Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба самырзаҟантәи аԥсуаа рыжәлақәа рырхынҳәра иазкны
© Sputnik
"Ари аҩажәатәи ашәышықәса алагамҭаз уахыки-ҽнаки рыла иԥсахыз аԥсуа жәлақәа, Қьецбаиа ҳәа уҳәа аҟаҵара, урҭ рагыруатәра акәын хықәкы хадас ирымаз. Иахьатәи аамҭазы алшара анҳамоу, урҭ ауаа мчыла иаԥсыуатәны рыҟаҵара акәӡам хықәкы хадас иҟоу, урҭ ауаа хдыррала, ҳара ҳаԥсыуаауп, ҭоурыхла, жәлала, ҵасла, қьабзла - дара рхаҭа ирдыруеит ишаԥсыуаау, рҭоурых рдыруеит, ус еиԥш иҟоу ажәлақәа реиҭашьақәыргыларазы проблемак аманы ҳәа исыԥхьаӡом", - ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- "Абхьӡуп жәлас иҟоу": ажәлақәа рцәырҵра азҵаарақәак афольклортә нҵамҭақәа рыла
Ҳагԥҳа: хықәкыс иҟоу аԥсуа жәлақәа рҳәашьеи рҩышьеи реиқәыршәара ауп