Аԥсни Шьамтәылеи рбаӷәазақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

© Foto / Министерство Экономики РАКристина Озган подписала Соглашение о сотрудничестве между сирийскими и абхазскими портами
Кристина Озган подписала Соглашение о сотрудничестве между сирийскими и абхазскими портами - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Анапаҵаҩра
Аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, атехникатә, акультуратә усеицуразы аԥсуа-шьамтәылатә еилакы актәи аилатәара мҩаԥысит Дамаск лаҵара 18 рзы.

АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Аԥсни Шьамтәылеи рнапы аҵарҩит рбаӷәазақәа русеицуразы аиқәшаҳаҭреи Атуризм аусх аҟны аусеицуразы аиқәшаҳаҭреи. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аекономика аминистрра асаит.

Аԥсуа ган напхгара азылуеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, шьамтәылатәи аган - аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр д-р Мухаммад Самер Аль-Халиль.

© Foto / Министерство Экономики РААԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Шьамтәыла аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр д-р Мухаммад Самер Аль-Халили.
Аԥсни Шьамтәылеи рбаӷәазақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Шьамтәыла аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр д-р Мухаммад Самер Аль-Халили.

Аганқәа еибырҳәеит Аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, атехникатә, акультуратә усеицуразы аԥсуа-шьамтәылатә еилакы анаҩстәи аилатәара Аҟәа имҩаԥыргарц.

Кристина Озган подписала Соглашение о сотрудничестве между сирийскими и абхазскими портами - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Аԥсны-Шьамтәылатә еиҳабырабжьаратә комиссиа аусура иалагеит

Аԥсуа-шьамтәылатәи еилакы аԥҵан Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи реиҳабырақәа аҩтәылак реиҩызареи русеицуреи арӷәӷәаразы, аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, атехникатә акультуратә еимадарақәа рырҿиаразы 2018 шықәса цәыббрамзазы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.

Аслан Бжьаниа напхгара зиҭо аԥснытәи аделегациа авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩаша лаҵара 18 рзы ишьақәырӷәӷәан аҩтәылак рпарламентқәа рыбжьара аиҩызаратә гәыԥ, уи иалалеит шьамтәылатәи адепутатцәа 15-ҩык, иара убас уи аҽны Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата абзоурала иаартын Аԥсны ахәаахәҭратә ҩны.

Официальная встреча Президентов Республики Абхазия и Сирийской Арабской Республики Аслана Бжания и Башара Аль-Асада - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2021
Аслан Бжьаниеи Башар Асади Шьамтәыла еиԥылеит

Лаҵара 18 рзы Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа диԥылеит Шьамтәыла Жәлар рхеилак аиҳабы Хаммуд Сабаҳ. Ари аиԥылараҿы нап аҵаҩын аҩтәылак рпарламентбжьаратә усеицуразы аиқәшаҳаҭра.

Sputnik аинтервиу азҭаз апарламентари Левон Галустиан иажәақәа рыла, ари аиқәшаҳаҭра Аԥсны Апарламент егьырҭ атәылақәа рпарламентқәеи иареи ирыбжьарҵало иаабац еиқәшаҳаҭроуп. Уи инақәыршәаны азакәанԥҵараҿы аԥышәа еимырдалоит, аделегациақәа еиҭанеиааилоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0