Аҭоурыхи аԥеиԥши рзы азеиԥш ҭакԥхықәра: Аиааира 75 шықәса ахыҵразы Путин истатиа

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҭоурыхи аԥеиԥши рзы азеиԥш ҭакԥхықәра: Аиааира 75 шықәса ахыҵразы Путин истатиа
Аҭоурыхи аԥеиԥши рзы азеиԥш ҭакԥхықәра: Аиааира 75 шықәса ахыҵразы Путин истатиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра иазкны астатиа иҩит, уа иара иазгәеиҭеит анацизм иаҿагылаз асовет жәлар рфырхаҵара агәалашәареи ҳаҭыр ақәҵареи аҵак ду иамоу атәы.

75 шықәса ҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду еилгеижьҭеи. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны еиҵагылеит абиԥара ҿыцқәа. Аҽаԥсахит адунеи аполитикатә хсаала. Иҟам анацизм еилаԥыххааны адунеи еиқәзырхаз Асовет Еидгыла. Иара аибашьра ахаҭагьы иҳаҩсыз аамҭа иатәхеит. Нас избан Урыстәыла лаҵара 9 иреиҳау ныҳәаны изазгәарҭо, ԥхынгәы 22 аҽны аԥсҭазаара аангылазшәа изыҟало?

Ирҳәоит, аибашьра ҭаацәацыԥхьаӡа изхьымсыз ыҟам ҳәа. Арҭ ажәақәа ирҭарыгӡоит миллионҩыла ауаҩытәыҩсатә ԥсҭазаарақәа, агәырҩа, алаӷырӡ, ацәыӡқәа. Иара убри аан – агәадура, аиашара, наӡаӡатәи агәалашәара.

Сара сҭаацәа рзы аибашьра – амацәаз иҭакыз Ленинград ауп, амлакроуп, ахьҭакроуп, ҩышықәса зхыҵуаз сашьа хәыҷы Витиа иԥсроуп, сан лыԥсеиқәхароуп. Саб, аброн шимазгьы, еибашьра дцеит хатәгәаԥхарала иқалақь аиқәырхаразы. Усҟан убасеиԥш акәын рхы шымҩаԥыргоз миллионҩыла асовет уааԥсыра. Деибашьуан аплацдарм "Невский пятачок" аҿы, ӷәӷәала дхәын. Аамҭа цацыԥхьаӡа иуҭаххоит абарҭ аамҭақәа рзыхынҳәра, реилкаара, рдырра, уҭаацәа разҵаара. Аха уажәшьҭа азҵаара зуҭо даныҟам, угәаҿы иҭаҵәахны иугәалауршәалоит ирацәамыз ҳаицәажәарақәа, урҭ иаадырԥшуаз рцәаныррақәа.

Сареи сықәлацәеи ҳзы акраҵанакуеит ҳахшара, ҳмоҭацәа, урҭ ирышьҭанеиуа ирдыруазарц заҟа гәаҟҵәаҟра рхыргаз ҳабацәеи ҳабдуцәеи. Излалшазеи аиааира? Иабааргеи абриаҟара мчы? Ааи, ирыхьчон рыҩны, рыхшара, рҭаацәара, ргәакьацәа. Аха зегь раԥхьа иргыланы еидызкылоз Аԥсадгьыл ахь ирымаз абзиабара акәын. Абра ауп анацизм аҿагылараҿы ҳажәлар рфырхаҵара гәыцәны иазыҟалаз. Уи абзиабара ҳажәлар ирҟазшьаны, рцәа-ржьы иалоуп.

Схы иасҭалоит азҵаара: рхы шԥамҩаԥыргаришь иахьатәи абиԥара абасеиԥш аамҭак иақәшәар? Сылаҿгьы иааины ихгылоит ауаа реиқәырхаразы аԥхьатәи ацәаҳәахьы инеиуа, иацы истудентцәаз аҳақьымцәа қәыԥшцәа, амедиаҳәшьцәа, Нхыҵ Кавказ, Шьамтәыла жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагылоу ҳаруаа. Илегендахаз афбатәи адесенттә рота аибашьцәа реиҳараҩык ирхыҵуаз 19–20 шықәса ракәын. Аха дара зегьы инеибынеиԥшны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳаԥсадгьыл зыхьчоз афырхацәа рхаҵара иаԥсаны рхы аадырԥшит.

Латвиа Ԥсра зқәым архәҭа еиҿызкааз Маргарита Драгиле Аиааира згаз рҳаҭгәын аҿы днеит аблокада зхызгаз ланду лпатреҭ лыманы. - Sputnik Аҧсны
Аиааира Ду амш: Асовет Еидгыла иалаз аҳәынҭқаррақәа аныҳәа шазгәарҭаз

Убри азы агәра ганы сыҟоуп Урыстәыла ажәларқәа иаҭахханы ианыҟала руалԥшьа анагӡареи ахамеигӡареи шаадырԥшуа. Апатриотизм, ахамеигӡара, аҩны, аҭаацәа, аԥсадгьыл рахь ҳәаа змам абзиабара – арҭ аҟазшьақәа иахьазы урыстәылатәи ауаажәларра рзы ишьагәыҭу ҟазшьақәоуп. Иуҳәар ауеит абарҭ аҟазшьақәа роуп ҳсуверенитет ҵәатәы шьаҟаны иазыҟоуп ҳәа.

Ажәлар ирылиааз, "Ԥсра зқәым архәҭа" еиԥшу атрадициа ҿыцқәа аҿиара иаҿуп. Ари ҳара ҳгәалашәара, абиԥарақәа реимадара иашьананы иҟоуп. Миллионҩыла ауаа анацизм еилаԥыххаа изгаз ргәакьацәа рфотосахьақәа рыманы ицәырҵуеит. Ари иаанаго дара ззықәԥоз, рхы зқәырҵаз ахааназ хашҭшьа амамкәа иаанхеит ауп.

Иҳаҩсызи иаҳԥеиԥшуи рҿаԥхьа ҭакԥхықәраны иҳаду арҭ рҩызцәа арыцҳарақәа уаҳа ралмыршароуп. Убри азоуп изазысыԥхьаӡаз Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьреи Аџьынџьтәылатә еибашьреи ирызкны астатиа зҩырц. Адунеитә лидерцәа санрыҿцәажәоз, изныкымкәа абри аидеиа салацәажәахьан. Дара рганахьалагьы аилкаара шыҟаз збон. Ииасыз ашықәс анҵәамҭаз Ихьыԥшым амилаҭқәа реиҿкаара (ИАР) атәылақәа рнапхгаҩцәа рсаммит аҿы иазгәаҭан абиԥара ҿа ишдырдыртәу анацизм иаиааиз асовет жәлар зегь шракәу, зыжәҩа еибыҭаны еидгылаз Асовет Еидгыла ареспубликақәа зегьы рхаҭарнакцәа шракәу. Иара убра сколлегацәеи сареи ҳалацәажәеит имариамыз аибашьра аламҭалазтәи аамҭа.

Ари ацәажәара адунеи зегь аҿеиԥш, Европа арезонанс ду шьҭнахит. Ус анакәха, иахәҭоуп ииасыз аамҭа азыхынҳәра, азхьаԥшра. Иҟан зыҵәахра рцәыцәгьаз цәаныррақәакгьы, ҽыԥныҳәақәакгьы. Политикцәақәак дара ишырҟазшьоу еиԥш, Урыстәыла аҭоурых аиҭеиҭакра аҽазнашәоит ҳәа ҳәо иқәгылеит. Аха убри аан иарбанызаалак фактк аҿаԥҽра рылымшеит, шьаҭаркырак рзыҟамҵеит ирҳәоз зыриашашаз. Ҳәарада урыстәылатәи архивқәа рҿеиԥш аҳәаанырцәтәи архивқәа рҿы иҵәаху аиашахаҭатә документқәа рҿагылара уадаҩуп.

Убри азы иахәҭоуп адунеитә еибашьрахь икылызгаз амзызқәа анализ рзыҟаҵара ацҵара, арыцҳарақәа, аиааирақәа рызхәыцра, иаҳнаҭаз аурокқәа рызхьаԥшра. Аҽазныкгьы еиҭасҳәоит абра аҵак ду аманы ишыҟоу архивтә материалқәа, ахҭысқәа ирылахәыз ауаа ражәақәа ҵаҵӷәыс рыҟаҵара.

Всепогодный тактический зенитный ракетный комплекс ТОР-М2 на военном параде на Красной площади, посвящённом 74-й годовщине Победы в Великой Отечественной войне - Sputnik Аҧсны
Рашәара 24 рзы Москва Аиааира апарад мҩаԥгахоит

Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра амзызқәаҵәҟьа ирхыҵхырҭоу актәи адунеизегьтәи аибашьра алкаақәа ҳәа ирыдкылаз аӡбамҭақәа роуп. Версальтәи аиқәшаҳаҭра Германиа азы аиашадара иасимволхеит. Атәыла мраҭашәаратәи адгылаҩцәа ирзашәар акәхеит аекономика ҵызшәаауаз арепарациақәа. Ареидгыла ркомандаҟаҵаҩ хада, франциатәи амаршал Ф.Фош Версаль абас ахиҳәааит: "Ари ҭынчраӡам. Ари 20 шықәса инарзынаԥшуа еинышәароуп" ҳәа.

Амилаҭ аларҟәроуп Германиа арадикализми ареваншизми рхы цәырызгаз. Анацистцәа ирылдыршеит убри рхы иархәаны, атәыла уаанӡатәи амчра ҳархынҳәит ҳәа ҳәаны рыпропаганда аларҵәара. Убри аан Германиа аибашьра иаздырхион. Парадоксуп, аха уи иацхраауан уҳәар ауеит Британиа дуи Еиду аштатқәеи. Урҭ рфинанстәии рааглыхратәии хаҭарнакцәа аибашьыга аалыҵ ҭзыжьуаз германиатәи афабрикақәеи азауадқәеи ԥарала ацхыраара рырҭон, рмазара аларҵон.

Аристократиеи аполитикцәеи рыбжьара имаҷмызт Германиеиԥш Европа зхы цәырызгоз арадикалтә еиҿкаарақәа рыдгылаҩцәа.

Версальтәи "аҭынчреиҿкаара" ицәырнагеит уаанӡа иузгәамҭоз аимак-аиҿак. Урҭ шьаҭас ирыман Актәи адунеизегьтәи аибашьраан хатәгәаԥхарала џьара-џьара ишьақәыргылаз аҳәаақәа. Урҭ ахсаалаҿ ишаацәырҵыз еиԥш аҵакыратә еимакқәа, аҽыԥныҳәақәа рхы цәырыргеит.

Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалҵшәахеит Амилаҭқәа рлига аԥҵара. Ари жәларбжьаратәи аиҿкаара аҭынчреи ашәарҭадареи еиҿнакаап ҳәа иақәгәыӷуан. Ари ҳәарада ипрогрессивыз идеиан. Шьаҿа-шьаҿала иара иқәныҟәозҭгьы иалнаршон аибашьра ду арыцҳарақәа реиҭаҟамлара.

Аха Амилаҭқәа рлига, зыҟны аԥыжәара змаз аиааира згаз аҳәынҭқаррақәа Британиа дуи Франциеи ацәажәара ада аус ахь измиасит. Амилаҭқәа рлигаҿеиԥш, иара европатәи аконтинент зегь аҿгьы идыдмырҳаит Асовет Еидгыла изныкымкәа иҟанаҵаз ааԥхьарақәа – аколлективтә шәарҭадараз еизеиҟароу асистема аԥҵаразы. Ҳәарада ари ажәалагала иаԥнарҟәҟәаар ауан агрессиатә ҟазшьақәа.

Амилаҭқәа рлига иалымшеит иара убасгьы Италиа, Ефиопиа, Испаниа, Иапониа, Китаи, Австриа уҳәа адунеи ахәҭақәа рҿы аиҿагыларақәа ралмыршара. Гитлери Муссолини реиԥш Британиеи Франциеи рхадацәа злахәыз Миунхентәи аилаӡараҿ акәзар, Амилаҭқәа рлига ақәҿымҭрала Чехословакиа еиҩыршеит. Иазгәасҭар сҭахуп усҟантәи ахадацәа аӡәырҩы реиԥш Сталин Гитлер иԥылара ихы ишаҭәеимшьаз.

Маршал Жуков - Sputnik Аҧсны
Гитлери Геббельси рыҽшыршьыз азы Сталин изаашьҭыз адыррашәҟәы кьыԥхьуп

Чехословакиа аиҟәыршьшьараан Германиа иадгылон Польшагьы. Дара заанаҵы еицырыӡбахьан досу идихало адгьылқәа. Цәыббра 20, 1938 шықәса рзы Германиа иҟаз Польша Ацҳаражәҳәаҩ Иу.Липски Польша Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иу.Бек Гитлер иҟынтә аацҳамҭа ииҭеит: "… Польшеи Чехословакиеи рыбжьара Тешина польшатәи аинтересқәа ирхырҟьаны аиҿагылараҟынӡа инеир, Реих шәара ишәыдгылоит" ҳәа. Анацистцәа рхада абжьагарақәагьы ҟаиҵон польшаа анемеццәа Судеттәи ашьхақәа рнапаҿы ианааргалак ашьҭахь шакәу акы рҽаназыркша.

Польша еилырымкаауа иҟамызт Гитлер идгыларада иара ампыҵахаларатә ҭахрақәа акгьы ишаанамгоз. Абра иаазгоит Варшава иҟаз Германиа Ацҳаражәҳәаҩ Г.А.Мольткеи Иу.Беки жьҭаара 1, 1938 шықәса рзы польша-чехиатәи аизыҟазаашьақәеи абри азҵаараҿы СССР иааннакылоз апозициеи ралацәажәара аҭаҩымҭаҟынтә ацитата: "… Ҳаҭыр зқәу Бек… ҭабуп ҳәа ахиҳәааит Миунхентәи аконференциаҿ польшатәи адгылара, иара убасгьы чехиатәи аимак аганахьала ахымҩаԥгашьаз. Польша аиҳабыреи ауаажәларреи афиуререри ареихсканцлери рпозициа ҳаҭыр ду ақәырҵоит".

Чехословакиа аиҟәыршьшьара гәзызҭам хымҩаԥгашьан. Миунхен аконтинент аҿы иаанханы иҟаз агарантиа ссақәагьы иҟаӡамшәа иаақәнагеит, аиқәшаҳаҭрақәагьы акгьы шрылымшо аанарԥшит. Абас ала Миунхентәи аилацәажәара ашәақь иаҵхаз нацәахеит Европа аибашьра алагаразы.

Иахьа европатәи аполитикцәа, раԥхьа иргыланы польшатәи анапхгаҩцәа, Миунхен агәаларшәара рҽацәхьаркуеит. Избан? Раԥхьа иргыланы ртәылақәа рҭакԥхықәрақәа ирыцәхьаҵны Миунхентәи аилаӡара иахьадгылаз азы, џьоукы-џьоукы иргәаладыршәар рҭахым 1938 шықәса рзы СССР амацара шакәу Чехословакиа иадгылаз.

Асовет Еидгыла жәларбжьаратәи ахыдҵақәа ирықәныҟәо аҽазнашәон арыцҳара алмыршара. Польша ахатәы интересқәа ирықәныҟәаны ишалшоз ала аҽазнашәон Европа аколлективтә шәарҭадара аԥҵара иаҿагылон. Польшатәи аминистр Иу.Бек цәыббра 19 1938 шықәса рзы абри атәы иҩуан Иу.Липск иахь Гитлер иԥылара аламҭалаз: "…Ииасыз ашықәс аҩныҵҟа польшатәи аиҳабыра ԥшьынтә мап ацәыркит Чехословакиа адгыларазы жәларбжьаратә халагалара ажәадгала" ҳәа.

 Освенцим - Sputnik Аҧсны
Польшаа Освенцим ахы иақәиҭызтәыз Ар ҟаԥшь роуп ҳәа иршьоит

Британиа, нас Франциа усантәи аамҭазы ачехцәеи асловакцәеи ирыдгылаҩыз рхыдҵақәа мап рыцәкны рышьҭахь аиадырхеит. Убри аан абасала инарыгӡеит Германиеи Асовет Еидгылеи реиҿаҳара.

Абри акәын изызкыз мраҭашәаратәи аполитика. Ахԥатәи ареих ахь мацара акәымкәа Антикоминтертә пакт – афашисттә Италиеи амилитаристтә Иапониеи рахьгьы. Ари аполитика иакульминациахеит 1939 шықәса рзы Мрагылара хараҿы англыз-иапониатәи аиқәшаҳаҭра – Токио Китаи ишаҭаху ахы мҩаԥнагарац азинқәа азҭаз. Европатәи аҳәынҭқарра дуқәа ирҭахымызт иазхарҵарц адунеи зегьы Германиеи иара адгылаҩцәеи рҟынтәи ашәарҭара ду ишҭагылоз. Ргәы иаанагон аибашьра дара ирхыкәшан ицап ҳәа.

Миунхентәи аилаӡара Асовет Еидгыла ианарбеит мраҭашәаратәи атәылақәа иара аинтересқәа ирызхьамԥшкәа ршәарҭадара азҵаара шырыӡбоз, ирҭаххар иаҿагылоз афронт шеиҿыркаауаз.

Убри аан Асовет Еидгыла аҵыхәтәанынӡа аҽазнашәон антигитлертә коалициа аԥҵара. Аԥшыхәратә маҵзурақәа рҟынтәи 1939 шықәсазы асовет напхгара ироуан инарҭбаау аинформациа англыз-германиатәи аиныррақәа рзы. Иазгәаҭатәуп урҭ акыр аинтенсивтә ҟазшьа рыманы ишымҩаԥысуаз, аамҭалагьы Франции, Британиа ду, СССР хганктәи реицәажәарақәа ишрықәдыршәалоз. Абри инадҳәаланы абра иаазгоит британиатәи архивқәа рҟынтәи адокумент – 1939 шықәса нанҳәазы Москваҟа иааз британиатәи арратә миссиа аинструкциа. Иараҿы иаартны иҳәоуп аделегациа "аиҿцәажәарақәа иахьынӡалшо идыргәагәаларц". Иара убасгьы иазгәасҭоит англызцәеи афранцызцәеи рделегациақәа иреиԥшымкәа асовет делегациа напхгара шарҭоз "Европа агрессиа иаҿагыланы Англиа, Франциа, СССР арраҽацәыхьчара аиҿкаара азҵаарақәа рзы арратә конвенциа анапаҵаҩра азин змаз" Ар ҟаԥшь иреиҳаӡоу акомандаҟаҵаҩцәа.

Аиҿцәажәарақәа рынамыгӡараҿ ароль нанагӡеит Польша. Иара иаҭахымызт асовет ган аҿаԥхьа иарбанызаалак ҭакԥхықәрак аҵагылара. Мраҭашәаратәи адгылаҩцәа рнырра шыҟазгьы, польшатәи аиҳабыра мап ацәыркуан Асовет ар ирывагыланы вермахт аҿагылара. Риббентроп Москваҟа дшааз анеиликаа ашьҭахь ауп Иу.Бек афранцыз дипломатцәа рыла иҭахушәа-иҭахымшәа асовет ган адырра анеиҭаз: "…Германиатәи агрессиа иаҿагылатәхар, Польшеи СССРи реидгылара алыршара аҭыԥ аиур ҟалоит" ҳәа. Убри аан иколлегацәа иреиҳәон: "…Сара ари аформулировка саҿагылом атактика армариаразы, ҳара СССР ҳазыҟазаашьа принципиалла ишыҟоу еиҭакрада иаанхоит" ҳәа.

Дети в финском концлагере в Петрозаводске. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Аконцлагер аҿтәи атҟәа дазыхиоуп афиннцәа рыцәгьоурақәа шаҳаҭра азылурц

Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы Асовет Еидгылеи Германиеи рнапы аҵарҩит ақәылара алмыршаразы Аиқәшаҳаҭра.

Сталини иара икәша-мыкәша игылази ирхароуҵаша рацәоуп. Ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит арежим рхатәы уааԥсыра рганахьала имҩаԥнагоз ацәгьоурақәа, амассатә репрессиақәа. Еиҭасҳәоит, асовет напхгара иахароуҵаша рацәоуп, аха адәныҟатә шәарҭара аҟазшьақәа рзеилкаауамызт ҳәа узрызҳәом. Дара ибзианы ирбарҭан Асовет Еидгылеи Германиеи иара адгылаҩцәеи рхала еизныжьны еиҿадыргыларц ишаҿыз. Иҟалашаз дыруа, атәылахьчара арӷәӷәаразы аамҭа ишрылшоз рхы иадырхәон.

Усҟан рнапы зҵарҩыз ақәылара алмыршаразы Аиқәшаҳаҭра уажәы ацәажәара рацәа цәырнагоит. Аҽыԥныҳәақәа ҟарҵоит иахьатәи Урыстәыла аганахьгьы. Ааи, Урыстәыла иахьа СССР иашьҭрақәлаҩны иԥхьаӡоуп. Асовет аамҭақәагьы ибзиоуи ицәгьоуи неидкыланы ҳҭоурых иахәҭакуп. Аха иара убасгьы ишәгәаласыршәар сҭахуп Асовет Еидгыла шакәу Молотови–Риббентропи Рпакт азинтә хәшьара азҭаз. 1989 шықәса ԥхынҷкәын 24 рзы Иреиҳаӡоу Асовет ақәҵараҿы официалла ирықәыӡбан амаӡа ԥкаанҵақәа "асовет уаажәларра ргәаҳәара знымԥшуаз, ззы аҭакԥхықәрагьы рыдым".

Иара убасҟан егьырҭ аҳәынҭқаррақәа анацистцәеи дареи еицымҩаԥыргоз аусқәа ргәаладыршәар рҭахӡам. Ирҭахӡам иарбанызаалак зинтәк ма политикатә хәшьарак рырҭар рыбжьы амыргарала анацистцәа рнапқәа шыԥдыртлаз азы. Германиа иҟаз Польша ацҳаражәҳәаҩ Иу.Липски Гитлер цәыббра 20, 1938 шықәса рзы даниԥылоз ииҳәаз "Аурымқәа рызҵаара ахьышәыӡбаз азы ҳара (аполиакцәа) Варшава шәбаҟа ҳаргылоит" мацара заҟа аҵанакуазеи…

Ҳара иҳаздырам тәылақәаки анацистцәеи реиқәшаҳаҭрақәа "ирмаӡаз аԥкаанҵақәа" рыцзу ирыцымзу. Ирҳәо хаҳҵоит ауп… Иахьа уажәраанӡагьы рымаӡара рхыхым англыз-германиатәи аиҿцәажәарақәа рматериалқәа. Убри азы аҳәынҭқаррақәа зегь рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит рархивқәа аадыртырц, уаанӡа идырмыз адокументқәа ркьыԥхьларц – аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Урыстәыла ишыҟанаҵо еиԥш. Ҳара ҳазыхиоуп инарҭбааны аусеицура, аҵарауаа-аҭоурыхдырыҩцәа рпроектқәа рыҭҵаара.

Советские войска вступают в Вену. - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аибашьраантәи адокументқәа рымаӡара рыхнахит

Ҳарзыхынҳәып Аҩбатәи адунеизегьтәи еибашьра аламҭалазтәи ахҭысқәа. Гәызианран Гитлер Чехословакиа ааимпыҵахаланы иҽырҭынчны дтәап ҳәа ахәыцра. Аиҳаракгьы уаанӡа Чехословакиа анапаагараҿ иҩызаз – Польша аганахь ала. Араҟа уи ахырҟьан Версаль аҭынха – Данцигтәи акоридор ҳәа ззырҳәоз. Абри ашьҭахь иҟалаз Польша арыцҳара ду зықәҵатәу усҟантәи англыз-францыз-советтә еиқәшаҳаҭра мап ацәызкыз атәыла анапхгара роуп. Дара роуп зыжәларгьы афашизм иаҿазыжьыз.

Анемеццәа ржәылара блицкриг адоктрина иақәшәо имҩаԥган. Польшатәи ар хацәынмырха ишгылазгьы, аибашьра ианалага ашьҭахь мчыбжьык ааҵуаны, цәыббра 8, 1939 шықәса рзы германиатәи ар Варшава амҵан игылан. Польша арра-политикатә напхгара ракәзар, цәыббра 17 рзы Румыниаҟа ибналаны ицахьан, рыжәлар афашизм иаҿажьны.

Мраҭашәаратәи рыдгылаҩцәа ракәзаргьы, ргәыӷрақәа нармыгӡеит. Германиа аибашьра ишалагаз анрыланаҳәа ашьҭахь афранцыз ар жәабаҟа километра роуп Германиа аҵакыраҿ иахьынӡанаскьаз. Ари баша хымҩаԥгаран. Уи адагьы англыз-францыз Иреиҳаӡоу арратә хеилак раԥхьаӡа акәны цәыббра 12, 1939 шықәса рзы ақалақь Абвиле еизаз иаднакылеит аӡбара Польша ццакрыла имҩаԥгаз ампыҵахаларатә хҭысқәа ирҿырԥшны ажәылара зынӡа иаанкылазарц. Иалаган "еилкаам аибашьра". Франциеи Англиеи Польша аҿаԥхьа рхыдҵақәа ирыцәхьаҵит.

Ниурнбергтәи апроцесс аан анемец еинралцәа Мрагылараҿы рықәҿиарақәа зыхҟьаз атәы рҳәеит. Германиа арратә мчрақәа ркомандаҟаҵара аштаб хада аиҳабы, аинрал А.Иодль иҳәеит: "… 1939 шықәса рзы ҳаҵамхазар изыхҟьаз афранцызцәеи англызцәеи рдивизиақәа 110 германиатәи адивизиақәа 23 рҿаԥхьа рхы ахьыладырҟәыз ауп" ҳәа.

Аҳәара ҟасҵеит архивқәа рҟынтәи СССРи Германиеи 1939 шықәса нанҳәеи цәыббреи амзақәа рзы реиныррақәа ирызку аматериалқәа шьҭыхзарц.

Советские бойцы идут по улице в освобождённом квартале Будапешта. - Sputnik Аҧсны
Будапешт ахақәиҭтәра 75-шықәса ахыҵра аламҭалазы иҷыдоу ашәҟәқәа ӡырыргеит

Адокументқәа шаҳаҭра руеит 1939 шықәса нанҳәа 23 рзы Германиеи СССРи рыбжьара ақәылара алмыршаразы Аиқәшаҳаҭра иацу Аԥкаанҵа маӡа апункт 2 аҟны ишышьақәырӷәӷәаз аҵакыра-политикатә еиҭакра ҟалозар, Польша иаҵанакуа аобластқәа рҟны атәылақәа ринтересқәа рҳәаа аӡиасқәа Нарева, Висла, Сана ирхықәҵаны рцара. Аҽакала иуҳәозар, асовет ган иадлон аиҳарак аукраин, абелорус милаҭ ахьынхо аҵакырақәа Буга, Висла. Ари афакт иахьазы зегьы ирыздырам.

