Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥиԥиа Ҟрыми Аԥсни русдкылаҩцәа реиԥыларазы: ҳаимадара ҳхы иахьаҳархәаша ҳазхәыцуеит

© SputnikВахтанг Ԥиԥиа
Вахтанг Ԥиԥиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысит "Ҟрым-Аԥсны абизнес еиҿцәажәара: ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара" ҳәа захьӡу астол гьежь. Аусеицуразы Жәларбжьаратәи афонд ахантәаҩы Вахтанг Ԥиԥиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит излацәажәоз азҵаарақәа.
Хра злоу ахҭысқәа: Ԥиԥиа Ҟрыми Аԥсни русеицура иазкны

"Урыстәыла арегионқәеи ҳҳәынҭқарреи ирацәаны аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьоуп. Уажәы Амшын еиқәа иаԥну ҿыц республиканы Урыстәыла иалалаз Ҟрыми ҳареи ҳусеицура активла ҳалацәажәоит. Дара рҟны акурорттә, ақыҭанхамҩатә хырхарҭақәа аҿиара рымоуп. Аекономика еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ирыҵаркуа ирызкын аилацәажәарақәа… Иаагозар, акурорттә обиектқәа ршәарҭадара иадҳәалоу амаҭәахәқәа, автоматикатә ашәқәа уҳәа ҭзыжьуа азауадқәа рымоуп Ҟрым, рыхәқәа бзиоуп, араҟа иааганы ухәы иаурхәар алшоит… Ҟрым ирымоуп агәабзиарачаԥарҭатә обиектқәа, ҳветеранцәа ирыхәаша. Азҵаара ықәгылаӡам дара рҟны иаҳа еиҳауп, еиӷьуп ҳәа, аус злоу - ҳаимадара ҳхы иабаҳархәаша даргьы ҳаргьы. Азҿлымҳара арҭеит Аԥсны иҭрыжьуа аӡқәа, дара ари азҵаарҟны ахьысҳарақәа ахьрымоу ыҟоуп. Уажәы дара рахь аихамҩа ҿыц аадыртит, уигьы аԥснаа ҳхы иаҳархәап ҳәа агәаанагара сымоуп. Мшынла акәзар, иааиуа ашықәс инаркны акруизтә ӷба "Аҭауад Владимир" Ҟрыми Аԥсни ирыбжьалоит. Ҳаиԥылараҟны убас азыҳаӡбеит, шықәсык ахь знык-ҩынтә ҳаиқәшәаларц, абизнес аганахьала аус ахьеицаҳуша аиқәшаҳаҭра бзиақәа ҳҽырзыҟаҳҵоит. Аԥхьаҟа Аԥснытәи аусдкылаҩцәа иаҳа азҿлымҳара арҭап ҳәа сгәы иаанагоит ас еиԥш аимадара", -иҳәеит  Ԥиԥиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0