Арадио

Џьонуа Кәыдры аҩхааҟны инхо рзы: рхыԥхьаӡара есышықәса аҽаԥсахуеит

Гәылрыԥшь араион Ажара акыҭа ахада Сергеи Џьонуа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит Кәыдры аҩхааҟны инхо ирымоу ауадаҩрақәа, ирыбзазшьоу атәы.
Sputnik
Џьонуа Кәыдры аҩхааҟны инхо рзы: рхыԥхьаӡара есышықәса аҽаԥсахуеит

"…Аизара ыҟан, уаа 60-ҩык анхацәа алахәын. Аҳәынҭқарра ахада ихьӡала, апарламент ахьӡала, ауаҩы изинқәа зыхьчо лыхьӡала ақьаадқәа ҳашьҭит ара инхо ауаа рыхьӡ зҳәо ашәҟәқәа рырҭарц. Макьана иҟало ҳаздыруам, ҩымчыбжьаҟа ҵоит. Ҳзыҳәо - анхаразы ашәҟәы рырҭарц ауп. Азакәан ус еиԥш ианыҟарҵоз Гали Тҟәарчали инхо рыда егьырҭ араионқәа рҟны инхо аҵанакӡом. Ириашатәуп уи, аха ишыҟало сыздыруам…Ара инхо иҟоуп Қырҭтәыла иатәылауаау, иатәылауаам, ажәытә ҳаибашьра ҟалаанӡа ирымаз апаспортқәа роуп, уаҳа акгьы змам ыҟоуп", - иҳәеит Џьонуа.

Иара иазгәеиҭеит Кәыдрытәи аҩхааҟны инхо рхыԥхьаӡара есышықәса аҽшаԥсахуа, шықәсык ҩба-хԥа ҭаацәа ықәҵны Қырҭтәылаҟа ишцо.

Шәазыӡырҩы аудио.