Апрокуратура хада Борис Ачба аа-шықәса иқәҵазарц азыҳәа ҟанаҵеит

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь 2020 шықәса абҵара 5 рзы ахәаԥшразы инашьҭын АУН "Аԥсныавтомҩа" уаанӡатәи адиректор хада Борис Ачба иганахь ала ашьаус.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апрокуратура хада абиуџьеттә ԥарақәа нихит ҳәа агәаанагара ззыҟоу АУН "Аԥсныавтомҩа" уаанӡатәи адиректор хада Борис Ачба аа-шықәсеи фымзи аҭакра иқәҵазарц азыҳәа ҟанаҵеит.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Ачба мцҳәарыла 20 миллион мааҭ абиуџьеттә ԥарақәа еимиҵәеит, адокумент ԥаршеиқәа ихы иархәаны, ишьақәыргылам ахаҿы дицырхырааны, 2017 шықәса жәабран 27 рзы Аԥсны усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымба ихьӡала инаишьҭыз ашәҟәаҿы иарбаз адыррақәа ԥаршеин.

Аусӡбара аверсиа инарықәыршәаны Борис Ачба ашәҟәаҿы иаирбеит 2017 шықәса ажьырныҳәа-жәабран амзақәа рзы иҟаз аӡхыҵрақәа раан Ааԥсҭеи Хыԥсҭеи аӡиасқәа ирхыз ацҳақәа уашәшәырахеит ҳәа.

Абри ашьҭахь ахада ифонд аҟынтәи 19 471 162 мааҭ аремонттә усурақәа ирзоужьын. Ачба арҭ аԥарақәа итәитәит зышьаҭаркҩы Филимонов дхыҭҳәааз ИАЕ "ЮгСтройКомплект" иареи аилаӡара рыбжьаҵарала.

Апрокуратура хада ахаҭарнак апрокурор Ельвира Хазириши лажәақәа рыла 2016 шықәсеи 2017 шықәсеи рзы Ааԥсҭеи Хыԥсҭеи аӡиасқәа хыҵыртә аиԥш ԥсабаратә ҭагылазаашьак ыҟамызт. Ари шьақәырӷәӷәоуп ақыҭақәа рхадацәа, Аԥсны АҶА ахаҭарнакцәа, аекологиатә маҵзура ахаҭарнакцәа, Гәдоуҭа араион ахада ражәақәа рыла.

Иара убасгьы апрокурор лажәақәа рыла аиҿкаара "ЮгСтройКомплект" иарбанзаалак аматериал-техникатә базак амамызт, иагьазынагӡомызт иарбоу аусурақәа рхышәаҵышәа апроект-сметатә документациаҿ ишарбоу аиԥш.

Борис Ачба игәамбзиара иахырҟьаны аҩнытә рбаандаҩра иқәырҵеит

"Изазҵаау ашаҳаҭцәа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи ақыҭақәа рхадацәеи назлоу, ирҳәоит аусурақәа мҩаԥгамызт ҳәа. Убри аан аусурақәа рыдкылараз акт 2017 шықәсазы анапы аҵаҩын" ҳәа лҳәоит апрокурор.

Хазириши иазгәалҭеит уаанӡа изазҵааз отмет ашаҳаҭ-експерт лажәақәа рыла Хыԥсҭа аӡиас аҟәареиҿкаара амоуп, аӡхыҵрақәагьы проблема азцәырыргаӡом ҳәа.

"Изазҵааз аҟазауаҩ Есфирь Маитоп, аӡыршьҭрахь инеины избаз, илҳәеит Хыԥсҭа хаҳәума гәамсамума акгьы ҭырымгеит ҳәа. Арҭ аусурақәа мҩаԥгазар, ф-метрак раҟара зыгыдра ыҟоу аиқәыԥса ыҟазаарын, аҵауларагьы 2,5 метра илеиуан. Арҭ зегьы иаадырԥшуеит ари аҭыԥ аҿы аусурақәа шымҩаԥымсуаз" ҳәа лҳәеит лара.

Борис Ачба идукат Инга Габилаиаԥҳа илыхьчо ауаҩы ихарадҵа зынӡагьы дақәшаҳаҭым. Лара лажәақәа рыла аӡиасқәа Хыԥсҭеи Ааԥсҭеи рыпроблема ыҟоижьҭеи акрааҵуеит. Уи ус шакәу шьақәирӷәӷәеит уаанӡатәи атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба, аха ахарадҵаҩцәа уи азхьаԥшра аҭахны ирымбеит ҳәа илшьоит лара.

