Зажәа хатәраз апоет: Иван Ҭарба диижьҭеи шәышықәса ҵит

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Иван Тарба
Иван Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы, апрозаик, апоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ ӡху апремиа алауреат, акыр шықәса Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩыс иҟаз Иван Ҭарба диижьҭеи иҵит шәышықәса. Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа уи игәалашәара иазикит.

Аԥсуа хымца еиԥш уеицрала,

Сажәеинраала ацәаҳәа!

Џьара ухала, џьара уҭала,

Уахьнеилакгьы сҿахәы ҳәа!..

Иван Ҭарба

Иван Ҭарба ҳаԥсуа литература цәала-жьыла далагыламижьҭеи акыр шааҵуагьы, уи аҿаца-ҿацаҳәа иажәеинраалақәа данрыԥхьоз ибжьы уажәыгь ҳагәқәа ирҭыҩуеит!.. Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабыс аус аниуаз ашықәсқәа рзы, 1948-1953, 1958-1979 шш. даара ирҿыхеит ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳаԥсуа интеллигенциа, мызкаҟынтә хынтә-ԥшьынтә алитературатә хәылԥазқәа, аиԥыларақәа анеиҿимкаауаз ыҟаӡамызт. Уи аус аҿы хашҭшьа амаӡам усҟан ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿ маӡаныҟәгаҩыс аус зуаз апоет Кәымф Ломиа иџьабаа. Урҭ аҩыџьагьы рыбзоурала даара ҽаԥара иԥеит ҳлитература иаҵагылаз аҿар рырҿиара, ицәырыргеит даара ауаҩы даазеигәырӷьаша абаҩхатәрақәа.

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Иван Ҭарба
Зажәа хатәраз апоет: Иван Ҭарба диижьҭеи шәышықәса ҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Иван Ҭарба

Иван Ҭарба раԥхьаӡатәи ишәҟәы "Ашьха ӡыхь" 1949 шықәсазы иҭыҵит. Уаҟа ианылеит апоет иажәеинраалақәеи ипоемақәеи маҷымкәа. Иуҳәар ауеит, апоет зегь раҵкыс иеицырдыруа иажәеинраалақәа Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа иазкуп ҳәа. Иаагап, урҭ рҟынтәи цәаҳәақәак:

"Аԥсуа ҟама"

Иӷьазӷьазуа аԥсуа ҟама,

Аӷа ибаҩ иалахуп.

Изкыз мамзар баша иҟьама,

Аиааира усаҿ иалахуп…

Мамзаргьы, ажәлар даара бзиа иеицырбаз, иаразнакгьы арҵага шәҟәқәа ирнылаз "Дон ахықәан". Зегь раԥхьа иргылан, апоет ажәеинраала ззикыз А. Наӡаӡе аибашьра ду аҿы афырхаҵара ҟалҵеит, имԥсуа ахьӡ лырҳаит, Урыстәыла зегьы аҿеиԥш, адунеиаҿ лыхьӡ рылаҵәеит!

Ашәәҟыҩҩы Мушьни Миқаиа диит жәабран 22 1932 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол  ақыҭан - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2020
Ахьы зҿыҵышәшәоз ашлақәа ирхылҵыз: Мушьни Миқаиа игәалашәара

Дон аӡиас ҭынч ахықәан,

Ԥсра зқәым гылоуп абаҟа.

Аҩызцәа ирыԥхаз уа дырнықәуан,

Аиааира рыма ицон ԥхьаҟа.

Урҭ ажәеинраалақәа рыҩаӡараҿы иҟаз даҽа жәеинраалакгьы аԥиҵеит апоет уи ашықәсан. Уи акьыԥхьаҿ ианцәырҵ, иаразнак еицгәарҭеит, агазеҭқәеи ажурналқәеи ирнырҵеит, радиола иаԥхьеит, аԥхьаҩцәа ишьҭыркәыцәааит, иаразнак апоезиатә разҟ бзиа аиуит. Иахьӡуп иара ажәеинраала "Изнышәынҭрада?!" Иаагап абраҟа ажәеинраала алагарҭеи, алгарҭеи:

Ижыда абраҟа, изнышәынҭрада,

Иҭахаз дарбан ақәԥараҿ?

Иуасиаҭ, иажәахә, уа изеиҳәада,

Ма деиқәызкда ахрацәгьаҿ?

Ахаҵа ихьыӡ бзанҵы иӡуам,

Ахаҵара ахьыӡ камшәаӡацт.

Зтәыла ахьчара зхы ақәызҵаз,

Ахаҵа имра ҭамшәаӡацт…

Ԥыҭрак ашьҭахь апоет маҷ-маҷ аибашьратә тема дацәхьаҵит, ажәларгьы хәыҷык рыхәрақәа ӷьо иалагеит, иаргьы аграждантә лирикахь диасит. Усҟан иаԥиҵеит ирацәаны ажәеинраалақәа, апоемақәа, ахәыҷқәа ирызку арҿиамҭақәа. Урҭ зегьы аԥхьаҩ иҿы рхатә ҭыԥ рыԥшааит, аԥсҭазаара ҭынч ахь, аусурахь риагаразы ирыцхрааит. Иаагап, ажәеинраала "Сыԥсадгьыл" аҟынтәи раԥхьатәи акуплет:

Са сыԥсадгьыл сыԥсахуазар,

Џьениа Алықьсаокумент - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2021
Шьаҿацыԥхьаӡа иара ихаҿсахьа лаша ҳҿалашалоит: Алықьса Џьениа игәалашәаразы

Алашара сумырбан.

Уан узааӡаз духашҭуазар,

Илзууазеи даҽаӡә иан…

Убас, апоет ипоезиа аҭынчратә ԥсҭазаарахь ииасит хәыҷы-хәыҷла, ажәларгьы рхы иҩахеит, ирықәыԥхеит амра хааӡа, агәра ргеит рҭынчра уажәшьҭа акыраамҭа шәарҭа шамоуаз, гәата-бӷата анхара, анҵыра, аҿиара аизҳара ишалагатәыз… Иаагап урҭ ирызку даҽа жәеинраалакгьы:

Сара џьара сыҟан,

Шьоук сасра сырҭан.

Сыццакуан аҩныҟа,

Уа са сзы ихьанҭан…

Сара џьара сыҟан,

Сҭәы сыԥха сышьҭан.

Адәахь шоуран иҟаз,

Са сгәаҿы- ихьҭан.

Сара џьара сыҟан,

Уа сыҩнан ахан.

Сыццакуан аҩныҟа,

Уа еиҳа иԥхан…

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Иван Ҭарба
Зажәа хатәраз апоет: Иван Ҭарба диижьҭеи шәышықәса ҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Иван Ҭарба

Апоет еиҳа-еиҳа илаԥшҳәаа ҭбаахеит, егьырҭ атәыла дуқәа рахь ирацәаны аныҟәара далагеит, ирҳаит ашәҟәыҩҩцәа-аҩызцәа дуқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аурыс поетцәа: Н. Асеев, И. Козловски, А. Межиров, Н. Заболоцки, Н. Гребниов, Б. Дубровин, А. Дементиев, Б. Ахмадулина, С. Куниаев, А. Передреев, В. Солоухин уҳәа убас ирацәаҩны.

Урҭ аамҭақәа рзы апоет ибон ижәлар ишырҭахыҵәҟьаз аԥсҭазаара шрымамызгьы, анхара-анҵыра ишаҿыз, ргәырҩа бааԥсқәа рышьҭахьҟа ишынрыжьуаз. Апоет ҩнапыкла иус шьҭихит, ирҭбаар акәхеит дызлаҩуаз аформа, дианагеит апрозахь. Жәашықәса рыҩнуҵҟала иаԥиҵеит ароманқәа ԥшьба: "Идыру ахьӡ", " Амра ҳара ҳҿы игылоит", "Сан лыблақәа", " Адунеи ахьалаго".

© Foto / Абхазская интернет-библиотека Иван Ҭарба "Сан лыблақәа"
Зажәа хатәраз апоет: Иван Ҭарба диижьҭеи шәышықәса ҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Иван Ҭарба "Сан лыблақәа"

Арҭ аҩымҭа дуқәа иаразнак аԥхьаҩцәа ирылаҵәеит, шықәсқәак рыла еиҭаргеит аурыс бызшәахь, ирнылеит усҟан даара еицырдыруаз ажурнал "Роман газеты".

Асеиԥш зҩымҭақәа еицгәарҭаз ашәҟәыҩҩы ироманқәа руак "Амра ҳара ҳҿы игылоит" Д.И. Гәлиа ипремиа иаԥсахеит. Иазгәаҭатәуп, апоет ипоезиатә мҵәыжәҩа егьа дышьҭнахзаргьы, ишихамышҭуаз дзааӡаз иқыҭа гәакьа Баслахә, уатәи ашкол, иара бзиа дызбоз ахәыҷқәа.

Иахьа уажәшьҭа акыршықәса ҵуеит арҵаҩ бзиаӡа, Ҷыҷыкәа Хьыбба ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратә школ аҟны еиҿкаауижьҭеи Аԥсны даҽа қыҭак, раионк аҿы иузымыԥшаауа апарк ссир! Ари апарк агәҭа Баслахәтәи ашкол ҭагылоуп, иаакәыршан игылоу аҵлақәа зегьы, акакала, хаз-хазы ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыхьӡқәа рхуп.

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Иван Ҭарбеи гәыԥҩык аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи
Зажәа хатәраз апоет: Иван Ҭарба диижьҭеи шәышықәса ҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Иван Ҭарбеи гәыԥҩык аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи

Иџьаушьаша, аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аԥхьа, Аԥсны аимадара, аԥошьҭа аус анауаз, уи ашкол адиректор Ҷыҷыкәа Хьыбба ибзоурала еиҿыркааит даара аидеиа бзиа! Уатәи ахәыҷқәа, ашкол аҿ аҵара зҵоз, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәеи ҳпоетцәеи рыбжьара асалам шәҟәқәа рыбжьысуан, рымширақәа аныҟаз ирыдырныҳәалон, ражәеинраалақәа ирыхцәажәон, рышколтә проблемақәа рзеиҭарҳәон!

Ари даара пату ақәын ҳашәҟәыҩҩцәа рзы, урҭ ирҩуаз, идырҿиоз, уимоу рыԥсҭазаара зегьы рылаԥш ахын Баслахәтәи ашкол аҵаҩцәа! Уи зегь раԥхьа иргылан изыбзоураз усҟантәи уи ашкол адиректор иакәын, аха изларҳәо ала, абӷа изҭаз, уахь ирлас-ырласны ашәҟәыҩҩцәа зыцны имҩахыҵуаз, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы Иван Канстантин-иԥа Ҭарба иакәын!.. Уи ихьӡ зху аҵла, егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа рыхьӡқәа зху аҵлақәа зегьы, шәҽеиҟәышәымшан, ҳара ҭаацәарак ҳауп ҳәа ранаҳәошәа, иџар-џаруа ирылагылоуп иахьагьы рыгәҭа!

Иазгәаҭатәуп, И.Ҭарба исценари ала ишҭыхыз раԥхьатәи аԥсуа фильм "Аҽы зкәадыруа".

Апоет аус иухьан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" акультура аҟәшаҿы, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩыс, Аԥсны аҵара аминистрс, Қырҭтәылатәи Акомпартиа Аԥснытәи Аобком амаӡаныҟәгаҩыс, далхын СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс.

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Иван Ҭарба
Зажәа хатәраз апоет: Иван Ҭарба диижьҭеи шәышықәса ҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Иван Ҭарба

Ҳажәлар ахаангьы ирхашҭуам Иван Ҭарбеи Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Ахантәаҩы Шьакаииа Архип Мирон-иԥеи 1954 шықәсазы ЦК КПСС ахь ирҩыз иаарту ашәҟәы. Уи ашәҟәаҿы иарбан ҳаԥсуа жәлар Сталини Бериеи ррежим аан ирхыргаз, ҳбызшәа иазаарцаз, ҳажәлар аԥсреи абзареи

ишрыбжьадыргылаз, хеиҵыхырҭа шрырымҭаз. Ари ашәҟәы еицырдыруа егьи ашәҟәы, Б. Шьынқәбеи, А. Ӡиӡариеи, К. Шьаҟрыли рышәҟәеиԥш, ацәажәара хьанҭа ахылҵит, И. Ҭарбагьы, А. Шьакаииагьы рҭыԥқәа ирымырхит, аха зегь акоуп, ирҭахыз Урыстәыла аиҳабыреи Қырҭтәыла аиҳабыреи ираҳартә иҟарҵеит, иқәыргылоу апроблемақәа рмыӡбар, ашәарҭара ду ахылҵыр шалшо агәра ддыргеит…

Владимир Анкуаб - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Амца зыцраз апоет: Владимир Анқәаб изкны

Абас еиԥш, зыжәлар рыгәҭа аӷьараҳәа игылаз, ианаҭахыз аамҭаз, зышәҟәыҩҩрагьы нышьҭаҵаны урҭ ринтересқәа аӷьараҳәа изыхьчоз, иажәрахь днықәлон еиԥш, аԥсуа-қырҭуатә еибашьра ихьӡеит, ҳаӷеимшхараҵәҟьа изаанацеит. Уи аамҭала Аҟәа далаханы дыҟан, араҟа итҟәацыз аснариад аԥҽыхақәа рыла дҭахеит иԥшәмаԥҳәыс, атеатр актриса Еҭери Коӷониаԥҳа. Ашьҭахь иара далыргеит Гәдоуҭаҟа, уинахыс Пицунда дыҟан. Аҽшьра иақәикын, аха џьашьахәшәа деиқәхеит.

Сажәа хсыркәшар сҭахуп уи аибашьра асакьаҳәымҭазы, апоет уаҳа ԥсыхәа анимоуӡа, иҩызцәа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рахь ииҩыз "Ауасиаҭ ацынхәрас" захьӡу ашәҟәы ала. Ари трагедиоуп, хлымӡаахуп, аха апоетцәа дуқәа аӡәырҩы уи алахьыҵа изахымԥаз ыҟоуп, уи азы, дара рыхьӡ, раҳаҭыр изакәызаалак акы изаԥырхагахом, рыжәлар рҿы рыҷкәынцәа ԥхьагылаҩцәа шракәу иаанхоит.

АУАСИАҬ АЦЫНХӘРАС АԤСУА ШӘҞӘЫҨҨЦӘА РАХЬ

"Ари — хаҵарам, аха ишакәхалак аԥсҭазаара ахьынҳалара, сҽеиқәсырхоит ҳәа ауаа рыргәаҟрагьы хаҵарам. Ақырҭқәа гьангьашрыла Аԥсны ианақәла нахыс сычмазаҩны аиарҭа сылан Аҟәа. Апрель 1 азы ҳахьынхо аҩны иақәшәаз аснариад аԥҽыхақәа сыԥшәма – ашҭаҿы лҩызцәа рыгәҭа дыштәаз – дкылкаан илаахан еиқәырхашьа лмоуит. Уи лҭахара сыбжа агеит, сыԥсы зкыз, счымазарақәа ирақәԥо саазгоз уи аӡә заҵәык лакәын.

Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2020
... Сара исҭаху иара иаздыруам, иара иаҭаху сара исыздыруам – Алықьса Гогәуа

Урҭкәа заҳаз, еилызкааз А. Гогәуа ашәҟәы сзиҩын, Гәдоуҭаҟа сааргеит, Нелли Џьонуеи Аниа Кәарҷелиеи сыҵагыланы.

Уантәи Пицунда сахьааз даара ибзиан срыдыркылеит. А. Барцыц лкабинет ҭарцәны исылҭеит. Сгәылацәа – апоет М. Миқаиа, иҭаацәа, Жора Сангәлиа иҭаацәеи иареи, Еҭери Думааԥҳа сыгәцаракны срыман, сыԥҳа Еҭери џьара данцалак, исхылаԥшуан, сырҷаԥшьон. С.В. Гадлиа раԥхьа днаргыланы, аҳақьымцәа сыхәышәтәра иаҿын.

Аха хәшәы мацарала иабанӡа? Сшьапқәа сныҟәыргом, сарӷьа напы аҩара иаҿуп, сгәыхь, сшьақәыӷәӷәара – зегьы еиқәызыԥхьаӡода?!

Аԥсны ареспублика аиҳабыра сшаазҵәҟьа ацхыраара сырҭеит. Уахьала акы сыгмызт, агәабзиара ада!

Гәабзиарала убас сҟалеит. Схала аӡәы дсыцымкәа хара сызцом, сыбла иабом.

Абри аҟара зеиқәсыԥхьаӡо ииашан сеилышәкаарц азы ауп. Уаҳа царҭа змам аҟны сааины сааҭагылеит.

Сара исҩызцәома (73 шықәса сырҭысуеит), иреиӷьу аҿар аҭахара иаҿуп, Аԥсны ахақәиҭраз иқәԥо. Сара стәы закәузеи?!

Народная артистка Абхазии Этери Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2018
Аԥсуа театр аҳкәажәцәа иреиуаз

Саҭашәымҵан иҟасҵаз ашьаҿазы.

Нагӡара ақәыз зхы иақәиҭу Аԥсны!

Нагӡара иқәзааит В.Г. Арӡынба – аԥсуа жәлар рҵеи иаша!

Аԥсра рықәыз ақырҭуа фашистцәа!

Сгәы иалагәышьоуп абри аиԥш аамҭаз сцара...

Акызаҵәык ауп — иҟоу иароуп,

Сыԥсадгьыл хазына Аԥсны!

...Адунеи, еҳ, иуаароуп,

Егьаҩы аҩнаххьеит, ирыхнаххьеит рыԥсы...

Саҭамыз!

И. Ҭарба. Пицунда."

Ажәабжьқәа зегьы
0