Аусутә форум "VISIT APSNY" Гагра имҩаԥысраны иҟоуп

Аусутә форум "VISIT APSNY" аҟны иалацәажәараны иҟоуп ақыҭанхамҩа, атуризм, асасдкылара атуристтә усхк аҿиара афакторк аҳасаб ала реинырра.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәии урыстәылатәии аекспертцәа злахәу аусутә форум "VISIT APSNY" мҩаԥгахоит Гагра лаҵара 11 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аиҿкааҩ, "Атуризм аԥснытәи аидгыла" ахада Анна Калиагина.

Лара илҳәеит COVID-19 алаҵәара иахҟьаны афорум "VISIT APSNY" сынтәа цәыргақәҵада еиҿкаахоит.

Аинвестициақәеи аимиџьтә политикеи: Москва Аԥсны атуризм арҿиара иалацәажәеит

"Афорум аҟны ҳалацәажәоит атуризм азҵаара ақыҭанхамҩеи афермертә нхамҩеи рыҿиара алзыршо акакәны", - ҳәа лҳәоит Анна Калиагина.

Лара илҳәеит афорум аҿы ишалацәажәо атуристтә сезон аан аԥснытәи ақыҭанхамҩаарыхцәа ацхыраара шрыҭатәу азҵаарагьы.

Афорум аҩбатәи ахәҭаҿы алахәылацәа "Асасдкылара Аԥсны атуристтә дыԥхьалара афакторк аҳасаб ала" атема шьҭырхуеит.

""Асасдкылара академиа" ӡыраагараны ҳаҟоуп, атуристтә сезон аан амастер-классқәа мҩаԥаагалоит. Аусутә программа зегьы мышкала иахысуеит. Амза 10 рзы иаауеит аҭыԥантәи аекспертцәеи асасцәеи. Иаҳҭахуп аҭыԥантәиқәа – Атуризм аминистрра, Ақыҭанхамҩа аминистрра, Аҳәынҭуниверситет уҳәа еиҳа ирацәаҩны иҳадҳаԥхьаларц", - лҳәоит лара.

Ақыҭанхамҩаарыхыҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы Денис Соломко афорум аиҿкааҩцәа дреиуоуп. Иара имаҷым аԥышәа имоуп атуристтә усхк аҟны.

"Акраамҭа ҵуеит иаҭахны иҟоижьҭеи ақыҭанхамҩа, афермертә нхамҩа, атуризм рхырхарҭақәа русеицура аиҿкаара. Ас шакәу аиҳарак избо салагеит атуризми ақыҭанхамҩеи нап анрыласк. Избеит арҭ ахырхарҭақәа дара-дара шхеибарҭәаауа", - ҳәа иҳәеит Соломко.

Аԥсуа наплакыҩцәа ирус хаданы иҟоуп аҩнуҵҟатә џьармыкьа ахарҭәаара ҳәа иҳәеит Денис Соломко.

Лаҵарамзазы Аԥсны имҩаԥгахоит Жәларбжьаратәи атуристтә форум

"Ҳара уажәы аиҳарак ҳхы иаҳархәо аимпорттә аалыҵ ауп. Уи аҭыԥантәи ала иԥсахтәуп, нас аимпортгьы уазхәыцыр алшоит. Аха аимпорт аганахьала атурист Аԥсны иҭрыжьыз аалыҵ анааихәо, уи импорту аҩнуҵҟатә џьармыкьа аԥҵаракәу? Убри аан Урыстәыла афатә анааҳхәо атуристцәа иаҳзаарго аԥара ақәҳхарџьуеит. Урҭ аԥарақәа ара иаанхар ауан", - ҳәа иҳәеит иара.

Аусутә форум "VISIT APSNY" иаус хадоу ақыҭанхамҩа, атуризм, асасдкылара атуристә усхк аҿиара афакторк аҳасаб ала реинырра аиҿкаароуп, атуризм аҭахрақәа реилкаароуп.

Ақыҭанхамҩа арҿиаразы Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа адԥхьалатәуп. Уа аԥеиԥшқәа дууп ҳәа иҳәеит Денис Соломко.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: