Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша лаҵарамзазы иусуратә мшқәам азгәанаҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПосольство России в Абхазии
Посольство России в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша знык ала фҩык иреиҳаны ирыдыркылом, даргьы акоронавирус аламырҵәаразы ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа аԥҟарақәа ирықәныҟәоит.

АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Урыстәыла лаҵара 3, лаҵара 10 усуратә мшқәам ҳәа ахьрыланаҳәаз азы аконсултә ҟәша аркхоит. Абри атәы аанацҳауеит Ацҳаражәҳәарҭа Facebook аҿы.

Хәышықәсатәи аҳәаанырцә-тәылауаҩшәҟәқәа рзы анкетақәа рыҭара лаҵарамзатәи аграфик иақәыршәаны имҩаԥгахалоит.

© Foto / facebook / Посольство России в АбхазииУрыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша лаҵарамзазы иусуратә мшқәам азгәанаҭеит
Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша лаҵарамзазы иусуратә мшқәам азгәанаҭеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2021
Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша лаҵарамзазы иусуратә мшқәам азгәанаҭеит

2021 шықәса хәажәкыра 23 инаркны анкетақәа разырхиаразы иҭаҩу атәылауаа рыдкылара аграфик ԥыҭрак ашьҭахь икьыԥхьхоит.

Иазырхиоу 5-шықәса зыҿҳәара ыҟоу атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара мҩаԥысуеит ашәахьа инаркны ахәашанӡа асааҭ 14:00 - 17:00 рзы. Ахәаша асааҭ 16:00 рҟынӡа.

Абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа разырхиареи ирхиоу абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа рыҭареи мҩаԥыргоит ашәахьа – ахаша, асааҭ 9.00 - 17.00 сааҭ рзы (аԥсшьараамҭа 13.00-14.00).

Атәылауаҩра аиурази аконсултә ҭагаларази адкылара ҟалоит ашәахьа – ахаша, асааҭ 9.00 - 17.00 рзы (13.00 - 14.00 аԥсшьараамҭа), ахәаша асааҭ 9.00 - 12.45.

Ажәабжьқәа зегьы
0