https://sputnik-abkhazia.info/20200626/Aarmarati-akhyaa-ashakhtiort-abla-ashara-1030416154.html
Аҟармаратәи аӡхыҽҽақәа: ашахтиортә ҳабла аԥшӡара
Аҟармаратәи аӡхыҽҽақәа: ашахтиортә ҳабла аԥшӡара
Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал, ашахтиортә ҳабла Аҟармара х-ӡхыҽҽак ыҟоуп – "Иԥшьоу", "Ирина", "Адау". Ақалақь Тҟәарчалынтә аԥсабаратә цәырҵрақәа рҟынӡа 12 километр бжьоуп. 26.06.2020, Sputnik Аҧсны
2020-06-26T16:01+0300
2020-06-26T16:01+0300
2020-06-26T16:02+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103038/54/1030385431_0:0:3072:1739_1920x0_80_0_0_08b960bad49dd8088d1803b63db78baf.jpg
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2020
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103038/54/1030385431_0:0:3072:1931_1920x0_80_0_0_2321e27798bbe009a50c4b56f10b6572.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, афотосахьақәа
Аҟармаратәи аӡхыҽҽақәа: ашахтиортә ҳабла аԥшӡара
16:01 26.06.2020 (ирҿыцуп: 16:02 26.06.2020) Тҟәарчал, ашахтиортә ҳабла Аҟармара х-ӡхыҽҽак ыҟоуп – "Иԥшьоу", "Ирина", "Адау". Ақалақь Тҟәарчалынтә аԥсабаратә цәырҵрақәа рҟынӡа 12 километр бжьоуп.
"Адау" Аԥсны иҟоу аӡхыҽҽақәа зегь реиҳа идууп ҳәа иԥхьаӡоуп, уи аура 100-метрак иреиҳауп. Аӡхыҽҽақәа Аалӡга аӡиас ашьхантә иалало аӡымахәҭа иарҿиоит, дара-дара еишьҭагылоуп. "Ирина" аура 40 метра иҟоуп. "Иԥшьоу" -38.
Аԥсшьаҩцәа рзы аӡхыҽҽақәа рахь амҩа аартын 2016 шықәсазы.

Ашахтиортә ҳабла Аҟармара х-ӡхыҽҽак ыҟоуп – "Иԥшьоу", "Ирина", "Адау".
Аҭыхымҭаҟны: аӡхыҽҽақәа рымҩахь арбага.

"Адау"- зегь реиҳа идуу аԥснытәи ӡхыҽҽоуп.

Аура 100-метрак иреиҳауп.

"Адау" инацәыхарамкәа иҟоуп даҽа ӡхыҽҽак "Ирина". Дара рахь аԥсшьаҩцәа рзы амҩа аартын 2016 шықәсазы.

Аӡхыҽҽақәа Аалӡга аӡиас ашьхантә иалало аӡымахәҭа иарҿиоит.

"Адау" ацаҟьа иагәылсуеит.

"Ирина" аӡхыҽҽахьы уназго амҩахәасҭа.

Аҟармара ирацәоуп аӡхыҽҽа маҷқәеи акәарҷҷақәеи.

Аӡхыҽҽақәа дара-дара еишьҭагылоуп.

Аалӡга аӡиаси уаҟа иху ацҳа хәыҷи убла иаахгылоит аҟармаратәи аӡхыҽҽақәа рахь уанцо.

"Иԥшьоу " аӡхыҽҽа аҿаԥхьа акаҳуажәырҭа аартуп.

Аӡхыҽҽа "Ирина" аура 40 метра иҟоуп.

Аӡхыҽҽа "Иԥшьоу" аура 38 метра иҟоуп.


Аӡхыҽҽақәа рахь анеира уадаҩуп – шьапыла, ма ишьҭыху машьынала унаӡартә иҟоуп.