Гал араион аҿы ашьақарчымазара ашкол аадыртит

Ашьақарчымазара акьыбачымазара инаваргыланы адунеи аҿы еиҳа ишәарҭоу ачымазарақәа ԥшьба ирыҵаркуеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гал араион ахәышәтәырҭаҿы ашьақарчымазара ашкол аадыртит лаҵара 6 рзы ҳәа радио Sputnik иазеиҭалҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны ашьақарчымазаратә еилазаара" аусзуҩ, апроект "Ашьақарчымазара зыӡбам" акоординатор Асида Адлеиԥҳа.

Анқәабԥҳа ашьақар чымазаразы: ҳтәылаҟны ахԥатәи аҭыԥ аҿы игылоуп

"Ари Аԥсны хыԥхьаӡарала ахԥатәи ашкол ауп. Аԥхьатәиқәа ҩба аартын 2018 шықәсазы. Гал араион аҿы ирацәаҩуп ашьақарчымазара змоу, ауаа рзы иманшәалоуп ашкол аартра", - ҳәа лҳәеит лара.

Апроект мҩаԥысуеит ауаажәларратә еиҿкаара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ари ООН аҿиара Апрограммеи Европатәи аидгылеи адгылара арҭоит, дара роуп афинанстә цхыраара ҟазҵазгьы ҳәа лҳәоит Адлеиаԥҳа.

"Ашьақарчымазара ашкол аартым макьана Гәдоуҭа, Тҟәарчал, Очамчыра. Ҳаԥхьаҟа аусутә рацәа шьҭоуп аиҳаракгьы уи апациентцәа аӡәырҩык рзы иахьхымԥадатәиу азы. Ҳәарада ҳусура Агәабзиарахьчара аминистрра ахылаԥшуеит. Уажәы ашкол анааҳартуаз ахәышәтәырҭа аусурҭатә ҭыԥ ҳнаҭеит", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Ашьақарчымазара ашколқәа хымԥада ахәышәтәырҭақәа рҿы иҟазароуп ҳәа азгәалҭоит Асида Адлеиԥҳа.

"Ашкол ахәышәтәырҭаҿы иҟазароуп, ачымазара змоу апациент уи аҿагыларазы адыррақәа ирҭарц. Ахәышәтәырҭа илырҩаауа ауаҩы иҩныҟа дцоит ихымԥадатәиу адыррақәа иманы" ҳәа лҳәоит лара.

Аҳақьым: Аԥсны ашьақарчымазара еиҳа-еиҳа иҿкуа иалагеит

Ашкол иахықәку ауаҩы ари ачымазара шимоугьы ԥхьаҟагьы анхара иаршьцылароуп.

"Изалшаӡом аҳақьым чмазаҩык мацара дидҳәаланы. Ашьақарчымазара ацәшәара амоуп 24/7 . иҟалоит аҳақьым иԥшаара аамҭа ақәырӡра аншәарҭоу. Убри азы ауаҩы ихала ихы дахәо дыҟазароуп" лҳәоит Адлеиԥҳа.

Арҵаратә уснагӡатәқәа мҩаԥылгалоит Галтәи ахәышәтәырҭа аҳақьым-аендокринолог.

"Ҳәарада лара араион аҿы ашәҟәы иҭагало апациентцәа рсиа лымоуп. Дара гәыԥ-гәыԥла еихшаны азыҟаҵарақәа рахь иналыԥхьалоит. Бжьаратәлатәи адыррақәа рыла Аԥсны иахьаҵанакуа ашьақарчымазара змоу рхыԥхьаӡара 2500-ҩык иреиҳауп. Аха убри аан ашәҟәы иҭагаламгьы ыҟоуп" ҳәа лҳәоит лара.

Шьоуа: Гәылрыԥшь араион аҿы адиспансеризациа иаанарԥшит ашьақар чымазара шырацәоу

Гал араион аҿы ашьақарчымазара ашкол еиԥҟьарада аус аулоит.

"Ихадароу ашкол аҵаҩцәа рыԥсҭазаара еиқәзырхо адыррақәа роулоит, дасу рԥышәақәа еимырдалоит" ҳәа лҳәоит Асида Адлеиԥҳа.

Ашьақарчымазара акьыбачымазара инаваргыланы еиҳа ишәарҭоу ачымазарақәа ԥшьба ирыҵаркуеит.

Иара шьҭрала ишьҭукаар ҟалоит. Аендекренологцәа ирҳәоит ачымазара азыԥхьагәаҭаразы шықәсык ахь знык иадамзаргьы ухы гәоуҭалароуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: