Афашист иеилаԥыххаара иадыргахаз: раԥхьатәи Аиааира Апарад аҭоурых

Москва Ашҭа ҟаԥшь аҟны 1945 шықәса рашәара 24 рзы имҩаԥысыз Аиааира апарад Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы СССР афашист Германиа ишаиааиз шьақәзырӷәӷәоз ҭоурыхтә парадуп.
Sputnik

Москва Ашҭа ҟаԥшь аҟны 1945 шықәса рашәара 24 рзы имҩаԥысыз Аиааира апарад идикылон 1-тәи Белоруссиатәи афронт ар ркомандаҟаҵаҩ, Иреиҳаӡоу адҵаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩ амаршал Георги Жуков. Апарад адҵаҟаҵара мҩаԥигон 2-тәи Белоруссиатәи афронт ар ркомандаҟаҵаҩ, амаршал Константин Рокоссовски.

Афашист иеилаԥыххаара иадыргахаз: раԥхьатәи Аиааира Апарад аҭоурых

Аиааира згаз рпарад амҩаԥгаразы аӡбара идикылеит СССР Арбџьармчқәа Иреиҳаӡоу рыдҵаҟаҵаҩ Иосиф Сталин. Лаҵара 24, 1945 шықәса рзы иара идгалан Аиааира апарад амҩаԥгашьазы Аштаб хада ажәалагалақәа. Иара урҭ идикылт, аха амҩаԥгара арыцхә дақәшаҳаҭымхеит. Аштаб хада аҽазыҟаҵаратә аамҭа ҩымз ҳәа ишьақәнаргылеит. Сталин адҵа ҟаиҵеит мызкы ашьҭахь апарад мҩаԥгазарц.

Апарад адкылара ҽыла имҩаԥгатәын, Сталин мап ацәикит. Иара иқәра акыр инеихьан, уи адагьы аҽыбӷаҿы ихы маншәаламкәан ибон азы, Жуков днеиԥхьан, иеиҳәеит: "Шәара қәрала шәеиҵоуп, шәкавалериступ, убри азы апарад шәыдышәкылоит", - ҳәа.

Лаҵара 24, 1945 шықәсазтәи Ар Ҟаԥшь Рыштаб хада аиҳабы идиректива инақәыршәаны, Аиааира апарад алахәхаразы еиҿкааны иазырхиан еидҵаз архәҭақәа 10 – афронт анҵәамҭаз еибашьуаз рҟынтәи акакеи Арра-мшынтә флоти Атәылахьчара анаркомати рҟынтәи акака. Уи адагьы апарад иалахәын Москвеи Москватәи аобласти рҟны иҟаз арратә академиақәеи аҵараиурҭақәеи, Москватәи агарнизон аруаа. Афронтқәа еидҵаз рполкқәа шьақәгылан аибашьраҟны зҽалызкааз, аҳамҭақәа занашьаз асолдаҭцәа, асержантцәа, аофицерцәа рыла.

Афашист иеилаԥыххаара иадыргахаз: раԥхьатәи Аиааира Апарад аҭоурых

Архәҭацыԥхьаӡа аршьаҟауаа, акавалеристцәа, атанкистцәа, артиллеристцәа, аԥрыҩцәа, аимадаҩцәа, асапиорцәа рыла ишьақәгылан. Аполкқәа ирылагалан ҷыдала иазыҟаҵаз абираҟныҟәгаҩцәеи урҭ рассистентцәеи. Урҭ ируалын еиҳа зҽалызкааз архәҭақәа рбираҟқәа 36 рымҩангара. Зынӡа, еидҵоу полкцыԥхьаӡа аилазаара зықьҩык иреиҳан. Арра-мшынтә флот еидҵоу архәҭа иалахәын Аҩадатәи, Балтикатәи, Амшынеиқәатәи флотқәа, Днепртәии Дунаитәии арратә флотилиақәа рхаҭарнакцәа. Аиааира апарад рыманы Москваҟа адәыӷба ҷыдақәа анеира иалагеит рашәара 10 рзы. Дара ԥхьон Алиошкинские, Лефортовские, Октиабрские, Чернышевские арратә казармақәа рҿы.

Илегендахаз: 1945 шықәсазтәи раԥхьатәи Аиааира Апарад

Аршьаҟауаа ррепетициа мҩаԥысуан Ходынсктәи адәаҿы, М.В. Фрунзе ихьӡ зхыз аеродром хада ааигәара. Садовое кольцо аҿы, Крымтәи ацҳа инаркны Смоленсктәи ашҭаҟынӡа артиллериатә хәҭақәа аҽазыҟаҵара мҩаԥыргон.

