"Сара сеибашьра": Аԥснынтәи Аибашьра Ду аветеранцәа злахәу афильм ҭыҵит

© Sputnik / Asatur Yesayants / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВетераны Великой Отечественной войны на церемонии возложения цветов около Вечного огня в парке Победы во время празднования Дня Победы в Ереване
Ветераны Великой Отечественной войны на церемонии возложения цветов около Вечного огня в парке Победы во время празднования Дня Победы в Ереване - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2021
Анапаҵаҩра
Апроект "Сара сеибашьра" – Аибашьра Ду аветеранцәа ирызку адокументалтә фильмқәа ирсериоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснынтәи Аибашьра ду иалахәыз аветеранцәа злахәу адокументалтә фильм "Сара сеибашьра" ҭыҵит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра.

Апроект афырхацәа дреиуоуп аветеран Алексеи Шьониа. Sputnik аинтервиу анеиҭоз иара иҳәеит афильм шибахьоу, ишигәаԥхаз.

"Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп апроект аԥҵара иалахәыз. Анцәа иҳәааит иааиуа абиԥарақәа ҳара иаабаз рымбо. Ашықәсқәа акыр шцахьоугьы ҳахьырхамшҭуа агәахәара снаҭоит" ҳәа иҳәеит аветеран.

Аԥснынтәи апроект иалахәхеит:

Борис Қәҭарба

Нонна Дорофеева

Екатерина Синиавскаиа

Алексеи Шьониа

Рубен Керопиан

Аветеранцәа ринтервиу ҭаҩын 2020 шықәса абҵара 14-15 рзы Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы.

Адокументалтә фильмқәа "Сара сеибашьра" Москва Адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәа рдепартамент аԥаразоужьрала иҭыхуп, Арегионалбжьаратә уаажәларратә фонд "Образование в третьем тысячелетии" иаԥшьгамҭоуп.

Аԥсны афильм ҭнахуан Арегионалбжьаратә уаажәларратә фонд "Образование в третьем тысячелетии" Акультура аминистрра, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшь" рыдгыларала.

Ажәабжьқәа зегьы
0