Аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" аусзуҩ аҵарҭыша шигоз даанкылоуп

Аҳазалхырҭа аусзуҩ Евразиатәи аекономикатә еидгыла аҳәаа ашәҟәы иҭагаламыз атауар ахыжьразы 30 000 мааҭ иоуит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Адлер" аусзуҩ аҵарҭыша шигоз даанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхырҭатә усбарҭа асаит.

Шәача аҳазалхыҩ Аԥсны атәылауаҩ иҟынтәи аҵарҭыша игарц иҽазишәеит

Краснодартәи аҳазалхырҭа акоррупциа иаҿагыланы ақәԥараз аҟәша аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҳазалхыҩ изакәанмыз иумҭа – 30 000 мааҭ аҵарҭыша агараан дааныркылеит.

Аҵарҭыша ииҭеит Урыстәыла атәылауаҩ, ҳазалхратә гәаҭарада Евразиатәи аекономикатә еидгыла аҳәаа ашәҟәы иҭагаламыз атауар ахә мшәакәа иахигаразы.

Имаҵзуратә напынҵақәа ахрархәарази аҵарҭыша агарази аинспектор иганахьала аусҭҵаара хацыркуп.