Иара убасгьы зегьы ирыздырам Германиа Польша ианақәла ашьҭахь 1939 шықәса цәыббрамза раԥхьатәи амшқәа рзы Берлин изныкымкәа Москва ааԥхьара шанаҭахьаз аибашьра ахы аланархәырц. Аха асовет напхгара уи мап ацәнакит, иахьынӡалшоз ахы аланамгалеит.

Британиа дуи Франциеи Польша ишадымгылаз анеилкааха, вермахт аамҭа кьаҿк ала Польша аоккупациа Минск иазнеир шауаз анеилкааха ауп цәыббра 17 рзы Ар Ҟаԥшь аҽанаднахала Мрагыларатәи крессқәа ҳәа изышьҭаз аҭыԥқәа. Иахьа урҭ Белоруссиа, Украина, Литва ирҵакыроуп.

Еилкаауп даҽакала ахымҩаԥгара шзыҟамлоз. Аҽакала ахымҩаԥгараан СССР азы ашәарҭарақәа ҩынтәны, хынтәны еизҳауан, избанзар, еиҭасҳәоит, асовет-полиактә ҳәаа Минск жәабаҟа километра инацәыхараны акәын ишымҩасуаз. Хырԥашьа змамыз анацистцәа рабашьрагьы зынӡа иманшәаламыз астратегиатә позициақәа ааннакылон. Милаҭрацәала Брест, Гродно, Перемыш, Львов, Вильно инхоз ауааԥсыра анацистцәеи урҭ аҭыԥантәи рыдгылаҩцәа – антисемитцәеи арадикал националистцәеи рнапы иампыҵахон.

Абри афакт ауп Асовет Еидгыла аҵыхәтәанынӡа ахы зацәнагоз аиҿагылара, Германиа аган изаднамцәылоз. Убри ауп иалзыршаз асовети анемеци ар реиҿагыларагьы еиҳа инаханы иҟаз Висла акәымкәа Керзон ицәаҳәа ҳәа 1919 шықәса рзы Антанта Польша мрагыларатәи аҳәаа ҳәа иашьаз апозициақәа рҿы аҟалара.

Ишдыру еиԥш, ииасхьоу аамҭа иҟалар ауан ма иҟамлар ауан ҳәа азҳәара ауам. Иазгәасҭоит акы: 1939 шықәса цәыббрамзазы асовет напхгара иаман алшара СССР мраҭашәаратәи аҳәаа Варшаванӡагь анахар, аха уи еиԥш ҟанамҵеит.

Анемеццәа ажәалагала ҟарҵеит статус кво ҿыц ашьақәыргыларазы. Цәыббра 28, 1939 шықәса рзы Москва И.Риббентропи В.Молотови рнапы аҵарҩит аиҩызареи СССРи Германиеи рҳәаази Аиқәшаҳаҭра. Иара убасгьы напы аҵаҩын де факто арқәа ҩба ахьгыло адемаркациатә цәаҳәа – аҳәынҭқарратә ҳәаа аиҭакразы Аԥкаанҵа маӡа.

Ленинград аблокада - Sputnik Аҧсны
Ленинград аблокада иазку иуникалтәу документқәа рымаӡара рхырхит

1939 шықәса ҭагалан азы асовет Еидгыла арра стратегиатә, ахыхьчаратә усқәа ӡбо Латвиа, Литва, Естониа ринкорпорациатә процессқәа ирылагеит. Дара СССР ралалара аиқәшаҳаҭратә ҵаҵӷәы аман. Ари жәларбжьаратәи анормақәеи аҳәынҭқарратә зини ирықәшәон. Уи адагьы Литва, 1939 шықәса жьҭаарамзазы иазырхынҳәын ақалақь Вильнои иаԥныз, уаанӡа Польша иаҵанакуаз аобластқәеи. Прибалтикатәи ареспубликақәа СССР иаланы еиқәдырхеит рхатәы мчратә усбарҭақәа, рбызшәа, ирыман ахаҭарнакрақәа иреиҳаӡоу асовет структурақәа рҿы.

Арҭ амзақәа зегьы иааиԥмырҟьаӡакәа, блала иумбоз адипломатиатә, арра политикатә қәԥара мҩаԥысуан, аус ауан аԥшыхәра. Москва ибзианы еилыркаауан ирҿагылаз аӷа дзеиԥшраз, анацизм ажәылара ишалагахьаз. СССРи Германиеи рыбжьара усҟантәи аамҭазы "аиҩызара" шьақәзырӷәӷәо аофициалтә ҳәамҭақәеи анотақәеи акала рыгәра узыргаша ҵаҵӷәы ыҟам. СССР ахәаахәҭратәи атехникатәи еиныррақәа Германиа амацара акәӡам иахьымҩаԥнагоз, егьырҭ атәылақәа рҿгьы урҭ аҿиара рыман. Убри аан Гитлер иҽазишәон дааҟәымҵӡакәа СССРи Британиа дуи реиҿаргылара, аха асовет напхгара уи иацныҟәомызт.

Гитлер аҵыхәтәан акәны СССР иусқәа рылархәра иҽазишәеит Молотов Берлин 1940 шықәса абҵарамзазы иҟазаараан. Аха Молотов Сталин инапынҵақәа нагӡо азеиԥш цәажәара азирхеит 1940 шықәса рзы анапы зҵаҩыз Британиа дуи Аштатқәеи ирҿагылоз Германиа, Италиа, Иапониа р-Пакт СССР алархәра аганахьала.

Машәырны иҟамлаӡеит абҵара 17 рзы Молотов Лондон иҟаз асовет хаҭарнак И.Маиски ииҭоз аинструкциақәа: "Азхьаԥшра ашәҭарц… Иарбанызаалак еиқәшаҳаҭрак Берлин анапы аҵаҩымызт, иагьазыԥхьагәаҭамызт. Берлин ҳгәаанагарақәа еимаадеит ауп… Анемеццәеи иапониааи ишаабо ала ирҭахуп Персиатәи аӡыбжьахалеи Индиеи рахь инаҳгәыҵасыр. Ари азҵаара алацәажәара ҳацәхьаҵит Германиа аҟынтәи асеиԥш абжьагарақәа аҭыԥ рыманы иахьаҳамбо азы" ҳәа. Абҵара 25 рзы асовет напхгара абри аус аҿы акәаԥ дыргылеит: официалла Берлин аҿаԥхьа иқәдыргылеит анацистцәа рзы хәарҭара змамыз аусдҵақәа, анемец ар Финлиандиа ралгара, СССРи Болгариеи егьырҭ атәылақәеи рыбжьара аиҩызаразы аиқәшаҳаҭрақәа анапрыҵаҩра уҳәа реиԥш иҟақәаз. Абри ала дара Апакт ахалархәра залымшоны иҟарҵеит. Ари аҩыза апозициа фиурер СССР даҿагыланы аибашьра ахәҭаны ирыԥхьаӡеит. Ԥхынҷкәынмзазы истратегцәа ҩ-фронтк рҿы аибашьра ҟалашьа амам ҳәа шиабжьыргозгьы, Гитлер аплан "Барбаросса" инапы аҵаиҩит. Асеиԥш ҟаиҵеит Европа иахьаҵанакуа иара иҿагыло амчрақәа зегь Асовет Еидгыла шреиҳаз дыруа, аибашьрагьы адунеитә еибашьра хнаркәшоит ҳәа иԥхьаӡо. Москва анапаагара акәзар, аамҭа аҭаххом ҳәа ишьон.

Асовет Еидгыла акәзар, ахыхьчара аҽазнашәон. Жьҭаара 1, 1939 шықәса рзы усҟантәи аамҭазы британиатәи Адмиралтеиство ахада У.Черчилль арадио аҟны иқәгылараҿы иҳәеит: "Урыстәыла ахатәы интересқәа рполитика мҩаԥнагоит… Анацисттә шәарҭараҟынтәи Урыстәыла ахьчаразы иахәҭаны иҟан аурыс ар абри ацәаҳәаҿы ргылара [мраҭашәаратәи аҳәаа ҿыц]". Жьҭаара 4, 1939 шықәса рзы алордцәа р-Палатаҿ Великобританиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Е.Галифакс аҳәамҭа ҟаиҵеит: "…иазгәаҭатәуп асовет напхгара лорд Керзон Версальтәи аконференциаҿ ирабжьигаз аҳәаатә цәаҳәаҟынӡа рҳәаа ишнахаз… " ҳәа. Сара аҭоурыхтә фактқәа роуп иаазго, сгәы иаанагоит урҭ аҿаԥҽра рҭахым ҳәа. Еицырдыруа британиатәи аполитикатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ Д.Ллоид Џьорџь инаҵшьны иазгәеиҭон: "Аурыс ар актәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь Польша иампыҵанахалаз адгьылҵакырақәа роуп иргаз. Урҭ польшатәи ҵакыраӡам… Ихшыҩдароуп аурысқәа рҳәаа анахареи анемеццәа рҳәаа анахареи еиваҟәалоит ҳәа аԥхьаӡара" ҳәа.

Великая Отечественная война 1941-1945 года. Знамя Победы на здании Рейхстага в Берлине. - Sputnik Аҧсны
Апроект "Идырым абираҟныҟәгаҩ" аусура хацыркуп

Асовет хаҭарнак И.Маиски иформалым аицәажәарақәа раан англиатәи аполитикцәеи адипломатцәеи еиҳа рҽаартны ицәажәон. Британиа ду Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Р.Батлер жьҭаара 17, 1939 шықәса рзы иҳәон: "…Англиа аиҳабыра рыҩнуҵҟа иҟоуп агәаанагара – Мраҭашәаратәи Украинеи Белоруссиеи рыдгьылқәа Польша азырхынҳәра аӡбахә ҳәалатәӡам ҳәа. Зхышәа-ҵышәа дуум аетнографиатә Польша СССРи Германиеи реиԥш Англиеи Франциеи рыхәдықәҵарала аԥҵара алшозар, британиатәи аиҳабыра ишьахәуп ҳәа ахнаҳәаауан ҳәа. Жьҭаара 27, 1939 шықәса рзы Н.Чемберлен иабжьгаҩ хада Г.Вильсон иҳәеит: "Польша ҳәынҭқаррак аҳасаб ала иеиҭашьақәыргылатәуп иара ахатәы етнографиатә шьаҭала, аха Мраҭашәаратәи Украинеи Белоруссиеи рыда".

Иазгәаҭатәуп аицәажәарақәа раан асовет-британиатә еизыҟазаашьақәа реиӷьтәшьазы ахырхарҭақәа рыԥшаара ишашьҭаз. Арҭ аиныррақәа ирылшеит ԥхьаҟазы антигитлертә коалициа аиҿкаара. Ԥхьаҟа иԥшуаз аполитикцәа дрылубаауан У.Черчилль, СССР бзиа ишимбозгьы, уи аиҩызара ахәҭаны ишьон. 1939 шықәса лаҵарамзазы Ауаԥшьқәа  Рпалатаҟны иара аҳәамҭа ҟаиҵеит: "Агрессиа ҳаҿагыло аидгылара анҳалҳмырша, ашәарҭара ду ҳҭашәоит. Игаӡара духоит Асовет Еидгыла мап ацәкра", - ҳәа. Европа аибашьрақәа ианрылага ашьҭахь И.Маиски иԥылараан, жьҭаара 6, 1939 шықәса рзы иара гәаартыла иҳәеит: "… Британиа дуи СССРи рыбжьара еиҿагылара дук ыҟам. Ус анакәха, иҟам аизыҟазаашьа бааԥсқәа аԥызҵаша аҵаҵӷәқәа. Британиа аиҳабыра азыхиоуп аилахәаахәҭра арҿиара, иара убасгьы ҳаизыҟазаашьақәа еиӷьызтәыша аҭагылазаашьақәа раԥҵара", - ҳәа.

Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьар ашәымҭак ала иҟалаз акакәым. Германиа Польша иахьаҿагылазгьы иаалырҟьаны иҟамлеит. Ари зегьы усҟантәи аамҭазтәи адунеитә политика иатенденциахеит. Аибашьраԥхьатә хҭысқәа зегьы цәаҳәак аҿы рҽеизыркит. Аха, ҳәарада, ихадоу, ԥхьаҟатәи арыцҳара хацзыркыз – аҳәынҭқарратә ԥсыҽроуп, агрессор имҵақьақьароуп, аполитикатә елитақәа акомпромисс иахьашьҭамыз ауп.

Ииашам иуҳәар ҩымш ирҭагӡаз Германиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Риббентроп Москватәи ивизит Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра еиҵнахит ҳәа. Усҟантәи аҳәынҭқарра дуқәа зегьы ус акә егьыс акә рхара ыҟоуп. Дара зегьы аӡәаӡәала агхақәа ҟарҵеит, егьырҭ дыргаӡоз џьшьаны. Абасеиԥш харамԥшра иахҭынҵатәхеит миллионла ауаатәыҩса рыԥсҭазаарақәа.

Сара ӡбаҩык иеиԥш ақәгылара сгәы иҭаӡам. Аӡәы ахара ихарасҵарцгьы ма дсыриашарцгьы сашьҭаӡам, аиҳаракгьы аҳәынҭқаррақәеи ажәларқәеи еиҿазыргылаша жәларбжьаратәи аинформациатә еиҿагылара ҟаландаз ҳәа сыҟаӡам. Исыԥхьаӡоит ииасхьоу ахҭысқәа ахәшьара рырҭароуп еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи аҵарауаа ҳәа. Ҳара зегьы аиашеи аобиективреи роуп иаҳҭаху. Сара еснагь сколлегацәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит иаартны, ишәаны-изаны, ҭынчрала адиалог мҩаԥаагаларц урҭ ахҭысқәа рылацәажәараан. Асеиԥш азнеишьа иалнаршом урҭ агхақәа реиҭаҟаҵара, иалнаршоит шықәсырацәала ԥхьаҟа аҭынчра аиҿкаара.

Ус шакәугьы, иҟоуп аусеицура иазыхиам ҳпартниорцәа. Рхатәы хықәкқәа рыманы урҭ ҳтәыла аинформациатә жәылара арҭоит. Ирҭахуп иаҳхарам ҳхараны ҳхы ҳдырбар. Убас, цәыббра 19, 2019 шықәса рзы Европатәи Апарламент иаднакылаз арезолиуциа "Европа уаҵәтәи аԥеиԥш азы аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара аҵакы" аҟны СССР анацист Германиа инаваргыланы ахара ахараҵан Аҩбатәи адунеизегьтәиаибашьра ахацыркраҿы. Ҳәарада, Миунхентәи аиқәшаҳаҭрақәа ртәы уа иалацәажәаӡамызт.

Иазысыԥхьаӡоит асеиԥш иҟоу "ақьаадқәа" арезолиуциатә документ ҳәа азҳәара иашам ҳәа. Дара ашәарҭара рыҵоуп. Иара здызкылаз аусбарҭа баша-машам. Арахь ари хықәкылатәи политикоуп. Ниурнбергтәи атрибунали 1945 шықәса рышьҭахь адунеитә уаажәларра еицаԥырҵаз жәларбжьаратәи аинститутқәеи ирҿагылоит. Иазгәасҭар сҭахуп европатәи аинтеграциа апроцессқәа, иара Европарламент еиԥш иҟоу аилазаарақәа аԥызҵаз ахы шакыз ажәытәра иаҭаз азинтәи аполитикатә хәшьара иаша ишырхылҿиааз. Ари аконсенсус зыбла ацәхьазкуа идырны аибашьрашьҭахьтәи Европа ашьаҭақәа зегь рԥыргароуп ирҭаху.

Адунеиеиҿкаара афундаменталтә принципқәа рыдагьы ара иазгәаҭатәуп аморалтә гангьы. Агәалашәара алахәмарра – ламысдароуп. Иламысдароуп Аџьынџьтәылатә еибашьра ду Аиааира 75 шықәса ахыҵразы аҳәамҭақәа рҟны антигитлертә коалициа иаҿагылаз зегь анеиқәырыԥхьаӡо СССР ада. Ауаҩымроуп иаанаго анацизм иаҿагыланы иқәԥоз рбаҟақәа анықәырго, иандырбго, убри аан дара иҟарҵаз аидеологиа тәыми ма аоккупациеи ианырхарарҵо. Ахәымгара ауп иаанаго анеонацистцәеи Бандера ишьҭрақәлаҩцәеи ирҿагыло аныршьуа. Еиҭасҳәоит ахәымгара, ауаҩымра, аламысдара аҽаарԥшышьақәа хаз-хазуп, аха ирымоу хаҿык ауп.

Первый постер – «Жди меня, и я вернусь...» Константина Симонова - Sputnik Аҧсны
Симонов иажәеинраалақәеи Банков иплакатқәеи апостер-поемаҿы

Аҭоурых ахаршҭра ахәшәара аҭахуп. Ҳара документла ишьақәырӷәӷәоу аҭоурыхтә иаша ҳадгылоит, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ахҭысқәа шыҟаҵәҟьаз ҳрыхцәажәоит. Абри ауп иззырхоу аибашьраԥхьатә аамҭақәеи Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аҭоурых аҟынтә архивтә документқәеи, акино-фотоматериалқәеи рколлекциа аԥҵаразы амасштабтә проект аиҿкаара.

Ари аҩыза аусура ҳаҿуп. Абри астатиа аҩраан схы иасырхәеит ааигәа иԥшааз аматериалқәа маҷымкәа. Убри инадҳәаланы ҭакԥхықәрала исҳәар сылшоит ишыҟам архивтә материалқәа СССР Германиа иаҿагыланы аибашьра агәы иҭан ҳәа шьақәзырӷәӷәо. Ааи, иҟан адоктрина - Асовет ар аибашьра иалагар, аӷа иаарласны аҿагылара иҭаны иара иҵакыраҿы аибашьра иалагоит ҳәа. Аха арҭ астратегиатә планқәа гәҭакны ирымамызт аԥхьа Германиа ҳақәлароуп ҳәа.

Иахьа аҭоурыхҭҵааҩцәа ирымоуп арратә планқәа, асоветтәи германиатәи аштабқәа рдирективақәа аазырԥшуа адокументқәа. Уи адагьы ҳара иаадыруеит ахҭысқәа шымҩаԥысуаз. Иҳамоу адыррақәа рхы иархәаны џьоукы ирылацәажәоит атәыла анапхгара рыгхақәа. Абри инадҳәаланы исҳәар сылшоит: еиуеиԥшым адезинформациа инаваргыланы асовет напхгара ирыман анацистцәа рыгәҭакы зҳәоз адыррақәагьы. Аибашьра аламҭалатә мзақәа раан еиуеиԥшым ашьаҿақәа ҟаҵан атәыла ахьчаразы, аҽырхиаразы, аҽеизакразы.

