Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша лаҵарамзазы иусуратә мшқәам азгәанаҭеит

Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша знык ала фҩык иреиҳаны ирыдыркылом, даргьы акоронавирус аламырҵәаразы ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа аԥҟарақәа ирықәныҟәоит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Урыстәыла лаҵара 3, лаҵара 10 усуратә мшқәам ҳәа ахьрыланаҳәаз азы аконсултә ҟәша аркхоит. Абри атәы аанацҳауеит Ацҳаражәҳәарҭа Facebook аҿы.

Хәышықәсатәи аҳәаанырцә-тәылауаҩшәҟәқәа рзы анкетақәа рыҭара лаҵарамзатәи аграфик иақәыршәаны имҩаԥгахалоит.

Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша лаҵарамзазы иусуратә мшқәам азгәанаҭеит

2021 шықәса хәажәкыра 23 инаркны анкетақәа разырхиаразы иҭаҩу атәылауаа рыдкылара аграфик ԥыҭрак ашьҭахь икьыԥхьхоит.

Иазырхиоу 5-шықәса зыҿҳәара ыҟоу атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара мҩаԥысуеит ашәахьа инаркны ахәашанӡа асааҭ 14:00 - 17:00 рзы. Ахәаша асааҭ 16:00 рҟынӡа.

Абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа разырхиареи ирхиоу абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа рыҭареи мҩаԥыргоит ашәахьа – ахаша, асааҭ 9.00 - 17.00 сааҭ рзы (аԥсшьараамҭа 13.00-14.00).

Атәылауаҩра аиурази аконсултә ҭагаларази адкылара ҟалоит ашәахьа – ахаша, асааҭ 9.00 - 17.00 рзы (13.00 - 14.00 аԥсшьараамҭа), ахәаша асааҭ 9.00 - 12.45.