АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Атуризм аминистрра ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵеит атуристтә сезон аламҭалаз досу иааигәа-сигәа иҟоу аҭыԥқәа дрыцқьарц, уаҩ дызхым аҩнақәа рҿы, апаркқәа рҿы агәамсам еизырымгаларц, рҽеидкыланы аандақәа, агәашәқәа ԥшшәхәык ала иршәырц.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа атуристцәа иахьыцқьоу аҭыԥ аҿы рыԥсшьара аиҿкааразы аусурақәа мҩаԥыргараны ишыҟоу.
Аминистрраҿы иара убасгьы ирҳәеит иҟоу пату ақәҵаны аҵиаа рацәа, ашәҭқәа реиҭаҳара шаҭаху.
"Ацқьареи аԥшӡареи алыршахоит ауааԥсыра, анаплакқәа рколлективқәа мҩацыԥхьаӡа, ҭыԥцыԥхьаӡа арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргар", - ҳәа аҩуеит аминистрра Facebook аҿы.
Уаанӡа атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба аҳәамҭа ҟаиҵахьан аԥхынтә сезон азы миллионки шә-нызқьҩыки иреиҵамкәа атуристцәа ҳарзыԥшуп ҳәа.