Аԥсни Шьамтәылеи рбаӷәазақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, атехникатә, акультуратә усеицуразы аԥсуа-шьамтәылатә еилакы актәи аилатәара мҩаԥысит Дамаск лаҵара 18 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Аԥсни Шьамтәылеи рнапы аҵарҩит рбаӷәазақәа русеицуразы аиқәшаҳаҭреи Атуризм аусх аҟны аусеицуразы аиқәшаҳаҭреи. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аекономика аминистрра асаит.

Аԥсуа ган напхгара азылуеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, шьамтәылатәи аган - аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр д-р Мухаммад Самер Аль-Халиль.

Аԥсни Шьамтәылеи рбаӷәазақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Аганқәа еибырҳәеит Аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, атехникатә, акультуратә усеицуразы аԥсуа-шьамтәылатә еилакы анаҩстәи аилатәара Аҟәа имҩаԥыргарц.

Аԥсны-Шьамтәылатә еиҳабырабжьаратә комиссиа аусура иалагеит

Аԥсуа-шьамтәылатәи еилакы аԥҵан Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи реиҳабырақәа аҩтәылак реиҩызареи русеицуреи арӷәӷәаразы, аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, атехникатә акультуратә еимадарақәа рырҿиаразы 2018 шықәса цәыббрамзазы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.

Аслан Бжьаниа напхгара зиҭо аԥснытәи аделегациа авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩаша лаҵара 18 рзы ишьақәырӷәӷәан аҩтәылак рпарламентқәа рыбжьара аиҩызаратә гәыԥ, уи иалалеит шьамтәылатәи адепутатцәа 15-ҩык, иара убас уи аҽны Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата абзоурала иаартын Аԥсны ахәаахәҭратә ҩны.

Аслан Бжьаниеи Башар Асади Шьамтәыла еиԥылеит

Лаҵара 18 рзы Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа диԥылеит Шьамтәыла Жәлар рхеилак аиҳабы Хаммуд Сабаҳ. Ари аиԥылараҿы нап аҵаҩын аҩтәылак рпарламентбжьаратә усеицуразы аиқәшаҳаҭра.

Sputnik аинтервиу азҭаз апарламентари Левон Галустиан иажәақәа рыла, ари аиқәшаҳаҭра Аԥсны Апарламент егьырҭ атәылақәа рпарламентқәеи иареи ирыбжьарҵало иаабац еиқәшаҳаҭроуп. Уи инақәыршәаны азакәанԥҵараҿы аԥышәа еимырдалоит, аделегациақәа еиҭанеиааилоит.