АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Краснодартәи аҳазалхырҭа акоррупциа иаҿагыланы ақәԥараз аҟәша аусзуҩцәа иаԥдырҟәҟәааит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҳазалхыҩ изакәанмыз иумҭа. Иара дааныркылеит аԥара анигоз аамҭазы ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхырҭатә усбарҭа апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп аҳазалхырҭатә ҭыԥ ахь дшыдҵаалаз Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаҩ, заамҭалатә лагалара аҿҳәара иахыԥахьаз атранспорт хархәага Chrysler Voyager атәылахь аҭагаларазы. Убри аан аҳазалхыҩ атранспорт, заамҭалатә лагалара аҿҳәара иахыԥахьаз, атәылахь аҭагаларазы аҳазалхратә процедура амҩаԥгаразы 20 нызқь мааҭ даҳәеит.
Автомашьына зтәыз абри азы адырра ҟаиҵеит Краснодартәи аҳазалхырҭа акоррупциа иаҿагыланы ақәԥараз аҟәшахьы.
Аҳазалхҩы даанкылан аԥара анига ашьҭахь. Имаҵзуратә напынҵақәа ахрархәаразы иара иганахьала аусҭҵаара хацыркуп.