Урыстәылатәи атуристцәа аԥснытәи аиқәырхаҩцәа рыҽрымардеит

Лаҵара 12 асааҭ 11:20 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан атуристцәа ргәыԥ рхала ашьхараҟынтә илбаарц ишаҿу, аха руаӡәк ацхыраара иҭахны дшыҟоу.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Гәымсҭа ахыхьынтә илбаауаз урыстәылатәи атуристцәа ргәыԥ хада аԥснытәи аиқәырхаҩцәа ҭелла рыҽрымардеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа урыстәылатәи атурист ашьхарантә илбаагараҿ ицхрауеит

Лаҵара 12 асааҭ 11:20 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан атуристцәа ргәыԥ рхала ашьхараҟынтә илбаарц ишаҿу, аха руаӡәк ацхыраара иҭахны дшыҟоу.

Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа атуристцәа ркоординатқәа рыҭан, аха иарбаз аҵакыра ахаԥраараан аӡәгьы дрымбеит. Амш зегьы аиқәырхаҩцәа атуристтә гәыԥ рыԥшаара иаҿын Гәымсҭа ахахьы.

АҶА адыррақәа рыла атуристцәа рҭагылазаашьа шәарҭам. Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥ атуристцәа ирԥыларц амҩа иқәлеит. Агәыԥи дареи АҟәаГЕС ааигәара еиԥылароуп.

Гәымсҭа ахахьы атуристцәа руаӡәк дныжьуп, аиқәырхаҩцәеи агәыԥи реиԥылара ашьҭахь ԥхьаҟатәи аусқәа рымҩаԥгашьа ӡбахоит.

Агәыԥ иалахәуп Нижни Тагил, Екатеринбург, Челиабинск, Санкт-Петербург рҟынтәи атуризм абзиабаҩцәа.