Аиааира Ду амш: Аԥсны ақалақьқәа рҿы Лаҵарамза 9 ишаԥыло

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция "Дорога памяти"
Акция Дорога памяти - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2021
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира амш есышықәса иазгәарҭоит Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҿы. Аныҳәатә уснагӡатәқәа рсиа Sputnik афишаҟны.

Sputnik

Аҟәа

Аныҳәатә ҽазыҟаҵарақәа Аҟәа ирылагеит лаҵара 3 рзы. Абри амш аҽны имҩаԥысит Аԥсны аҳәынҭқарратә камертә оркестри Москва аҳәынҭқарратә капеллеи рконцерт.

Аибашьра аветеранцәа алархәны афотоцәыргақәҵа "Аиааира ахаҿқәа. Ҳара ҳгәалашәареи ҳгәадуреи" Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы лаҵара 5 рзы иаадыртит.

Показ военных фильмов в честь Дня Победы организовали в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2021
Аҟәа еиҿыркааит Аибашьра Ду иазку акиносахьақәа дырбара

Лаҵара 6 рзы аҟәатәи ашколхәыҷқәа рзы аибашьра иазку акиносахьақәа дырбара мҩаԥысуан.

Лаҵара 9 рзы, Аиааира амш аҽны, Аҟәа Диоскураа рыԥшаҳәаҿы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониеи амитинги аадыртуеит асааҭ 10:00 рзы. Асааҭ 11:00 рзы Аԥсни Урыстәылеи рыруаа рымҩасра еиҿкаахоит. Асааҭ 9:00 рзы итрадициахаз "Ԥсра зқәым архәҭа" ақалақь агәы иалсуеит. Асааҭ 14:00 рзы маланыҟәала аицлабра "Сабду, аиааираз иҭабуп" акциа мҩаԥгахоит. Амш ахи-аҵыхәеи ақалақь иалыҩуеит аибашьра аамҭазтәи ашәақәа, амузыка.

Гагра

Гагра аныҳәатә уснагӡатәқәа аадыртуеит Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониала асааҭ 10:00 рзы. Нас имҩаԥысуеит акәашаратә ансамбльқәа рконцерт. Аветеранцәа аҳамҭақәа рыҭахоит.

Фотовыставка «Лица Победы»  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Афотоцәыргақәҵа "Аиааира ахаҿқәа. Ҳгәалашәареи ҳгәадуреи" аатит Аҟәа

Гәдоуҭа

Асааҭ 10:00 рзы В.И. Ленин ихьӡ зху апарк аҿы игылоу Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵоит. Асааҭ 11:00 рзы Дәрыԥшь ақыҭан имҩаԥгахоит аҽырыҩрақәа.

Гәылрыԥшь

Гәылрыԥшь араион аҿы Аиааира амш азгәаҭара хацыркхоит Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. Асааҭ 12:00 рзы Смецкои ихьӡ зху асанатори аҿы имҩаԥгахоит аконцерт. Гәылрыԥшь ауааԥсыра ирылшоит маланыҟәала аицлабра "Сабду, аиааираз иҭабуп" акциа иалахәхар. Лаҵара 9 ауха аныҳәатә салиут халарҵоит, ашәҭргьагьақәа амшынӡ ихырҵоит.

Очамчыра

Очамчыра араион аҿы аныҳәатә уснагӡатәқәа Кәтол ақыҭан аҽырыҩра амҩаԥгарала ихацыркхеит. Лаҵара 9 рзы Очамчыра, Идырым асолдаҭ ибаҟахьы инеиуеит араион ауааԥсыра. Асааҭ 11:00 рзы имҩаԥгахоит аконцерт.

Команды из села Кутол и Гулрыпшского района состязаются в конном футболе. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2021
Аҵәеигәыдҵа, аҽылампыл, аҽырыҩра: Кәтол имҩаԥысыз аҽқәа реиндаҭлара

Тҟәарчал

Тҟәарчал аныҳәа аадыртуеит асааҭ 12:00 рзы 1941-1945 шықәсқәа раан иҭахаз асолдаҭцәа рбаҟахьы анеирала. Анаҩс Акультура ахан аҿы имҩаԥысуеит аконцерт.

Гал

Гал ашҭа хадаҿы арратә музыка арҳәарала ауснагӡатәқәа ирылагоит. Имҩаԥгахоит ахәыҷқәа рыхәмаррақәа, асахьаҭыхратә цәыргақәҵа, акаҭран аҿы асахьа аҭыхра, имҩаԥгахоит "Ԥсра зқәым архәҭа" акциа, амитинг. Асааҭ 12:30 рзы галаа урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа злахәу ауснагӡатәқәа рыдгалахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0