Георги Воуба Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада иҳаҭыԥуаҩ имаҵура дамхуп

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба мшаԥы 13 рзы аҩнытә рбаандаҩраҟынтә ихы дақәиҭтәуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Апрокуратура хада азыҳәала, Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарала Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба имаҵура дамхуп. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Апполон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахьала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы рнапынҵамчрақәа ирхыҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәуп

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Георги Воуба харас идырҵоит атәым мазара рацәаны иӷьычит, имаҵуратә уалԥшьақәа инархыҳәҳәаны ихы иаирхәеит, аԥхасҭа бааԥс ҟаиҵеит ҳәа.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Воуба ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Апполон Гәыргәлиа дыргәыбзыӷны ацәгьа иируит имаҵзуратә зинмчра ихы иархәаны ахәышәтәырҭа амазара даҵаӷьычырц.

Аус далахәны дшьоуп Ареспубликатә хәышәтәырҭа уаанӡатәи аусзуҩ Аслан Цкәуа. Иаргьы аҩнытә баандаҩраҟынтә ихы дақәиҭтәуп.