"Тҟәарчал аԥсшьаҩцәа ҩеит": ақалақь аҩбатәи аԥсҭазаара

Тҟәарчал ақалақь аԥхын мацарагьы акәымкәа аӡынгьы аԥсшьаҩцәа аҭаартә аҟаҵара алшоит ҳәа агәаанагара лымоуп Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik

Зегьы иашьцылахьеит аҳәара "анаурқәа рықалақь", ма "иԥсхьоу ақалақь" ҳәа, аха ус еиԥш зҳәо Тҟәарчал ззымдыруа, ма знык ада изымбац роуп. Иара ақалақь иаланхои уи иалиаази уи аҩыза аҳәаразы рыбз рзаарҳәуам, урҭ ргәыбылра хазуп, рыла иабо даҽакуп.

Аҟармаратәи аџьашьахәқәа хԥа: Тҟәарчал иаԥну аӡхыҽҽақәа

Ихараӡоу аамҭақәа рзы, "Тҟәарчал адәыӷба ҩеит" ҳәа Дырмит Гәлиа иажәабжь аниҩуаз, раԥхьатәи адәыӷбамҩангагатә мҩа уахь ианҩарга, арацәа аҵхратә ашахтақәеи азауадқәеи аус аныруаз, Тҟәарчал аиндустриатә қалақь ҳәа иԥхьаӡан. Аԥсны ахы-аҵыхәа зегьы аҟынтәи ауаа ааны аус руан, аԥсҭазаара аџьџьаҳәа еилашуан. Аха нас Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра, 28 шықәса уаҳа ирызмырҿыцыз ақалақь, ақалақьуаа уахь анхара ихынҳәыртә еиԥш изеиҭашьақәмыргылахаз.

Аха ус шакәугьы, абна зхыҵәаз аҩнқәа шеиҳаугьы, тҟәарчалаа ирымоу амаҷгьы алагәырӷьашьа рдыруеит. Убас еиҭарҿыцны рхаҿқәа дырԥшӡеит ақалақьтә школқәеи ахәыҷбаҳчақәеи, Тҟәарчалтәи акультуратә ҩны азал, ақалақьтә хәышәтәырҭа. Ақалақь иаҭаауа игәаимҭарц залшом, уи хәыҷ-хәыҷы аҿыхара ишаҿу, аҩбатәи аԥсы шахало.

Жәашықәса раԥхьа Тҟәарчал ақалақь уалсырц азы, ма ҵаҟатәи ацҳа аҟынтәи аџьармыкьа аҟынӡа унеирц азы, мамзаргьы ашкол ахь ацаразы шьапыла аныҟәара ада даҽа мҩак умбозҭгьы, иахьа ақалақь иалоуп ауаа мҩанызго амашьына ласқәа (атакси). Уи аҭахра шамоугьы убоит, ауаа лассы-лассы рхы иадырхәоит ашықәс аҩныҵҟа зегьы, аиҳарак аԥхынтәи аамҭазы арҭ амашьына ласқәа русура еиҳахоит, избанзар аԥхынтәи аамҭазы ақалақь иаҭауаа иалагеит аԥсшьаҩцәа.

Иазгәаҭатәуп асовет аамҭа азынгьы Тҟәарчал аԥсшьаҩцәа маҷымкәа ишаҭаауаз, аиҳаракгьы урҭ зҭаауаз аӡырԥхақәа ракәын, аҽыхәышәтәраз иаауаз рацәаҩын, тҟәарчалтәи аӡқәа ауаҩы игәабзиара еиӷьнатәуеит ҳәа иԥхьаӡаны. Иахьагьы арҭ аӡырԥхақәа ҿыцла рактуалра цәырҵуа иалагеит аԥсшьаҩцәа рыбжьара. Иара убас иаадыртит амҩа ҿыцқәа тҟәарчалтәи (Хәаџьалтәи) аӡхыҽҽақәа рахь.

Сынтәа аԥхынтәи аныҟәарақәа заа ихацыркхеит ҳәа уҳәар алшоит. Уажәааны Тҟәарчал арсҟаҩык аԥсшьаҩцәа ԥхыӡла иабаргьы иазхаҵарымызт. "Тҟәарчал аԥсшьаҩцәа ҩеит" ҳәа ақалақьуаа лафла еибырҳәоит, урҭ рхаҿы иҿыцу гәыӷрак анубаалоит, ақалақьуаа аусурҭатә ҭыԥқәа рзаатуеит, макьана урҭ рхыԥхьаӡара шмаҷугьы агәыӷра ыҟоуп еиҳахап ҳәа. Аԥсшьаҩцәа рзын акәзар, Тҟәарчал "уаҩ ишьапы зқәымсыц адгьыл" иаҩызоуп, ауаа рылахь еиқәызҵо арбгарақәа дара рзы екзотикак иаҩызоуп.

Ақалақьуаагьы рылахьеиқәра наҟ иныԥхьакны урҭ аҭыԥқәа даҽакала ирызнеиуа иалагеит, акәша-мыкәша дрыцқьоит, аҽҭыхра зҭаху ааигәа дызнеиртә еиԥш акы дамфакәа, ирхашҭхьаз амҩақәа рҿгьы аҩырақәа дыргыло иалагеит.

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьынџьал аӡынразы Тҟәарчал араион аԥсшьаҩцәа раҭааразы

Аӡхыҽҽақәа урзааигәахацыԥхьаӡа иубоит ана-ара зыҩнқәа ирдәылҵыз анхацәа ршәыр-рқәыр аҭиразы идәылызго.

Тҟәарчалаа рзы еснагь ирҳәоит урҭ ҽа шьоукы ирыламҩашьо ишыҟоу, рхатә ҟазшьа, рхатә цәажәашьа шрымоу, аԥсшьаҩцәа рахьгьы урҭ рхатә знеишьа аадырԥшуеит, уи атәы азгәарҭоит дара аԥсшьаҩцәа рхаҭақәагьы.

Ақалақь аԥхын мацарагьы акәымкәа аӡынгьы аԥсшьаҩцәа аҭаартә аҟаҵара алшоит, уи азы аҭагылазаашьа аԥҵазар, амҩақәа ҟаҵазар. Аԥсабара аԥшӡара ауаҩ ибла хнакуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: