Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аԥшьбатәи атур хыркәшоуп

CC0 / / Футбольное поле
Футбольное поле - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2021
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Аԥсны XXVIII ачемпионат иалахәуп аа-командак атәыла араионқәа зегь рҟынтәи. Ачемпионат мҩаԥысуеит мшаԥымза инаркны абҵарамзанӡа.

АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аԥшьбатәи атур ахәмаррақәа зегьы хыркәшоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа.

Атур хыркәшан "Самырзаҟани" цандрыԥшьтәи "Саӡи" акомандақәа реицыхәмаррала. Ари аматч аԥхьа арҭ акомандақәа кәаталак-кәаталакгьы рымаӡамызт, уи аԥхьа имҩаԥыргахьаз х-хәмаррак лҵшәадан, иаҵахахьан. "Самырзаҟани" "Саӡи" реицыхәмарра 1:1 ҳәа ихыркәшан.

Таращ Хагба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Ҭарашь Ҳагба Аԥсны ашьапылампыл азы: аҿиарамҩа ианылароуп

Аԥшьбатәи атур хацыркын лаҵара 11 тҟәарчалтәи "Шахтиори" аҟәатәи "Диамои" реиԥыларала. Ахәмарра мҩаԥысуан Витали Дараселиа ихьӡ зху Очамчыратәи астадион аҟны. "Шахтиор" аиааира агеит, мпылк амба иҭаиршәит Даид Логәуа.

Лаҵара 12 рзы Леуа Ажьиба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи астадион аҟны еицыхәмаруан "Риҵеи" "Афони", рыҩкомандак ахԥатәи атур аҟны риааирақәа маҷын. Гәдоуҭатәи ашьапылампыласцәа рзы ари ахәмарра беиан, 5:0 ҳәа аиааира ргеит.

Лаҵара 13 рзы астадион "Динамо" аҟны аԥшьбатәи атур аҵыхәтәантәи ахәмарра мҩаԥган, адәы аҟны еиқәшәеит "Нарҭи" "Гагреи". Гагратәи акоманда аҳҭнықалақь акоманда 2:0 ҳәа иаиааит.

XXVIII ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат иалахәуп акомандақәа ааба: "Саӡ" – Цандрыԥшь, "Гагра" – Гагра, "Афон" – Афон ҿыц, "Риҵа" – Гәдоуҭа, "Динамо" – Аҟәа, "Нарҭ" – Аҟәа, "Самырзаҟан" – Гал, "Шахтиор" – Тҟәарчал. Ачемпионат мҩаԥысуеит мшаԥы 20 инаркны абҵарамзанӡа. Актәи аикәшара мҩаԥысуеит рашәарамзанӡа, аԥхынра ахәмаррақәа аанкылазаауеит, аҩбатәи аикәшара – цәыббрамзазы иалагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0