Апарад азеиԥшцәаҳәа арӷьарахьынтәи армарахь ала игылан. Архәҭацыԥхьаӡа арратә маршқәа рзырхиан.

Апарад алахәылацәа рзы аформа ҿыц ӡахын. Атеатр ду аҟазарҭақәа рҿы иазырхиан жәа-штандартк. Иара убра ирхиан шәкыла аордентә лентақәа, 360 бираҟ рыхәҵәы ахыркразы. Лентацыԥхьаӡа аколлективтә фырхаҵара иашьананы еиҿкаан. Абираҟқәа реиҳарак гвардиатәын.

Афашист иеилаԥыххаара иадыргахаз: раԥхьатәи Аиааира Апарад аҭоурых

Аиҿкааҩцәа ргәаанагарала, ар рныҟәара хацырктәын рашәара 20 рзы Берлинынтәи Москваҟа иаагаз Аиааира абираҟ ацәыргарала. Иара мҩаныргар акәын Ареихстаг иахазыргылаз Михаил Егорови Мелитон Кантариеи, иара убасгьы Степан Неустроев, збаталион абираҟ ахаргылара ахьчоз. Аха иара акырынтә дхәын, дцыркьуан азы ирыдыркылеит аӡбара абираҟ зынӡа ицәыргамзарц.

Аҭоурыхи аԥеиԥши рзы азеиԥш ҭакԥхықәра: Аиааира 75 шықәса ахыҵразы Путин истатиа

Рашәара 22, 1945 шықәса рзы асовет газеҭқәа рҿы икьыԥхьын Иреиҳаӡоу акомандаҟаҵаҩ Сталин иусԥҟа № 370: "Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира ахьӡала рашәара 24, 1945 шықәса рзы Москва, Ашҭа ҟаԥшь аҟны имҩаԥысуеит Аиааира апарад – аруааи, Арра-мшынтә флоти, Москватәи агарнизони алархәны", - ҳәа. Иара убри амш азы имҩаԥган арепетициа хада.

Рашәара 24, 1945 шықәса ашьыжь амш шәшьын, ақәарԥсса леиуан. Асааҭ ааба рзы апарад алахәылацәа зегьы рҭыԥқәа рҿы игылан. Асааҭ жәба рзы Кремльтәи атрибунақәа рахь инеихьан СССРи РСФСРи Иреиҳаӡоу Асовет адепутатцәа, анаркоматцәа русзуҩцәа, акультура аусзуҩцәа, СССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиубилеитә сессиақәа рлахәылацәа, москватәи азауадқәеи афабрикақәеи русзуҩцәа, Урыстәыла Аиашахаҵаратә уахәама аиерархцәа, аҳәаанырцәтәи адипломатцәа, асасцәа. Асааҭ 9.45 рзы В.И. Ленин Имавзолеи атрибунахь ихалеит Иосиф Сталин зхадараҿы дгылаз Асовет еиҳабыреи ВКП(б) алахәылацәеи.

Афашист иеилаԥыххаара иадыргахаз: раԥхьатәи Аиааира Апарад аҭоурых

Апарад адҵаҟаҵаҩ Константин Рокоссовски аҽыхәа дақәтәаны иҭыԥ ааникылоит апарад здызкылоз Георги Жуков иахь анеиразы. Асааҭ жәаба рзы кремльтәи акурантқәа инарықәыршәаны Георги Жуков иҽыхәала Ашҭа ҟаԥшь дықәлоит. Адҵаҟаҵаҩ ирапорт ашьҭахьи урҭ ар ианырхыкәшеи игеит: "Шәӡырҩы зегьы!" Зқьиԥшьышәҩык злахәу, аинрал-маиор Сергеи Чернецки напхгара зиҭо арратә оркестр инанагӡоит Михаил Глинка игимн "Славься, русский народ!". Уи ашьҭахь Жуков Амавзолеи атрибунаҟынтә ажәахә ҟаиҵоит. Уи ашьҭахь инагӡан СССР аҳәынҭқарратә гимн. Аамҭак ала иҭырҟьан 50 артиллериатә салиут азалпқәа. Ашҭа хынтәны иахыҩит бжьырацәалатәи "Ура!".

