"Аԥсны жәлар рконгресс" аԥҵахоит ареспубликаҿ

Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр аҿы мшаԥы 21 азы имҩаԥган астол гьыжь "Алхратә система амодель ҿыц азы".
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр аԥшьгарала ажәадгала ҟаҵоуп ареспубликаҿы ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны жәлар рконгресс" аԥҵазарц.

"Ауаажәларратә еиҿкаара "Аидгылара" аԥҵоижьҭеи 30 шықәса ирықәуп. Иара аԥҵан асовет система анеилаҳауаз, аԥсуа жәлар рхы рмыхьчар ада ԥсыхәа рымамкәа ианыҟаз", - иҳәоит Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр рдиректор Олег Дамениа.

"Аидгылара" аԥҵарала аԥсуа жәлар усҟантәи аамҭа аҭагылазаашьа аҭак анаҭон ҳәа иҳәеит иара.

"Абри аҩыза аиҿкаарақәа аԥырҵон Аԥсны егьырҭ амилаҭтә уаԥшьқәагьы – аурысқәа, аерманцәа, абырзенцәа. Урҭгьы нас "Аидгылара" рҽадырҵеит.  Ауаажәларратә еиҿкаара адгылара ду змаз Аԥсны аиҳабацәа ирылшеит Қырҭтәыла анапхгара  рақәыршаҳаҭра Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахь алхрақәа  квотала имҩаԥгазарц", - еиҭеиҳәоит Дамениа.

Аамҭа уадаҩқәа раан ажәлар рҽеидкылара иалнаршеит алхрақәа рымҩаԥгара, аибашьраҿы аиааира, аблокада ахыгара, Аконституциа адкылара, атәыла ахада иалхра ҳәа иҳәоит Дамениа.

"Аибашьра ашьҭахь еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны аиҿкаара аусура азацымҵеит. Ажәлари амчреи реинырра аҭыԥ ҭацәит. Иҟан аполитикатә партиақәа уи аҭыԥ ахарҭәаара зҽазызшәоз аха алҵшәа маҷхеит", - иҳәеит иара.

Дамениа 1990 шықәсазтәи Адекларациазы: раԥхьатәи шьаҿан аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы

Аамҭа ҿыц азы ажәлар аполитикатә ԥсҭазаара иаҟәыгахеит. Ари аетникатәи акультуратәи традициақәа рыдагьы Аконституциа анормақәагьы ирықәшәомызт иҳәоит адиректор.

"Алхыҩ зконституциатә мчра зиҭо адепутат иара дихьыԥшымкәа дҟалеит. Амчреи анапхгареи рыбжьара аҭацәра аиҿагыларахь инанагеит, аҿиара иаԥырхагахеит", - иҳәеит Дамениа.

Ари аҭацәра аԥыххарц азоуп изаԥаҳҵо "Аԥсны жәлар рконгресс". Иара иахықәку – ажәлар мчыкны реидкылароуп, аҩныҵҟатәии адәныҟатәии ашәарҭарақәа ириааиуа аҟаҵароуп ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Аконгресс аҳәынҭқарратә ҩныҵҟатә политика амҩаԥгара иацхраароуп, аҳәынҭқарратә напхгараҭара ахаҭабзиара шьҭнахроуп, азинтәи асоциалтәи закәанеиҿкаара аиҭашьақәыргылара мҩаԥнагароуп, ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәра алнаршароуп", - иҳәеит иара.

Ауаажәларратә еиҿкаара ишахәҭоу аус зымуа аполитикатә еиҿкаарақәа рфункциақәа нанагӡароуп ҳәа иҳәоит Дамениа. Иара иазгәеиҭеит аконгресс 35 округ рҿы иалырхуа 350 лахәыла рыла ишышьақәгыло.

Дамениа Аԥсны абираҟ азы: Қырҭтәылеи ҳареи ҳаиҿагылараҿы иаӡбаз рацәоуп

"Аконгресс аилазаарахь иалххоит аԥышәа змоу аҟазауаа. Аконгресс аҳәынҭқарратә мчреи анапхгараҭареи реиҿкаараан акадырқәа ралкаара иацхраалароуп", - иҳәеит иара.

Ауаажәларратә еиҿкаара  аԥҵаразы ргәаанагара рҳәеит аиԥылара алахәылацәа. Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц иазгәеиҭеит аиҿкаара аԥҵаразы макьана аексперттә гәаанагара дшаламцәажәо.

"Макьаназы еилкаатәуп Аконгресси Аконституциеи реишьашәалара. Иҭҵаатәуп. Аха сара рыгәра згоит ари аус знапы алаку ауаа", - иҳәоит  Барцыц.    

Апарламент адепутат Рауль Лолуа ауаажәларратә еиҿкаара аԥҵара адгылара аиҭеит.

"Апарламент аҿы имаҷым амчрақәа ҳполитикатә система аинтерес змоу. Сара адгылара шәысҭоит аха убри аан исҳәоит аус амаршәа шыктәу избанзар уажәы иҟоу абаланс ццакымзаргьы аҿиара алнаршоит", - иҳәеит апарламентари.

Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба иҳәеит ауаажәларратә консенсус алыршаразы аусура ду шымҩаԥгатәхо.

"Адиалог амҩаԥгаразы аамҭа рацәаны иҳамам. Алхрақәа шықәсык рыгзаргьы  аполитикатә мчрақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, аетникатә гәыԥқәа рыбжьара  аҳәоуеиқәшәара алыршатәуп. Уи аныҟала даара ибзиахон. Аԥхьатәи Апарламент ориентирс аҟаҵара ҳәарада ибзиоуп аха усҟан ауаажәларра аӡәыкны иҟан, идеиак рыман. Ҳара аҿиара ҳаман избанзар ҳаилаҵәан ҳаҟан. Ҩныҵҟала еиҿагыло ауаажәларра ҿиашьагьы рыман иҟам. Акзаароуп иаҳхықәкы хаданы иҟалаша. Шәара иҳадыжәгалаз амодель уаднаԥхьалартә иҟоуп", - иҳәеит иара.

Аиԥылара анҵәамҭаз амодератор, аекономист Илона Мирцхәылааԥҳа илҳәеит аиҿкаара аԥҵаразы азҵаарақәа рыӡбра мҩаԥнагалоит 25-ҩык злоу иҷыдоу агәыԥ.

Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр аҿы имҩаԥгаз астол гьыжь "Алхратә система амодель ҿыц азы» иалахәын анапхгаратә мчра алахәылацәа, апарламент адепутат, арҿиаратәи аҭҵаарадырратәи интеллигенциа.