Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьонуа Ажара инхо иахьатәи рыбзазашьа иазкны
"…Аизара ыҟан, уаа 60-ҩык анхацәа алахәын. Аҳәынҭқарра ахада ихьӡала, апарламент ахьӡала, ауаҩы изинқәа зыхьчо лыхьӡала ақьаадқәа ҳашьҭит ара инхо ауаа рыхьӡ зҳәо ашәҟәқәа рырҭарц. Макьана иҟало ҳаздыруам, ҩымчыбжьаҟа ҵоит. Ҳзыҳәо - анхаразы ашәҟәы рырҭарц ауп. Азакәан ус еиԥш ианыҟарҵоз Гали Тҟәарчали инхо рыда егьырҭ араионқәа рҟны инхо аҵанакӡом. Ириашатәуп уи, аха ишыҟало сыздыруам…Ара инхо иҟоуп Қырҭтәыла иатәылауаау, иатәылауаам, ажәытә ҳаибашьра ҟалаанӡа ирымаз апаспортқәа роуп, уаҳа акгьы змам ыҟоуп", - иҳәеит Џьонуа.
Иара иазгәеиҭеит Кәыдрытәи аҩхааҟны инхо рхыԥхьаӡара есышықәса аҽшаԥсахуа, шықәсык ҩба-хԥа ҭаацәа ықәҵны Қырҭтәылаҟа ишцо.
Шәазыӡырҩы аудио.