Ҳаԥсадгьыл ду зыхьчоз апоет: Алықьса Џьонуа изы ажәа

Аԥсуа поет, апрозаик, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа алахәыла Алықьса Џьонуа, иеибашьратә мҩа ирҿиара ишаныԥшыз дазааҭгылоит апоет Анатоли Лагәлаа.
Sputnik

Ҷлоу ақыҭан Аимара аҳаблаҟны аӡәырҩы асасцәа дуӡӡақәа нанагахьан Нестор Џонуа иҩнаҭа. Араҟа асас иԥылара ныҳәа дук иаҩызан, ирҭаауазгьы иагьа иццакуазаргьы, ишахәҭоу пату рықәымҵакәа иоурышьҭӡомызт. Абри аҩнаҭа ҳалал, аҩнаҭа ссир аҟны диит, заԥхьаҟа ипоет духараны, иуаажәларратә усзуҩраханы иҟаз Алықьса Нестор-иԥа Џьонуа.

Ҳаԥсадгьыл ду зыхьчоз апоет: Алықьса Џьонуа изы ажәа

Апоет дшыҷкәынӡаз ииҩыз ажәеинраала, "Аԥсадгьыл ахьӡала" нас Аԥсны зегьы ирылаҵәаз, алитература иазку ахрестоматиақәа ирнырҵаз, абри аҳабла ссир аҿы ауп иахьииз. Абра иаагоит ажәеинраала ацыԥҵәаха:
Ҳаԥсадгьыл ҳахьизоуп,
Уи ҳан иаҳзылҩызоуп,
Ҳа ҳзыҳәан уи еиӷьу,
Нас иарбан ҽакы?

Ҳаԥсадгьыл ҳзааӡазоуп,
Разҟы мҩа ҳзырбазоуп,
Уи ауп гәыбылрала,
Ҳаишьцәазтәыз зегьы.

Ишәҭуеит ҳа хаԥсадгьыл,
Иҳахьчоит уи ҳаԥсы адкыл,
Ҳаԥсадгьыл ҳаԥсеиԥш,
Иаабоит есқьынгьы.

Ҳаԥсадгьыл хазыноуп,
Ҳаԥсадгьыл азыноуп,
Аус ду ҳаиааиуа,
Изкаҳҭәо ҳаԥхӡы.

Ҳаԥсадгьыл лашара,
Иаҳнаҭоит гәазҳара,
Уиала еиҵыҵуеит,
Ҳа ҳамчи ҳалшеи!

Алықьса Џьонуа аамҭа бааԥс далиааит, аха иара иҭаацәареи ииашьареи аӷьараҳәа зшьапы иқәгылаз уаан азы, аамҭа ауадаҩрақәа изыннажьуаз дыриааиртә еиԥш алшара инаҭеит. Уи имаз агәаӷь, аԥсҭазаара ҿыц ахь агәазыҳәара зегьы ириааиит, ишьапы дықәнаргылеит, аҵара лашарахь, адырра ҿыцқәа рахь ихеит. Уажәы иаҳгәалаҳаршәап иара инысымҩа.

Ҳаԥсадгьыл ду зыхьчоз апоет: Алықьса Џьонуа изы ажәа

Џьонуа Алықьса Нестор-иԥа диит Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳабла лаҵара 5 1920 шықәсазы. Аԥсуа поет, апрозаик, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (1984, ажәеинраалақәеи апоемақәеи рышәҟәы "Ашьеи абзиабареи" рзы). 1941-1945  ашықәсқәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа далахәын. Ианашьоуп Аџьар Ҟаҧшь аорден, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден аҩбатәи аҩаӡареи, амедалқәеи, адырга "СССР аҵара зҽалызкааз". СССР-и Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Дыҩуан аҧсышәала. Аҵара иҵон Аимаратәи ҩ-классктәи ашкол аҟн, ашьҭахь - Ҷлоутәи ҧшь-классктәи ашкол даналга диаргоит Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи аҧсуа школ ахь. 1938 шықәсаз А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҧсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша дҭалеит, аха аҩбатәи акурс аҟнытә аррамаҵура ашҟа иҧхьоит. Аханатә аррамаҵура дахысуан Туркментәыла (ақ. Мари) атанктә архәҭа аҟны. Ари аамҭазы Москватәи аҭыжьырҭа "Советский писатель" урысшәала иҭнажьит аизга "Аҧсны апоетцәа". Уи иагәылалеит Алықьса Џьонуа иажәеинраалақәа рыхәҭак. Ашәҟәы аррамаҵура дахьахысуаз архәҭахь изынарышьҭит, ирыҧхьеит, арратә ҭӡыгазеҭ «За родину» ианырҵеит иажәеинраалақәа ҩба: "Амҳаџьыр", "Аҟармаҵыс".

Ҳаԥсадгьыл ду зыхьчоз апоет: Алықьса Џьонуа изы ажәа

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ианалага дызлаз атанктә архәҭа афронт ахь иналагылеит. Раҧхьатәи ажәыларақәа раан Алықьса Џьонуа дхәын, ҩымз ахәшәтәырҭаҿы дыҟан, аҧхьа – Новошахтинск ақалақь аҟны, ашьҭахь – Сталинград амҵан астанциа Илиниц. Игәабзиара шьақәыргыланы ирхәҭахь дхынҳәит, аҧшыхәратә рота аҟны сержантын. 1942 шықәсазы ааԥынразы Барвенково-Лозоваиа (Украина, Харковтәи аобласт) араион аҟны дрытҟәеит, аха иаарласны абналара илшеит; Украина, Винницатәи аобласт аҟны апартизанцәа ргәыҧ "За родину" аԥшыхәратә гәыԥ далалеит. Апартизантә гәыԥ Асовет Ар рырхәҭақәа ианрыларҵа, 1944 шықәса февраль азы Алықьса Џьонуа даарышьҭуеит Аҟәатәи арратә комиссариат ахь.

Ҳаԥсадгьыл ду зыхьчоз апоет: Алықьса Џьонуа изы ажәа

Аԥсныҟа даныхынҳә, иҵара иациҵоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны, дагьалгоит 1947 шықәсазы. Аус иуан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аконсультантс, Аҟәатәи арҵаҩратә техникум аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс, агазеҭ "Аҧсны ҟаҧшь" акультуреи абзазареи рыҟәша аиҳабыс, ашьҭахь – апартиатә бзазара аҟәша аиҳабыс, ажурнал "Алашара" аредактор хадас. 1978-1986 шықәсқәа раан – Аҧсны Аминистрцәа Рсовет аҟны иҟаз архивтә усбарҭа анапхгаҩыс, 1986-1989 шықәсқәа рзы – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусбарҭа ахантәаҩыс дыҟан.

Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1930-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызбжа инаркны. Раҧхьатәи иажәеинраалақәа "Миха иҧҳа", "Аусуҩы", "Џьота", "Абарбарҩы", анылеит агазеҭ "Аҧсны ҟаҧшь". Иҩымҭақәа рнылон ажурнал "Алашара", агазеҭқәа "Аҧсны ҟаҧшь", "Советкая Абхазия", "Литературная Украина" уҳәа егьырҭгьы.

Зажәа хатәраз апоет: Иван Ҭарба диижьҭеи шәышықәса ҵит

Алықьса Џьонуа иажәеинраалақәа маҷымкәа икьыҧхьын "Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." Жәохә инареиҳаны ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, апрозатә ҩымҭақәеи реизгақәа дравторуп. Иажәеинраалақәа жәпакы еиҭагоуп аурыс, аукраин, ақырҭуа уҳәа абызшәақәа рахь.

Алықьса Џьонуа дырдыруеит еиҭагаҩк иаҳасабалагьы. Аҧсшәахь еиҭеигеит араб, аурыс, аукраин, адыга, ақырҭуа уҳәа апоетцәа Маҳмуд Сами Аль Баруди, Баирам Ат-Туниси, Муфида аль Багдади, Сурџьиҭ Рампури, С. А. Есенин, В. В. Маиаковски, И. И. Франко, Л. Г. Тычин, Х. Х. Гашоков, И. И. Тлиустен, Г. Н. Леониӡе, Ш. С. Акобиа, К. Р. Калаӡе, Х. Гагуа ражәеинраалақәа, М. А. Шолохов, А. Н. Толстои, И. В. Бондарев, Л. Қьиачели уҳәа рырҿиамҭақәа.

Алықьса Џьонуа дравторуп абарҭ аҭыжьымҭақәа: "Ашьыжьтәи ашәахәақәа" (ажәеинраалақәа). "Аҧсадгьыл ахьӡала" (ажәеинраалақәа), "Аҭоуба" (ажәеинраалақәеи апоемақәеи), "Арҩаш" (ажәеинраалақәеи апоемақәеи). "Уаҵәазы" (ажәеинраалақәа), "Иалкаау" (ажәеинраалақәеи апоемақәеи), "Сара сгәыӷра" (ажәеинраалақәа), "Еснагь иҳацу" (ажәеинраалақәеи абалладақәеи),  "Иалкаау" (ажәеинраалақәеи абалладеи), "Ашьеи абзиабареи" (ажәеинраалақәеи апоемақәеи), "Аҧхьарца" (ажәеинраалақәеи апоемеи), "Иалкаау" (актәи ашәҟәы. Ажәеинраалақәа. Абалладақәа. Апоемақәа", "Иалкаау" (ҩ-томкны ). Аурысшәахь аиҭагақәа: "Журчащий родник" (стихи) "Верность" (стихи), "Прибой весны" (стихи).

Алықьса Џьонуа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахы инаркны аҵыхәанӡа далагылан, уи ажәылара дуқәа акырӡа дрылахәын, акырынтә дшырхәызгьы, аԥсра дацәынханы, хаҵарыла зыԥсадгьыл еиқәырханы ихынҳәуз дрыланы иԥсадгьыл ахь дааит. Хашҭра рықәым уи иаԥиҵаз ажәеинраалақәа аибашьра иазку.

Сара есымша исгәалашәоит ажәеинраала "Амцеи амаалықьи" шаҟа гәҭыӷьӷьала, шаҟа рыцҳашьарыла даԥхьоз азал дуқәа рҿы. Иахьагьы сыла ихгылоуп уи изыӡҩрцәа рылабжышқәа акьажыҳәа ишаауаз… Уажәы абраҟа аԥхьаҩцәа иргәаласыршәар сҭахуп ажәеинраала аԥхьатәи ахәҭа ааныжьны, агәҭа хәҭак аҵакы зегьы ахьаныԥшуа. Ажәеинраала аԥхьатәи ахәҭаҿы иубоит асоветтә солдаҭцәа абылра иаҿыз қыҭак аӷа иҟынтәи иалалан ишнеиуаз еимгәабылхьаз ҩнык аҿы уи иалыҳәҳәоз ауаџьаҟ аҟынтәи сабик иҵәаабжь шгоз:
Абар ассир ахьҳаԥгыла ҳабла ртҩуа,
Уа иаразнак иааилагылеит ҳа ҳхәы-ҳжьы.
Ара ҳҿаԥхьа, ауаџьаҟаҿ аа, иахьҭҩуа,
Игәыҿкаагаха амаалықь хәыҷ иҿыҭыбжьы…

О, дынҭаагеит, ибла хәыҷқәа еибарӡыӷ-ӡыӷуа,
Даалаҳкәыцәааит ицыблыхаха амышәкәан.
Нас дабаҟоу гәыԥҳәыхшыла дзыргәыбзыӷуа,
Иан ажәрацәгьа, иан жәымҭацәгьа уа дбылхьан…
Лхәыҷи лареи иқьоуқьадха амца анрыжәла,
Ан разҟыда, лахьынҵацәгьала дангәаҟ.
Ирыцхраашаз данырмықәшәа уа уаҩыжәла,
Деиқәлырхарцаз лҵеи дҭакналҳаит ауаџьаҟ…

Зыԥсҭазаара еибашьрак еиԥш изхызгаз: Алықьса Аргәын игәаларшәара иазкны

Ашәҟәыҩҩцәа дуқәа рырҿиара зегьы ааизакны уахәаԥшуазар, урҭ ирымоуп ихадоу шәҟәык, рыхьӡ ахаан иказмыршәуа, ашәышықәсақәа иргәылган изго. Убасеиԥш иҟоу шәҟәуп Алықьса Џьонуа иажәеинраалақәеи ипоемақәеи еидызкыло "Ашьеи абзиабареи". Абри ашәҟәазы апоет ианаршьеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.

Ииашаҵәҟьан, апоет ирҿиара аибашьра ибзиаӡаны ианыԥшит, избанзар, уи иара далагылан, насгьы, абаҩхатәра имаз уаҟа еиҳа аҽаанартит…

Иҟалап, апоет иреиӷьӡоу иҩымҭақәа аибашьра иазку роуп ҳҳәар гха дук ҳмыхьуазар…
Схы ахызбаауеит
Ԥшьы-шықәса абџьар ҳаҵан,
Сҩызцәагьы саргьы.
Ԥшьы-шықәса аибашьра ацын,
Ҳа ҳлахьынҵагьы.

Аха икьаҭомызт ҳгәаҵан,
Агәыӷра ахәшԥырӷы.
Ҳара ҳгәы зегь агәыӷра аҵан,
Агәыӷра уаҵәазы.

Аха, рашәақәлара иахьымӡакәа,
Сықәлацәа жәпаҩы,
Инхеит, ргәыӷра зымнаӡакәа,
Аибашьра адәаҿы.

Схы ахызбаауеит урҭ рылымкаа,
Са сгәыӷра аразҟы.
Схы ахызбаауеит урҭ рылымкаа,
Ашәа аҳәарагьы.

Аха издыруеит урҭ шракәу,
Сашәа ԥсыс иахоу.
Сықәлацәа иҟам рыԥс шакәу,
Саргьы сыԥсы злаҭоу.

Аԥсуа поезиа абзиабаратә лирикаҿы иреиӷьӡоу ажәеинраалақәа рыӡбахә анаҳҳәо, хымԥада иаҳгәалаҳмыршәар ҳақым Алықьса Џьонуа ихатә ҩыза Нели Маанԥҳа илызку ажәеинраала "Бсыдгыланаҵ". Асеиԥш, гәыблыла, цәанырра ҳаракыла, иҟәымшәышәу бзиабарала иҩу ажәеинраалақәа ҳпоезиаҿ ирацәаӡам, убри азы сара абра исҭахуп уи ажәеинраала шеибгоу иаазгарц:
Бсыдгыланаҵ
Н.М. илызкны
Бгәы бзырхьуа жәа сҳәахьазар, саҭабымҵан,
Саҭабымҵан зегьы рзыҳәан сеилкааны.
Ибдыруазааит, ибҭахызаргь ихабымҵан,
Бара бҿаԥхьа маӡа шсымам иҵәахны.

Сацәымҩашьо сара издыруеит ԥсраҽнынӡа,
Бсыдгыланаҵ- хьымӡӷ згом ауаҩраҿы.
Бацәымҩашьо баргьы ибдыруаз бгәаҵаҿынӡа,
Бара бшыҟоу сара сзыҳәан ԥсынҵырны.

Ҳаԥсҭазаараҿ бнапсыргәыҵа џьаџьахазаргь,
Бсыдгыланаҵ- хьымӡӷ згом ауаҩраҿы.
Бсыдгыланаҵ- иахьакәымгьы сымҩахыҵуам,
Ус анакәха, саргьы сыҟаз ба бгәаҿы!

Апоет Алықьса Џьонуа ҳаԥсуа литература иазынижьит ахааназ имԥсуа, имыӡуа, уаҵәы игыларан иҟоу аҿар ес ииуа ирыциуа, дара рыԥсҭазаара иацу, иагәашьамху, анарха азҭо, ауаҩра дуи аламыси злоу, иаԥсуацқьоу -Ажәа!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: