Аԥсни Ҟрыми аусеицуразы хышықәсатәи апрограмма рнапы аҵарҩит

Ареспублика Ҟрым (Урыстәылатәи Афедерациа) Аминистрцәа рхеилаки Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаареи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы Аицкомиссиа ахԥатәи аилатәара мҩаԥысит мшаԥы 22 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ареспублика Ҟрым (Урыстәылатәи Афедерациа) Аминистрцәа рхеилаки Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаареи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы Аицкомиссиа ахԥатәи аилатәара аихшьаалақәа рыла ирыдыркылеит 2022-2024 шықәсқәа рызтәи ауснагӡатәқәа Рыпрограмма.

Аԥсни Ҟрыми аусеицуразы хышықәсатәи апрограмма рнапы аҵарҩит

"Ари уаанӡатәи аиқәшаҳаҭрақәа ирыцҵоуп. Апандемиа иахҟьаны акомиссиа аусура маҷк ишьшьылаҳахеит, уснагӡатәқәак онлаин режим ала ишымҩаԥгазгьы. Иахьа ҳара иазԥхьагәаҳҭеит  агуманитартә хырхарҭала аекономикатә ҿиара. Ҳколлегацәеи ҳареи ҳалацәажәеит ԥхьаҟазы иҟаҵатәны ҳазхәаԥшуа аусқәа рызҵаара", - иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.

Ԥиԥиа Ҟрыми Аԥсни русдкылаҩцәа реиԥыларазы: ҳаимадара ҳхы иахьаҳархәаша ҳазхәыцуеит

Ареспубликақәа русеицура дырҿиалоит аҵара, аспорт, аекономика уҳәа ахырхарҭақәа рҿы ҳәа иҳәеит иара.

"Ари ақьаад аҿы мацара арбара акәым. Иҟоуп аус зыдулара ҳалагахьоу апроектқәа", - иҳәеит иара.

Ҟрым аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Ҟрыми русеицура лҵшәа амам ҳәа аҳәара шиашам.

"Инагӡоу апроектқәа маҷымкәа иҳамоуп. Раԥхьа иргыланы иазгәасҭар сҭахуп ахыркәшарахь инеихьоу апроект – аԥсыӡ шылеи аԥсыӡ хәшеи рҭыжьра иазырхоу.  Ари апроект нагӡахоит Кьерчтәи адгьылбжахаҿи Кьерч ақалақь аҿи аԥснытәи аинвесторцәа рыцхыраарала", - иҳәеит  Мурадов.

Алшамҭақәа ыҟоуп ҩ-ганктәи ахәаахәҭраҿы ҳәа азгәеиҭеит Ҟрым аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов.

"Исҳәар сылшоит аԥснытәи амандаринақәа, ацитрусқәа, егьырҭ ашәырқәа урыстәылаа реиԥш ҟрымаагьы реишәа иқәуп ҳәа. Аҿиара иаҿуп ҩ-ганктәи аилахәаахәҭра. Ҳара иаҳҭахуп уи иҵегьы хра аманы иҟаларц ахәԥсақәа рганахьала. Уи азы аус рыдааулоит атранспорттә логистикатә схемақәа – атауар еиҳа ирццакны амҩангаразы, ахәԥса аларҟәразы", - иҳәеит ачынуаҩ.

Ареспубликақәа ақыҭанхамҩа, атуризм, аҵарадырра русхк аҟынгьы аус еицыруеит ҳәа иҳәеит Георги Мурадов.

"Аԥснытәи аԥшааҩцәа Ҟрым ирыԥшааит аибашьра ду аан адгьылбжьаха ахьчара зхы ақәызҵаз аԥснытәи аибашьцәа рышьҭамҭа. Ҳара ҳаицәажәеит афырхацәа рхамшҭразы амемориал ақәыргылара мҩаԥаагарц. Ари ауаа рыхдырра ииашаны еиҿызкаауа усуп", - иҳәеит иара.

Георги Мурадов иара убасгьы иҳәеит Аԥснынтә араса, киви, ахәырма уҳәа ашәырқәа Ҟрымҟа рынашьҭра аинтерес рыманы ишыҟоу.

Беслан Џьопуа иазгәеиҭеит Ҟрым ахаҭарнакцәа аԥсуа цха аинтерес шышьҭырхыз. Аԥсны ацха аазрыхуа шырацәоугьы аҭираз апроблемақәа ыҟоуп.

"Ашьхааӡаҩцәа раалыҵ аҭира рцәыуадаҩуп, аҳәынҭқарра уи аус ахьазеиҿымкаауа иақәыӡбоит, иагьиашоуп. Георги Лев-иԥа ари аус ахаҭалатә хылаԥшра шеиҭо иҳәеит. Сгәы иаанагоит иҵоуроу алҵшәақәа ҳауп ҳәа", - иҳәеит Џьопуа.

2016 шықәсазы Ареспублика Ҟрыми Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын. Ес-хышықәса аганқәа рнапы аҵарыҩуеит ауснагӡатәқәа Рыпрограмма.