Борис Ачба иус аӡбарҭахь инашьҭуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСудейский молоток
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Борис Ачба мцҳәарыла 20 миллион мааҭ абиуџьеттә ԥарақәа еимиҵәеит адокумент ԥаршеиқәа ихы иархәаны, ишьақәыргылам ахаҿы дицырхырааны ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь абҵара 5 рзы ахәаԥшразы инашьҭуп АУН "Аԥсныавтомҩа" уаанӡатәи адиректор хада Борис Ачба иганахь ала ашьаус ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Ачба мцҳәарыла 20 миллион мааҭ абиуџьеттә ԥарақәа еимиҵәеит адокумент ԥаршеиқәа ихы иархәаны, ишьақәыргылам ахаҿы дицырхырааны, 2017 шықәса жәабран 27 рзы  Аԥсны усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымба ихьӡала инеишьҭыз ашәҟәаҿы иарбаз адыррақәа ԥаршеин.

Здание Верховного суда Абхазии, 19 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны
Борис Ачба игәамбзиара иахырҟьаны аҩнытә рбаандаҩра иқәырҵеит

Борис Ачба ашәҟәаҿы иаирбеит 2017 шықәса ажьырныҳәа-жәабран амзақәа рзы иҟаз аӡхыҵрақәа раан Ааԥсҭеи Хыԥсҭеи аӡиасқәа ирхыз ацҳақәа уашәшәырахеит ҳәа. Абри ашьҭахь ахада ифонд аҟынтәи 19 471 162 мааҭ аремонттә усурақәа ирзоужьын. Ачба арҭ аԥарақәа итәитәит зышьаҭаркҩы дхыҭҳәааз ИАЕ "ЮгСтройКомплект" иареи аилаӡара рыбжьаҵарала.

Ақалақьтә ӡбарҭа апресс-маҵзура аинформациала Борис Ачба иумҭа Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 156 ахәҭа 4 иаҵанакуеит.

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа "Аԥсныавтомҩа" аиҳабы инапынҵақәа назыгӡоз Борис Ачба аҩнтәы баандаҩра иқәнаҵеит игәамбзиаратә ҭагылазаашьа ҳасаб азуны.

Борис Ачба 2014 инаркны 2016 шықәсанӡа аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныавтомҩа" ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2016 шықәса инаркны аилахәыра деиҳабын.

1994 шықәса инаркны 2007 шықәсанӡа Аҟәа анхарҭатә усбарҭа деиҳабын, иара убас ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2007 шықәсазы Ачбеи, Аҟәа ақалақь ахада Асҭамыр Адлеибеи, афинансқәа рыҟәша аиҳабы Константин Ҭыжәбеи, анхарҭатә усбарҭа аиҳабы Давид Џьынџьали русура иамхын аҳәынҭқарратә мал еимырҵәеит ҳәа. Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла Борис Ачба ҭакрадатәи ахарахгара иқәҵан.

Борис Ачба акгьы ихарам ҳәа дыԥхьаӡоуп, уи ихара шьақәыргыланы азакәантә мчы аиуаанӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0