Аибашьра иазыԥшын. Рҽазыҟарҵон. Аха анацистцәа ржәылара аҭоурых иазымдыруаз амчра аман. Рашәара 22, 1941 шықәса рзы Асовет Еидгыла иақәлеит Европа ааглыхратә, арратә, аекономикатә потенциал зегь зымаҵ руаз, реиҳа адунеи аҿы иазыҟаҵаз ар. Ажәылара иалахәын вермахт адагьы, Германиа асателлитцәа, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рырратә контингентқәа.

1941 шықәса атәыла арыцҳара ду иҭанаргылеит. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа аҭаххеит азеиԥшеидгылара амҩаԥгаразы, атәылеи ажәлари иаӡәыкны рықәыргыларазы. Аамҭа кьаҿла иалаган Мрагылараҟа миллионла ауааԥсыра рахыгара, азауадқәа афабрикақәа рықәгара. Атыл аҟны еиҿкаан абџьари аџьаԥҳани рҭыжьра. Урҭ афронт ахь инаган аӡынразы. 1943 шықәса рзы Германиеи иара иадгылоз атәылақәеи рҭыжьымҭақәа арбагақәа ирхыҳәҳәон. Шықәсыки бжаки рыҩнуҵҟа асовет жәлар афронти атыли рҿы ирылшеит уаҩ илымшацыз. Иахьа уажәраанӡагьы ахаҿаагара уадаҩуп заҟа фырхаҵара, заҟа мчы аҭахыз асеиԥш аҟаҵаразы.

RT Освенцим ахақәиҭтәра иазку афильм ҿыц ӡырнагеит - Sputnik Аҧсны
RT Освенцим ахақәиҭтәра иазку афильм ҿыц ӡырнагеит

Бџьарла еибыҭаз анацисттә машьына иаҿагыланы иқәгылеит асовет уаажәларра зегьы – Аԥсадгьыл ахьчаразы, аҭынч ԥсҭазаара, уаҵәтәи амш, агәыӷрақәа зегьы ашьа рыхьзыршыз аӷа иахьырхәразы.

Ҳәарада иҟан ашәара зызцәырҵуазгьы. Иҟан абналаҩцәа. Иҟан аҭиҩцәа. Иҟан ареволиуциеи аграждантә еибашьреи рыхҟьаԥҟьақәа. Аха иааидкыланы асовет уаажәлари аҳәаанхыҵ иҟаз ҳџьынџьуааи ирхықәкыз акакәын – Аԥсадгьыл аиқәырхара. Ауаа амчра рыԥшаауан апатриотизмраҿы, аиҩызараҿы, аидгылараҿы.

Анацистсттә "стратегцәа" агәра ганы иҟан милаҭ рацәала еилаз аҳәынҭқарра ду иаарласны ирыҵархәаҽуеит ҳәа. Иақәгәыӷуан ахы ыҵнахып ҳәа амилаҭтә еиҿагылара, атәыла уи ашьаҭала аихшара. Гитлер имӡакәан иҳәон: "Урыстәыла ду иқәынхо ажәларқәа рганахьала иаҳполитика хаданы иҟалароуп дара-дара рыбжьара асал абжьаҵара", - ҳәа.

Аха аԥхьатәи амшқәа инадыркны еилкаахеит ари аплан аԥсҭазаараҿ ишхыдаз. Бресттәи абааш аҵыхәтәанынӡа ирыхьчон 30 милаҭ рхаҭарнакцәа. Аибашьра ахы инаркны аҵыхәанынӡа зехьынџьара иубарҭан урҭ рҿырԥшы.

Миллионла зынхарҭақәа ирхыгаз рзы иаку ҩнаҭаны иҟалеит Поволжье, Урал, Сибра, Мрагылара хара, Абжьаратә Азиа ареспубликақәа, Аахыҵ Кавказ. Ажәларқәа еилых ҟамҵакәа аҵыхәтәантәи рҿаҵа еиҩыршон. Ажәларқәа реиҩызара, реицхыраара аӷа дызмыхәоз цаҟьаны, ихраны иҟалеит.

Анацизм аилаԥыххаара – иахьа ирҳәалакгьы – зылшамҭоу Асовет Еидгылоуп, Ар Ҟаԥшь ауп. Ифырхацәоуп Белостоки Могилиови, Умани Киеви, Виазмеи Харкови рҟны амацәаз аҭыҵраз еибашьуаз, Москвеи Сталингради, Севастополи Одессеи, Курски Смоленски ижәылоз, Варшава, Белград, Вена, Прага зхы иақәиҭызтәуаз, Кионигсберги Берлини знапахьы иаазгоз.

Ҳара ииашахаҭоу, ирԥшӡам аибашьра иазку аҵабырг ауп иаҳахьчо. Амилаҭтә, ауаҩытәыҩсатә ҵабырг - угәы узырхьуа, ихлымӡааху, уаҩ деилызымхуа - зеиԥшраҵәҟьаз хәҭакахьала иаҳзырдырыз аибашьра амцашыра иалҵыз, уи ақьоуқьад абла иҭаԥшыз ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳпоетцәеи роуп. Сара сабиԥареи егьырҭ абиԥарақәа рхаҭарнакцәеи урҭ ирҩыз мыц зымҳәаӡо, иҵаулоу рповестқәа, рроманқәа, угәаҵанӡа инеиуа "рлеитенанттә проза", ражәеинраалақәа ахааназгьы ҳгәы иҭҵәараны иҟаӡам, урҭ ҳара ҳзы иуасиаҭхеит - Аиааира ҳзаазгаз ҳветеранцәа ҳаҭыр рықәҵареи аибашьра адәаҟынтәи изыхнымҳәыз ргәалашәара акамыршәреи рзы.

Петербургский международный экономический форум. День второй - Sputnik Аҧсны
Шәрыԥхьа аибашьра иазку ажәеинраалақәа: Матвиенко Аиааира 75 шықәса ахыҵразы

Иахьагьы ушьа-уда ианыруеит формала имариоу, аха зҵакы ӷәӷәоу Александр Твардовски иажәеинраала "Я убит подо Ржевом…" аҟынтәи ацәаҳәақәа, уи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны реиҳа ишьаарҵәырахаз аидысларақәа ируакыз асовет-немец фронт агәҭантәи ахәҭаҟны иҟалаз ахҭысқәа ирызкуп. Ақалақь Ржеви Ржев акәша-мыкәшеи ргаразы ажәыларақәа раан 1941 шықәса жьҭаарамза инаркны 1943 шықәса хәажәкырамзанӡа Ар Ҟаԥшь иаиуит ухаҿы иузаамго ацәыӡқәа - иҭахази, ахәра заузи, хабарда ибжьаӡзи еилаҵаны миллионки 342 нызқьи 888-ҩык ауааԥсыра ыҟан. Архивтә хыҵхырҭақәа рҟны еизгаз арҭ ахыԥхьаӡара ҿаасҭақәа ртәы раԥхьаӡа акәны исҳәоит, зыхьӡ еилкаауи идырыми ҳфырхацәа ргәалашәара аҳаҭыраз. Урҭ ирызку адыррақәа еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны ицәырыргомызт, ма ишрыхәҭамыз ирыхцәажәон аибашьра ашьҭахьтәи аамтақәа рзы.

Даҽа документк аазгоит. Зыӡбахә сымоу И.Маиски напхгара ззиуаз Германиаҟынтәи арепарациақәа рзы Жәларбжьаратәи акомиссиа ажәахә ауп, уи еиқәыршәан 1945 шықәса жәабранмзазы. Акомиссиа дҵас иазықәгылан иаҵахаз Германиа аиааира згаз атәылақәа ирызнауз аԥхасҭа рзархынҳәырц азы аформула ашьақәыргылара. Акомиссиа анаҩстәи алкаақәа ҟанаҵеит: "Германиа асовет фронт иақәнарӡыз асолдаҭ-мшқәа рхыԥхьаӡара егьырҭ аидгылатә фронтқәа зегьы рҟны иақәнарӡыз рхыԥхьаӡара аасҭа ианамуӡах 10-нтә иреиҳауп. Асоветтә фронт аҟны иара убас еибашьуан анемец танкқәа зегьы ааидкыланы хәы-хәҭак рахьтә ԥшьба, анемец ҳаирпланқәа ракәзар - хы-хәҭак рахьтә ҩба". Иааидкыланы антигитлертә коалициа иаҵанакуаз арратә мчраҟынтәи 75 процент СССР атәы акәын. Ар Ҟаԥшь аибашьра ашықәсқәа ирылагӡаны иқәнахит аӷа идгылаз атәылақәа рдивизиақәа 626, урҭ рахьтә 508 - Германиа атәқәа ракәын.

