, иалагеижьҭеи иаҳагьы иацлеит, ауаа ишаархәац иаархәоит, уи иахҟьаны еиҭа аӷьычрақәа цәырҵит, аӡәы иҟынтә аӡәы иӷьычуеит, урҭ рҟнытә даҽа шьоукы, апроцесс уажәгьы иаҿуп. Макьана ахықә аҟынӡа имнеиӡац, ари аанкылашьа амаӡам, избанзар, акриптовалиута ахә ацлара иаҿуп, ауаа знык аԥара агьама збаз, уи имариаӡаны изырҳауа, аанкылаша мчы ҳамаӡам", - азгәеиҭеит иара.
Қорсаиа иажәақәа рыла ас еиԥш ҳашцо ҳцалар, иааиуа аӡын азы ҳенергетика ҳалгоит.
"Иаанхаз атраснформаторқәа акакала, ҩба-ҩбала ибжьыслоит, ас еиԥш ақәыӷәӷәара рзычҳаӡом, иҳауа алашара ҳазхаӡом, аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахоит, ауаа еиҭа иархәалоит амаинингқәа, ирыԥшаалоит излаарго амҩақәа, аха убри аан амаининг аԥхьаҟатәи аԥеиԥш амоуп. Уи ахылаԥшра ӷәӷәа амазароуп аҳәынҭқарра аганахьала, иҟазароуп аԥҟарақәа. "Амшынеиқәафымцамч" атехникатә ҭагылазашьа изаԥнаҵароуп уи зҽазызкыр зҭаху изы, азин ылхны, ашәахтә акәҵаны, алашара ахә ақәҵаны, насгьы, ҭыԥла Гал араион ада афермақәа рыргылара азин ыҟамзароуп. Усҟан ацәаҳәақәа ақәыӷәӷәара роуӡом, уа алашара убыллар, иаҳа иныухуа алашарагьы маҷхоит",- агәаанагара ааирԥшит Қорсаиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.