Апарад иалахәын Урыстәыла Аладатәи арратә округи Атәылахьчара аминистрреи рыррамаҵзурауаа. Аруаа рыдагьы, уи иалахәын Аԥсны ААР, АҶА, Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа рколоннақәагьы. Зынӡа иҟан 17 парадтә гәыԥ - иааидкыланы 600-ҩык инареиҳаны аруаа. Раԥхьатәи аколонна Аԥсны Абираҟи Атәылахьчара аминистрра Абираҟи рыманы апарад ианысит. Агәырӷьаратә марш адырҳәеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аоркестр. Апарад аҟны иарҳәан Урыстәыла агимн. Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа еиҿкаан адәынтәи акрыфара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аԥсны- афотосахьақәа
Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аҟәа имҩаԥысит