Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат ахәбатәи атур иалагеит

Акомандақәа ааба злахәу ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат мҩаԥысуеит мшаԥымза инаркны абҵарамзанӡа, аԥхынра бжьажьны.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik. Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат ахәбатәи атур иалагоит астадион "Динамо" аҿы лаҵара 18 рзы. Еиԥылоит аҟәатәи "Динамои" гәдоуҭатәи "Риҵеи". Ахәмарра иалагоит асааҭ 17:00 рзы ҳәа аанацҳауеит ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа.

Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аԥшьбатәи атур хыркәшоуп

Атурқәа ԥшьба рышьҭахь аҩкомандакгьы еиҟароу аочкоқәа рымоуп: жәба-жәба. Иара убриаҟара очко рымоуп акомандақәа – "Гагра", "Нарҭ".

Уаҵәы, х-баллк змоу "Афони" "Нарҭи" еиԥылараны иҟоуп.

Лаҵара 20 рзы атурниртә таблицаҿ аԥхьа игылоу "Гагра" Даур Ахвледиани ихьӡ зху астадион аҟны иацыхәмаруеит ачемпионат аутсаидер "Самырзаҟан".

Ахәбатәи атур хыркәшахоит цандрыԥшьтәи "Саӡи" тҟәарчалтәи "Шахтери" реицыхәмаррала. Ахәмарра мҩаԥгахоит лаҵара 21 азы, Гагра, Даур Ахвледиани ихьӡ зху астадион аҟны.