Мшаԥы 28, 1942 шықәсазы Рузвельт Америка ажәлар рахь аҳәамҭа аныҟаиҵоз, абас иҳәеит: "Аурыс ар егьырҭ зымчқәа еидызҵаз атәылақәа ааизакны иқәырхыз раасҭа еиҳаны иқәырххьеит, рықәхрагьы иаҿуп ҳзеиԥш аӷа ируаа, иҳаирпланқәа, итанкқәа, ибзарбзанқәа". Черчилль Сталин иахь цәыббра 27, 1944 шықәсазы иҩуан "анемец арратә машьына акьатеиқәа ҭызхыз аурыс ар ауп" ҳәа.

Карельский фронт. Финский концентрационный лагерь в городе Медвежьегорске. Всего на территории оккупированной Карелии действовало более десяти финских концентрационных лагерей. За годы оккупации через них прошло около 30 тысяч человек мирного населения, в основном, русских. - Sputnik Аҧсны
Аконцлагерқәа ирҭакыз афинн-оккупантцәа рыцәгьоурақәа ҭҵаазарц аҳәара ҟарҵоит

Ари аҩыза ахәшьара адунеи зегьы иахыҩит, избанзар урҭ ажәақәа ииашахаҭаз аҵабырг шьақәдыргәӷәон, уи аҵабырг ахаангьы аӡәгьы гәыҩбарак изцәырнагомызт. 27 миллион инарзынаԥшуа асовет тәылауаа ҭахеит афронт аҟны, анемец итҟәаны иахьимаз аҭыԥқәа рҟны, амлакреи ахьҭакреи, атҟәацрақәеи ирыхҟьаны иҭахеит, цәгьаԥсышьа роуит геттои ауаа ахьҭаршьуаз анацисттә лагерқәа рпечкақәеи рҟны. СССР иацәыӡит ес-абыжьбатәи атәылауаҩ, Британиа ду - ес-127-тәи, Еиду америкатәи аштатқәа - ес-320-тәи.

Арыцҳара аиҭарыцҳара акәхеит Асовет еидгыла иузхамырҭәаауа ацәыӡқәа рыԥхьаӡара макьана иахьхыркәшам. Иҵегьы иацҵатәуп иҭахаз зегьы - Ар Ҟаԥшь аибашьцәа, апартизанцәа, маӡалатәи аԥырхагаҟаҵаҩцәа, арратә тҟәацәеи аконцлагер абаандаҩцәеи, аҭынч уааԥсыра - рыхьӡқәеи рлахьынҵеи ашьақәыргыларазы аусура ду. Уи ҳара уалԥшьас иҳадуп. Ари аус аҟны ирылшо рацәоуп аԥшааҩцәа, арра-патриоттәи аволонтиортәи еиҿкаарақәа, архивтә документқәа шьаҭас измоу адыррақәа релектронтә база "Ажәлар ргәалашәара" апроект уҳәа. Хымԥада, ари аҩыза азеиԥшгуманитартә ус аӡбараҟны жәларбжьаратәи аусеицура бзиа аҭахуп.

Аиааира аагара алшеит азеиԥш аӷа иҿагылаз атәылақәеи ажәларқәеи рџьабаа иабзоураны. Британиатәи ар анацистцәа рҟынтәи рыԥсадгьыл рыхьчон, иқәԥон Адгьылбжьаратә мшын аҿы, Аҩада Африка. Америкатәии британиатәии ар Италиа ахы иақәиҭыртәуан, иаадыртуан Аҩбатәи афронт. Еиду Америкатәи аштатқәа агрессор ааха ӷәӷәа ирҭеит Аокеан ҭынч аҿы. Ҳара иаҳгәалашәоит Китаи жәлар ироуз аԥхасҭа бааԥс, урҭ иапониатәи амилитаристцәа рықәхраҟны иҟарҵаз алагала ду. Ҳара иаҳхашҭӡом "Еибашьуаз Франциа" аибашьцәа ихьымӡӷыршьаз акапитулиациа азхамҵакәа анацистцәа ирҿагыланы ақәԥара ишаҟәымҵыз.

Иара убасгьы ҳара есымша ҭабуп ҳәа раҳҳәалоит Ар Ҟаԥшь џьаԥҳаныла, аӡала, фатәылеи-жәтәылеи, техникалеи иацхраауаз адгылаҩцәа. Уи ацхыраара маҷмызт - Асовет еидгыла арратә ааглыхраҟынтәи быжьпроцентк раҟара ыҟан.

Антигитлертә коалициа агәыцә шьақәгыло иалагеит Асовет еидгыла ианақәла ашьҭахьҵәҟьа, усҟан Еиду Америкатәи аштатқәеи Британиа дуи хьаҳәа-ԥаҳәада Гитлер и-Германиа иаҿагылараҟны Асовет еидгыла иадгылеит. 1943 шықәсазы Тегерантәи аконференциаан Сталин, Рузвельт, Черчилль еиҿыркааит аҳәынҭқарра дуқәа ралианс, еиқәшаҳаҭхеит акоалициатә дипломатиа, аԥсҭазааразы иҟалаз азеиԥш шәарҭара аҿагылара амҩақәа реиҿкаара аус адуларазы. Хҩык реидгыла ду алахәылацәа ибзиаӡаны еилыркаауан СССР, ЕАА, Британиа ду рааглыхратә, рхыҵхырҭатә, рырратә лшарақәа еизыркыр, уи хымԥада аӷа иҿагылараҟны аԥыжәара рынаҭоит ҳәа.

Мемориальный музей Холокост Яд Вашем - Sputnik Аҧсны
Аурысфобиеи антисемитизми еицыҿиоит, аха Холокост зегьы рҭыԥ иқәнаҵоит

Асовет еидгыла адгылаҩцәа рҿаԥхьа ахыдҵақәа еснагь инанагӡон, ианаҭахыз ирыцхраауан. Убас, Белоруссиа имҩаԥыргаз зымҽхак ҭбааз аоперациа "Багратион" абзоурала англыз-америкатәи адесант Нормандиа аӡхыҵра алшеит. 1945 шықәса ажьырныҳәамзазы Одер ахь иқәԥаны икылсын, ҳахьчаҩцәа Мраҭашәаратәи афронт аҟны Арденна ақалақь аҿы авермахт аҵыхәтәантәи ажәылара ӷәӷәа ҟәыбаса ишьҭарҵеит. Аиааира ашьҭахь хымз анҵы, СССР, Иалтатәи аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны, Иапониа ишабашьуа азы аҳәамҭа ҟанаҵеит, иагьаиааит миллионҩык аруаа рыла ишьақәгылаз Квантунтәи ар.

1941 шықәса ԥхынгәымзазы асовет напхгара аҳәамҭа ҟанаҵеит "афашисттә ргәаҟыҩцәа ирҿагыланы ақәԥара хықәкыс иамоуп атәыла аҿаԥхьа ицәырҵыз ашәарҭара аԥыхра адагьы, анемец фашизм зқәылаз Европа ажәларқәа зегьы рыцхраарагьы". 1944 шықәса аҽеиҩшамҭазы аӷа асовет ҵакыра далцан уҳәар ауеит. Аха уи аӷа иҭыҩраҟны дҭашьтәын. Усҟан Ар Ҟаԥшь Европа ахақәиҭтәра нап анаркит, еиқәнархеит ақәӡаареи, атәтәреи, Холокост ахлымӡаахи рҟынтәи амилаҭқәа рацәаны. Еиқәнархеит шәнызқьла асовет аруаа рыԥсҭазаарақәа ақәырӡны.

Иара убас иухауршҭыр ҟалом СССР зхы иақәиҭтәыз атәылақәа ишрыцхраауаз, урҭ атәылақәа рҟны амлакра алмыршаразы, рекономикеи ринфраструктуреи реиҭашьақәыргылараҿы. Ацхыраара ҟанаҵон Брест инаркны Москвеи Волгеи рҟынӡа адгьыл ццышәны ианышьҭаз аамҭазы. Убас, 1945 шықәса лаҵарамзазы Австриа анапхгара СССР ахь аҳәара ҟанаҵеит фатәыла-жәтәыла ацхыраара ҟанаҵарц, избанзар урҭ "иааиуа бжьымчыбжьа рзы, аарыхра ҟалаанӡа, ртәылауаа крызларҿарҵоз рыздыруамызт". Асовет еиҳабыра урҭ афатә рзынашьҭра ианақәшаҳаҭха, Австриатәи аамҭалатәи аиҳабыра аҳәынҭқарратә канцлер К.Реннер ари ашьаҿа "аиқәырхаратә акт…" ҳәа ахиҳәааит, "уи Австриа атәылауаа ахаангьы ирхашҭуам" иҳәеит.

Аидгылатә ҳәынҭқаррақәа анацисттә политикатәи арратәи цәгьоурақәа рзы ахьырхәра иазырхаз Жәларбжьаратәи арратә трибунал еицаԥырҵеит. Ауаҩытәыҩса иҿагылоу абарҭ ацәгьоурақәа - агеноцид, аетностәи адинхаҵаратәи рыцқьарақәа, асемитҿагылареи аксенофобиеи уҳәа иреиуоу - рганахьала азинтә хьырхәрақәа шьақәыргылан. Ниурнбергтәи атрибунал ирыхәҭоу иақәнаршәеит анацистцәа рыцхырааҩцәа, аколлаборационистцәа.