Борис Ачба иус аӡбарҭахь инашьҭуп

Адукат оумашәа илбоит 2017 шықәсазы арҭ аҭыԥқәа рҿы аусурақәа шымҩаԥымсуаз Аԥсны АШәМ аҿы ирдыруазҭгьы уи азхьаԥшра ахьарымҭаз. Уи иаанаго ацәгьоура рҵәахит ауп ҳәа лҳәоит лара.

"Аусӡбара иазышьақәмырӷәӷәеит апроект-сметатә документациаҿ иарбоу аусурақәа шымҩаԥгамыз. Урҭ адырра ҷыдақәа рыда рышьақәырӷәӷәара алшом. Уи ашьақәырӷәӷәаразы Аԥсны иҳамам агидрологцәа, агидрогеологцәа, агидротехникцәа аҭахуп", - лҳәоит лара.

Адукат агәра ганы дыҟоуп ахарадҵара аекспертиза аус ишадрымгалаз ахәԥса аҳаракразы, 3,5 шықәса рышьҭахь аусурақәа мҩаԥгазу имҩаԥгамзу ашьақәырӷәӷәара шалымшо.

Борис Ачба игәаанагара иҳәеит. Иара иажәақәа рыла аӡиасқәа Ааԥсҭеи Хыпсҭеи рҟны Кәыдры аӡиас аҟны иахьа имҩаԥысуа аусурақәа иреиԥшу аҭахны ишыҟаз аԥсабаратә рыцҳарақәа рцәыхьчаразы.

Иара иҳәеит атәыла анапхгара хаҭала иара инапы ишанырҵаз ипроблемоу аҭыԥқәа ахылаԥшра рыҭара, абри усҟантәи Гәдоуҭа араион ахада Руслан Ладариа ишиирдырыз, уи мап шацәимкыз.

"Атәыла ахада изеиҭасҳәеит аобиект аҿы сшыҟаз, аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Аусурақәа излалшо ала ирццакны имҩаԥгатәуп ҳәа сарҳәеит. Аԥаразоужьра мҩаԥган. Аилахәыра ("ЮгСтройКомплект" – аред.) аӡбахә уаанӡа исмаҳацызт аха атәыла ахада игәрагара сыман", - ҳәа иҳәеит иара.

Ачба игәаанагарала ихара шьақәырӷәӷәам.

"Сара аԥарақәа стәысымәтит. Филимонов ҳәагьы аӡәгьы схы дасмырхәеит. Аԥара иӷьычит ҳәа исхарарҵо ҵаҵӷәы амам. Сара сгәаанагарала – аполитикатә шьаҭа амоуп иахьа исыхҭырго", - ҳәа иҳәеит Ачба.

Ақалақьтә ӡбарҭа апресс-маҵзура аинформациала Борис Ачба иумҭа Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 156 ахәҭа 4 иаҵанакуеит.

​ Габилаиаԥҳа аҳәара ҟалҵеит Ачба ашьақарчымазара шимоу азхьаԥшра арҭарц.

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа "Аԥсныавтомҩа" аиҳабы инапынҵақәа назыгӡоз Борис Ачба аҩнтәы баандаҩра иқәнаҵеит игәамбзиаратә ҭагылазаашьа ҳасаб азуны.

Борис Ачба 2014 инаркны 2016 шықәсанӡа аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныавтомҩа" ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2016 шықәса инаркны аилахәыра деиҳабын.

1994 шықәса инаркны 2007 шықәсанӡа Аҟәа анхарҭатә усбарҭа деиҳабын, иара убас ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2007 шықәсазы Ачбеи, Аҟәа ақалақь ахада Асҭамыр Адлеибеи, афинансқәа рыҟәша аиҳабы Константин Ҭыжәбеи, анхарҭатә усбарҭа аиҳабы Давид Џьынџьали русура иамхын аҳәынҭқарратә мал еимырҵәеит ҳәа. Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла Борис Ачба ҭакрадатәи ахарахгара иқәҵан.

Борис Ачба акгьы ихарам ҳәа дыԥхьаӡоуп, уи ихара шьақәыргыланы азакәантә мчы аиуаанӡа.