Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы Аибашьра Ду аветеранцәа рыдыркылеит

Иахьазы Аԥсны инхоит 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа 28-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа рыдыркылеит Аиааира Ду амшныҳәа аламҭалаз.

Ацҳаражәҳәарҭахь инеит аветеранцәа: Нонна Дорофеева, Екатерина Синиавскаиа, Ардаваст Сельвиан, Елена Вадзинскаиа. Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин урҭ Урыстәыла ахада Владимир Путин ихьӡала хаҭалатәи адныҳәаларақәа рзыҟаиҵеит. Аҭакс аветеранцәа ҭабуп рҳәеит.

"Азин сышәҭ, ҳаҭыр зқәу 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа, бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәарц. Иҭабуп Ацҳаражәҳәарҭахь ааира ахьшәылшаз. Адунеи иахыҵәаз акоронавирустә инфекциа иаҳнамҭеит ауснагӡатә еиҳа инарҭбааны амҩаԥгара", - ҳәа иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин.

Иара иазгәеиҭеит аиԥылара аҵак ду шамоу ԥхьаҟатәи абиԥарақәа реиҵааӡаразы.

Аладатәи арратә округ аруаа аветеран идырныҳәалеит Аиааира 76 шықәса ахыҵра

"Ҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп аиааиразы. Шәара шәыбзоуралоуп иахьа адунеи аҟны аҭынчра ахьыҟоу", - ҳәа иҳәеит адипломат.

Алексеи Двинианин иҳәеит лаҵаратәи амшқәа раан Аиааира амш шазгәарҭо, ишыргәаладыршәо ажәлар афырхаҵара, ишыргәаладыршәо аҭынчра зхы ақәызҵаз, амацәаз иҭакыз Ленинград ақалақь аҿы амла иагаз, атыл аҟны игылаз зегьы.

"Иара убри аамҭазы хацәынмырха акоронавирустә инфекциа ҳаҿагылоуп. Иҟоуп аиааирақәа абри аганахьалагьы. Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра ацхыраара рыҭаразы алаҵа "Спутник-V" ареспубликахь иаагоуп. Ҳгәыӷуеит хара имгакәа аҩбатәи апартиагьы аап ҳәа", - ҳәа азгәеиҭоит ацҳаражәҳәаҩ.

Адипломат иҳәоит аамҭақәа акыр шцахьоугьы, аибашьра ду ауаа ргәалашәараҿ ишыҟоу.

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа аветеран Аиааира ду лыдырныҳәалеит

"Ибзианы иаадыруеит аиааира иақәырӡу ахәԥса", - ҳәа иҳәоит Двинианин.

Аԥсны аибашьцәеи аџьеи рветеранцәа рреспубликатә хеилак аиҳабы Закан Нанба иажәақәа рыла, иахьазы Аԥсны инхоит 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа 28-ҩык.

Аибашьра ду аан ҳџьынџьуаа зықьҩыла амцашыра иалагылан. Еибашьра ицаз 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: