"Ԥсра зқәым архәҭа", апарад: Аиааира Ду 76 шықәса ахыҵра шазгәарҭаз Аҟәа

Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аиааира 76 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа имҩаԥган апарад, еиҿкаан акциа "Ԥсра зқәым архәҭа".

Апарад иалахәын Урыстәыла Аладатәи арратә округи Атәылахьчара аминистрреи рыррамаҵзурауаа. Аруаа рыдагьы, уи иалахәын Аԥсны ААР, АҶА, Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа рколоннақәагьы. Зынӡа иҟан 17 парадтә гәыԥ - иааидкыланы 600-ҩык инареиҳаны аруаа. Раԥхьатәи аколонна Аԥсны Абираҟи Атәылахьчара аминистрра Абираҟи рыманы апарад ианысит. Агәырӷьаратә марш адырҳәеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аоркестр. Апарад аҟны иарҳәан Урыстәыла агимн. Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа еиҿкаан адәынтәи акрыфара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0