АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 260-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 24-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 51-ҩык, урҭ рахьтә 41-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 25-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 26-ҩык апациентцәа, рҭагылазаашьа бааԥсуп хәҩык. Очамчыра ирхәышәтәуеит 16-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 17-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>