Апроект Возвращение имени аӡыргара мҩаԥысит. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны 8 нызқьҩык Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аҟны хабарда ибжьаӡит

Ари аҩыза ацәырԥхашьарақәа Европа аҳәынҭқаррақәа зегьы рҟны иаарԥшын. Петен, Квислинг, Власов, Бандера реиԥш иҟоу "ахаҿқәа", урҭ рыцхырааҩцәа, рхымҩаԥгашьа адгылаҩцәа ахьыԥшымра азықәԥаҩцәас, акоммунизм аҟынтәи ахақәиҭра азаагаҩцәас рхы шаадырԥшуазгьы, аиашазы дара чарҳәаҩцәан, аргәаҟыҩцәан. Дара рыԥшәмацәа раасҭагьы акырынтә еицәан. Урҭ рнапы ашьа ахататоуп "Бабий Яр", "Волынская резня", ирблыз Хатынь, Литвеи Латвиеи ауриацәа рықәхра акциақәа рымҩаԥгаразы.

Иахьагьы ҳара ҳпозициа шыҟац иаанхоит: анацистцәа рыцхырааҩцәа рыцәгьоурақәа рхьаршшара ҟалом, урҭ ацәгьоурақәа раамҭа цеит ҳәагьы аҳәара ҟалом. Убри азы уамашәа иубартә иҟоуп урҭи Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аветеранцәеи еиҟаратәны ианрыхәаԥшуа. Ус аҟаҵара алҳаршар ҟалом. Анацистцәа рыдгылаҩцәа фырхацәоуп ҳәа раарԥшра иашьҭоу иҭахаз ҳабацәеи ҳабдуцәеи ргәалашәара рҭиуеит ҳәа исыԥхьаӡоит.

Сталин, Рузвельт, Черчилль зидеологиақәа, зинтересқәа, зкультурақәа еиԥшымыз аҳәынҭқаррақәа ирхагылан, аха дара ирыман аполитикатә мчхара, ргәаанагарақәа ахьеиқәымшәоз шыҟазгьы, аҭынчра зегь раԥхьа идыргылеит. Убри абзоуралоуп ауаатәыҩса реиқәырхара алзыршазгьы.

Тегерантәи, Иалтатәи, Сан-Франциссктәи, Потсдамтәи аконференциақәа роуп абар 75 шықәса адунеи аҟны аглобалтә еибашьра ахьыҟам зыбзоуроу.

ХХ ашәышықәса адунеитә конфликт дуқәа ҳзаанагеит, 1945 шықәсазы ицәырҵит Адгьыл ықәызхыр зылшо аиадертә бџьар. Даҽакала иуҳәозар, аимакқәа амч ахархәарала рҭышәныртәалара шәарҭахеит.

Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ашәараҭадаратә Хеилак шьақәдыргылеит уи есымшатәи алахәылацәа азалхны. Убасҟан ицәырҵит урҭ рԥыжәаратә зини рҭакԥхықәреи ирдыргахаз вето азин. Вето азин - адунеи аҳәынҭқарра дуқәа реиҿагылара аанызкыло зинуп. Адержавақәа хәба рахьтә акы азин амоуп еиуеиԥшым аӡбамҭақәа анрыдыркыло уи иара аинтересқәа ирҿагылоит ҳәа ҳәаны, аҿагылара алахәра мап ацәнакыр. Егьырҭ атәылақәа, уи иақәшаҳаҭымзаргьы, уи аҳәамҭа рыдыркылоит, убри алагьы мап ацәыркуеит рхала ирыӡбаз ақәымчратә шьаҿақәа аԥсҭазаара раларҵәара. Абасала акомпромиссқәа ирзааиуеит ас акә, егьыс акә.

Акция Бессмертный полк в Москве - Sputnik Аҧсны
Ҩ-миллионҩык рҟынӡа афырхацәа дырбан "Ԥсра зқәым архәҭа-онлаин" ала

Аглобалтә еиҿагылара ҿыц Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь ицәырҵыз зны-зынла аҽарӷәӷәон. Аибашьра хьшәашәа Ахԥатәи адунеитә еибашьрахьы иахькылымсыз зыбзоурахазгьы Хҩык реидгыла ду (Большая тройка - аред.) ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа роуп. Еиду амилаҭқәа реиҿкаара (ЕАР) аԥҵараангьы изықәныҟәаз аԥҟарақәа наҟ-наҟ аиҿагыларазы ашәарҭарақәа ланарҟәуан, хылаԥшра анаҭон. Иахьагьы, усҟан еиԥш хаҳарала аус амуазаргьы, ЕАР урҭ аԥҟарақәа макьана ирықәныҟәоит. Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ашәараҭадаратә Хеилак аибашьра ду ма аглобалтә конфликт иахьа уажәраанӡа иаанызкыло механизмуп.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы авето азин аԥыхтәуп, Ашәарҭадаратә Хеилак иалҵтәуп ҳәа иҟарҵо ааԥхьарақәа ҭакԥхықәрадоуп. Ус иҟалар, ЕАР башацәажәаразы еизарҭахоит, адунеитә процессқәа анырра аҭара злымшо. Амилаҭқәа рлига иахьыз агхақәа ҳаԥхьа иҟамларц азоуп уи зеиҿкааз.

Иахьа адунеи аамҭа цәгьа иҭагылоуп. Уаанӡа акәзар, еибашьра еилгомызт, аха уажәы, усҟан аидгылатә ҳәынҭқаррақәа иаԥырҵаз асистема абзоурала, иахьа аибашьра ду ахацыркра алдыршом, обиективла азҵаарақәа рыӡбара рҽазыршәоит.

Ҳара, аполитикатә ҭакԥхықәра зхахьы изго, аиҳаракгьы Аҩбатәи адунеитә еибашьараҿы иаиааиз аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа, иаҳуалԥшьоуп асистема аҟазаареи аиӷьтәреи ралыршара. Иахьагьы, 1945 шықәсаан еиԥш, аҵак ду аманы иҟоуп аполитикатә лшара аарԥшра, уаҵәтәи амш алацәажәара. Ҳколлегацәа, Си Цзиньпин, Макрон, Трамп, Џьонсон адгылара арҭеит урыстәылатәи аган аԥшьгамҭа – Ашәарҭадаратә хеилак иааиԥмырҟьаӡакәатәи алахәылацәа – аиадертә ҳәынҭқаррақәа хәба рнапхгаҩцәа реиԥылара. Ҳара уи азы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, ҳагьақәгәыӷуеит аиԥылара аҭыԥ аиуп ҳәа лшарак шааҟалалак аиԥш.

Ишԥаабо ҳара асаммит амшхәаԥштә азҵаара? Раԥхьа инрагыланы, ҳгәаанагарала иахәҭаны иҟоуп аҭынчра аиқәырхара, аглобалтәи арегионалтәи шәарҭадара, астратегиатә бџьар хылаԥшра аҭара, атерроризм аицҿагылара уҳәа актуалра змоу егьырҭ ашәарҭарақәеи еицаҳзеиԥшу аусқәа рҟны коллективла ҳшьаҿақәа рыҟаҵареи рызҵаарақәа иаартны рылацәажәара.

Аиԥылараҿ хаз игоу зҵаараны иҟалароуп аглобалтә економика – раԥхьа инаргыланы акоронавирустә пандемиа иахҟьаз аекономикатә кризис алҵшьа. Ҳара зегьы уаанӡа зеиԥш ыҟамыз аҽазышәарақәа мҩаԥаагоит ауааԥсыра ргәабзиара, рыԥсҭазаара ахьчараҿы, аԥсҭазааратә уадаҩра иҭашәаз ауааԥсыра адгылара рыҭараҿы. Пандемиа алҵра шалыршахо, аглобалтә економика арецессиа ишалҵша зхьыԥшу партниорцәақәак рыҳасаб ала ҳәоуеиқәшәала ҳаицусуроуп. Иалмыршахароуп аекономика нырраҟаҵаганы ахархәара. Аҵак ду рыманы иҟоуп иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчара, аглобалтә информациатә ҵакыра ашәарҭадара аиҿкаара.

Урыстәыла иаԥшьгамҭоу асаммит амшхәаԥштә азҵаарақәа ҳтәылеиԥш адунеи зегьы азы аҵакы змоу зҵаарақәазароуп. Убри азы пунктцыԥхьаӡа иҳамоуп аидеиақәеи аԥшьгамҭақәеи.

Гәыҩбара амам Урыстәыла, Китаи, Франциа, Америка, Британиа ду рсаммит ҳабацәеи ҳабдуцәеи ззеибашьуаз аиҩызареи агуманисттә идеалқәеи рыхьчара ишазырхахо.

Ҳзеиԥш ҭоурыхтә гәалашәара шьаҭас иҟаҵаны ҳара иҳалшоит аилибакаара, агәреибагара. Ари ҵаҵӷәуп ԥхьаҟатәи ҳаицәажәаразы, адунеи аҿы аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи реиҿкааразы, аҳәынҭқаррақәа зегьы рыршәҭыкакаҷреи реизҳазыӷьареи рзы. Ари ҳара ҳзеиԥш ҭакԥхықәроуп иахьатәии уаҵәтәии абиԥарақәа рҿаԥхьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0