Москва блахкыгоуп: Аиааира Ду апарад рыҽшазыҟарҵаз

Уи ашьҭахь ар рмарш иалагеит. Ар афронт аҟны аибашьра аҵыхәтәаан рыҟазаара инақәыршәаны аҩадантәи аладаҟа имҩаԥысуан ркомандаҟаҵаҩцәа аԥхьа иргыланы: 1-тәии 2-тәии Белоруссиатәи афронтқәа – Карелиатәи (Асовет Еидгыла амаршал Кирилл Мерецков), Ленинградтәи (Асовет Еидгыла амаршал Леонид Говоров), 1-тәи Прибалтикатәи (ар реинрал Иван Баграмиан), 3-тәи Белоруссиатәи (Асовет Еидгыла амаршал Александр Василевски), 2-тәи Белоруссиатәи (аинрал-полковник Кузьма Трубников), 1-тәи Белоруссиатәи (ар реинрал Васили Соколовски), 1-тәи Украинатәи (Асовет Еидгыла амаршал Иван Конев), 4-тәи Украинатәи (ар реинрал Андреи Еременко), 2-тәи Украинатәи (Асовет Еидгыла амаршал Родион Малиновски), 3-тәи Украинатәи (Асовет Еидгыла амаршал Федор Толбухин) афронтқәа. Арра-мшынтә флот аполк напхгара аиҭон адмирал ихаҭыԥуаҩ Владимир Фадеев.

Аԥхьатәи ацәаҳәаҿы игылан шьаҿеиқәшәала инеиуан ар рыдҵаҟаҵаҩцәа, аҟәшақәа ирхагылан акорпусқәа, адивизиақәа, абригадақәа рыдҵаҟаҵаҩцәа. 1-тәи Белоруссиатәи афронт архәҭа иалахәны имҩасит Польшатәи ар (Польшатәи ар аштаб хада аиҳабы, аинрал Владислав Корчиц зхадараҿы дыҟаз) аруаа, 4-тәи Украинатәи афронт аполкқәа ирылахәын –1-тәи Чехословакиатәи арратә корпус ар (адҵаҟаҵаҩ адивизиатә еинрал Лиудвик Свобода).

Афашист иеилаԥыххаара иадыргахаз: раԥхьатәи Аиааира Апарад аҭоурых

Архәҭақәа зегьы ыиасуан рхатә марш иқәныҟәаны. Аоркестр анаангыла ашьҭахь аҭынчраҿы 80 барабан рыбжьы агара иалагеит. Ашҭа ҟаԥшь иқәлоит Ф. Дзержински ихьӡ зху Жәлар ркомиссариат 1-тәи амотохысцәа рдивизиа архәҭа. Дара иркын афашистцәа рбираҟқәа 200 рыхқәа ларханы. Амавзолеи аҿаԥхьа игылан атрибунақәа ҩба. Урҭ ианрывала аруаа арыӷьарахь ала ихыгьежьааны абираҟқәа рықәрыжьуан агрессор дшырхәашоу адыррала. Атрибунақәа рҿы анапеинҟьашьҭыбжьқәа ахыҵәеит.

"Ахаан иаҳхашҭуам": Ашҭа ҟаԥшь аҿы Аиааира апарад мҩаԥысит

Абри ашьҭахь аоркестр амарш арҳәара иалагеит. Имҩаԥысит Москватәи агарнизон ар, СССР атәылахьчараз Анаркомат аполк, арратә академиақәа рколоннақәа, суворовтәи арратә ҵараиурҭақәа. Абри ашьҭахь ашҭахь иқәлеит аҽыуаа рыбригада, урҭ ирышьҭанеиуан еиуеиԥшым арратә техника.

Апарад хыркәшан Ашҭа ҟаԥшь аоркестр ақәсрала. Иара 122 минуҭ имҩасуан. Апарад иалахәын 24 маршал, 249 еинрал, 2536 офицер, 31116 сержанти асолдаҭцәеи. Иара убри амш азы ахәылбыҽха, асааҭ жәеиза ҟалахьаны азенитчикцәа ишьҭырхыз аеростатқәа 100 рҟынтәи 20 000 ракета ҭырҟьан. Аныҳәа иахеиқәҳәаларҭахеит "Аиааира" аорден зныз абаҽыҭ ажәҩан ахь ахагалара.

Адырҩаҽны, рашәара 25 рзы Кремльтәи ахан аҿы Аиааира апарад алахәылацәа рыдыркылон. Аныҳәа ашьҭахь Москва, Асовет еиҳабыреи Иреиҳаӡоу акомандаҟаҵареи раԥшьгарала 1945 шықәса цәыббрамзазы Берлин имҩаԥган апарад маҷ. Апарад иалахәын асоветтәи, америкатәи, англиатәи, франциатәи аруаа.