Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа аветеран Аиааира ду лыдырныҳәалеит

Арратә оркестр амузыкантцәа аветеран лзы иадырҳәеит амузыкатә композициақәа, арратә ашәақәа "Аиааира амш", "Катиуша" уҳәа егьырҭгьы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауааи арратә оркестри 99-шықәса зхыҵуа Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Валентина Шульгина Аиааира Амш 76-шықәса ахыҵра лыдырныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа аветеран Аиааира ду лыдырныҳәалеит

Аррамаҵзурауаа сасны илҭааит амедицинатә маҵзура агвардиа алеитинант Валентина Шульгина. Ҷыдала лыхьӡ ала еиҿыркааит аконцерт.

Абаза акомандаҟаҵара ахьӡала Валентина Ефим-иԥҳа иланашьан аҳамҭақәа.

"Ҳара ҳзы инасыԥ дууп Аиааира ду аветеранцәа рбара, ацхыраара рыҭара. Асеиԥштәи ауснагӡатәқәа аамҭа-аамҭала имҩаԥаагоит. Аветеранцәа ҳбара агәахәара ду рзаҵоуп", - иҳәеит арратә база аамҭала акомандаҟаҵаҩ инапынҵақәа назыгӡо, амаиор Георги Осташевски.

Валентина Ефим-иԥҳа илзеиӷьашьан агәабзиара, агәамч, анасыԥ, илыҭан аҳамҭақәа, ашәҭқәа.

Валентина Ефим-иԥҳа лысасцәа ирзеиҭалҳәеит аибашьреи аибашьрашьҭахьтәи аамҭақәеи ирыҵаз ауадаҩрақәа.

Аибашьра ду аан ҳџьынџьуаа зықьҩыла амцашыра иалагылан. Еибашьра ицаз 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: