Аҟәа амҩақәа руак аҿы атранспорт аныҟәара ԥкхоит

Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы акоммуникациақәа рымҩангара инадҳәаланы атранспорт ныҟәара ԥкхоит ақалақь амҩақәак рҿы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Лаҵара 12 рзы Аҟәа атранспорт ныҟәара ԥкхоит аинрал Дбар имҩаҿы. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Атранспорт аусура аԥкра Аинвистициатә программала аӡымҩангагақәа рышьҭаҵара иадҳәалоуп. Ашьыжь асааҭ 9:00 инаркны имҩаԥгахоит.

Аныҟәара нкылахоит иара убасгьы Ӡиӡариа имҩаҟынтә Бубнова лымҩаҟынӡа аихысырҭақәа рҿы.